Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥшӡара, агьама, агәыкра: иссиру ҳаушьҭымҭацәа

Анапаҵаҩра
Аԥсны ашколқәа роушьҭымҭацәа рыхәылԥазқәа мҩаԥысит. Аҟәа аԥшаҳәа уаақәлар, есыхәылбыҽха аӡә иаҵкьыс аӡә деиӷьны аҿар уԥылон, иршәыз-ирхаз, ишеибыҭаз - уахьыԥшра узымдыруа иԥшӡан, убла хыркуан. Ихәыҷқәоуп ҳәа ҳашрыхәаԥшуаз дара арҭ амшқәа рзы еиқәтәа-еиқәгыла иаацәырҵит.
Сынтәа Аԥсны ашколқәа ирылгеит 1900-ҩык аушьҭымҭацәа. Урҭ рыбжьара хьтәы медалла иалгаз жәҩык ыҟоуп, раӡныла - хҩык.
Урҭ рахьтә аӡәырҩы ирыӡбахьеит рыԥсҭазаара ззыркуа, адкыларатә ԥышәарақәагьы ирхысхьеит.
Sputnik афотолентаҿы ишәзеизаҳгеит зхы-зҿы зхалашо, зыԥсынҵры духаша ҳҿар-ҳаушьҭымҭацәа.
© Sputnik / Томас Тхайцук

Рашәарамзеи ԥхынгәымзеи ианреимакыроу аушьҭымҭацәа рыхәылԥазқәа ираамҭоуп.

Рашәарамзеи ԥхынгәымзеи ианреимакыроу аушьҭымҭацәа рыхәылԥазқәа ираамҭоуп. - Sputnik Аҧсны
1/27

Рашәарамзеи ԥхынгәымзеи ианреимакыроу аушьҭымҭацәа рыхәылԥазқәа ираамҭоуп.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ашколхәыҷқәа раҳасабала аҵыхәтәантәи рыхәылԥаз ҭакԥхықәрала иазнеиуеит, аамҭа акыр шыбжьоу аҽазыҟаҵара иалагоит, иршәырҵо-ирхарҵо иашьҭалоит.

Ашколхәыҷқәа раҳасабала аҵыхәтәантәи рыхәылԥаз ҭакԥхықәрала иазнеиуеит, аамҭа акыр шыбжьоу аҽазыҟаҵара иалагоит, иршәырҵо-ирхарҵо иашьҭалоит. - Sputnik Аҧсны
2/27

Ашколхәыҷқәа раҳасабала аҵыхәтәантәи рыхәылԥаз ҭакԥхықәрала иазнеиуеит, аамҭа акыр шыбжьоу аҽазыҟаҵара иалагоит, иршәырҵо-ирхарҵо иашьҭалоит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аҭыԥҳацәа амодаҿы иҟоу аҵыхәтәантәи аиҭакрақәа ирыцклаԥшуеит, адунеи аҿы еицырдыруа ауаа рышәҵатәы џьашьахәқәа арбақәану ҭырҵаауеит.

Аҭыԥҳацәа амодаҿы иҟоу аҵыхәтәантәи аиҭакрақәа ирыцклаԥшуеит, адунеи аҿы еицырдыруа ауаа рышәҵатәы џьашьахәқәа арбақәану ҭырҵаауеит. - Sputnik Аҧсны
3/27

Аҭыԥҳацәа амодаҿы иҟоу аҵыхәтәантәи аиҭакрақәа ирыцклаԥшуеит, адунеи аҿы еицырдыруа ауаа рышәҵатәы џьашьахәқәа арбақәану ҭырҵаауеит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Арԥарцәа ракәзаргьы, акала иаҵахом, аӡәырҩы аклассикатә шәҵатәы алырхуеит, аха убри аан аӡәы излаиеиԥшымхаша акы адыргалоит.

Арԥарцәа ракәзаргьы, акала иаҵахом, аӡәырҩы аклассикатә шәҵатәы алырхуеит, аха убри аан аӡәы излаиеиԥшымхаша акы адыргалоит. - Sputnik Аҧсны
4/27

Арԥарцәа ракәзаргьы, акала иаҵахом, аӡәырҩы аклассикатә шәҵатәы алырхуеит, аха убри аан аӡәы излаиеиԥшымхаша акы адыргалоит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аклассикатә маҭәа зшәызҵо аҭыԥҳацәа рхы-рҿы дырхиоит абжьааԥнеиԥш акәымкәа, голливудтәи аеҵәахәқәа роума уҳәаратәы, урҭ уадаҩрада иреиканыргьы рылшоит.

