Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Амузыкатә фестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит" аатуеит Аҟәа, ԥхынгәы 15 рзы

© Foto / предоставила Хибла ГерзмаваХибла Герзмава
Хибла Герзмава - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.07.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 2 Sputnik. Амузыкатә фестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит" аатуеит Аҟәа, ԥхынгәы 15 рзы.
Апрограммаҟны иҟоуп хә-концертк:
Ԥхынгәы 15 рзы Аҟәа, Атеатр ашҭаҿы Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь диижьҭеи 75 шықәса аҵра иазкны иқәгылоит Хьыбла Гьерзмааԥҳаи, Маритәи атеатр асолистцәеи, асимфониатә оркестри, адирижиор, Урыстәыла жәлар рартист Валери Гергиеви.
Ԥхынгәы 20 рзы Пицундатәи ауахәамаҿы — Хьыбла Гьерзмааԥҳа Чаиковски ихьӡ зху аконсерваториаҟны лыкласс аконцерт.
Нанҳәа 16 рзы Аԥсуа драматә театр аҿы — аконцерт "Где-то далеко, в памяти моей…". Хьыбла Гьерзмааԥҳа иналыгӡоит 1940–1970-шықәсқәа рызтәи ашәақәа, лара илыцнаигӡоит Олег Аккуратов.
Нанҳәа 18 рзы Бедиатәи ауахәамаҿы — Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса иазкны Хьыбла Гьерзмааԥҳаи Академиатә хор Ду "Мастера хорового пениеи" рықәгылара.
Нанҳәа 20 рзы Аҟәа, Атеатр ашҭаҿы иқәгылоит Хьыбла Гьерзмааԥҳа, Игор Бутман (саксофон), аџьаз-бенд Сергеи Макеев инапхгарала.
Аҽа ф-концертки аҟазаратә-классқәеи Урыстәыла ақалақьқәа рыҟны имҩаԥысуеит, ҩба – Китаи.
2001 шықәсазы Жәларбжьаратәи амузыкатә фестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит…" аԥылҵеит адунеи аҟны еицырдыруа аԥсуа оператә шәаҳәаҩы, Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартист Хьыбла Гьерзмааԥҳа.
Ажәабжьқәа зегьы
0