Аклассикатә маҭәа зшәызҵо аҭыԥҳацәа рхы-рҿы дырхиоит абжьааԥнеиԥш акәымкәа, голливудтәи аеҵәахәқәа роума уҳәаратәы, урҭ уадаҩрада иреиканыргьы рылшоит. - Sputnik Аҧсны
5/27

Аклассикатә маҭәа зшәызҵо аҭыԥҳацәа рхы-рҿы дырхиоит абжьааԥнеиԥш акәымкәа, голливудтәи аеҵәахәқәа роума уҳәаратәы, урҭ уадаҩрада иреиканыргьы рылшоит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аԥсны аԥштәеиқәаҵәа бзиа ирбоит, ишакәхалакгьы, уи уҭнагоит ҳәа иԥхьаӡаны.

Аԥсны аԥштәеиқәаҵәа бзиа ирбоит, ишакәхалакгьы, уи уҭнагоит ҳәа иԥхьаӡаны. - Sputnik Аҧсны
6/27

Аԥсны аԥштәеиқәаҵәа бзиа ирбоит, ишакәхалакгьы, уи уҭнагоит ҳәа иԥхьаӡаны.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ахьҩежьԥштәи аиқәаҵәеи еидкыланы иушәуҵар еиӷьымзар, еицәам.

Ахьҩежьԥштәи аиқәаҵәеи еидкыланы иушәуҵар еиӷьымзар, еицәам.  - Sputnik Аҧсны
7/27

Ахьҩежьԥштәи аиқәаҵәеи еидкыланы иушәуҵар еиӷьымзар, еицәам.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Иацы школмаҭәала еибыҭаны партак еицахатәаз ахәыҷқәа иахьа иааузымдырратәы ирызҳаны ҳаԥхьа иаагылеит.

Иацы школмаҭәала еибыҭаны партак еицахатәаз ахәыҷқәа иахьа иааузымдырратәы ирызҳаны ҳаԥхьа иаагылеит.  - Sputnik Аҧсны
8/27

Иацы школмаҭәала еибыҭаны партак еицахатәаз ахәыҷқәа иахьа иааузымдырратәы ирызҳаны ҳаԥхьа иаагылеит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Имаҷҩым иласу, аԥхын ианаалаша ԥшшәыла еибыҭоу арԥарцәагьы.

Имаҷҩым иласу, аԥхын ианаалаша ԥшшәыла еибыҭоу арԥарцәагьы. - Sputnik Аҧсны
9/27

Имаҷҩым иласу, аԥхын ианаалаша ԥшшәыла еибыҭоу арԥарцәагьы.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Даҽа џьоукых реибыҭашьала аҳҭыԥҳацәа угәаладыршәоит.

Даҽа џьоукых реибыҭашьала аҳҭыԥҳацәа угәаладыршәоит. - Sputnik Аҧсны
10/27

Даҽа џьоукых реибыҭашьала аҳҭыԥҳацәа угәаладыршәоит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Маҷӡак аанхеит иацтәи ахәыҷқәа алекциақәа рҿы итәаны, раԥхьатәи асеминарқәа арҭо иалагарц. Аха макьана урҭ рхы иҭоу ишыԥшӡоу ауаа ирбо-ираҳауа, афотоҭыхыҩцәа рҿаԥхьа инаҳәы-ааҳәуа аҽҭыхра ауп.

Маҷӡак аанхеит иацтәи ахәыҷқәа алекциақәа рҿы итәаны, раԥхьатәи асеминарқәа арҭо иалагарц. Аха макьана урҭ рхы иҭоу ишыԥшӡоу ауаа ирбо-ираҳауа, афотоҭыхыҩцәа рҿаԥхьа инаҳәы-ааҳәуа аҽҭыхра ауп. - Sputnik Аҧсны
11/27

Маҷӡак аанхеит иацтәи ахәыҷқәа алекциақәа рҿы итәаны, раԥхьатәи асеминарқәа арҭо иалагарц. Аха макьана урҭ рхы иҭоу ишыԥшӡоу ауаа ирбо-ираҳауа, афотоҭыхыҩцәа рҿаԥхьа инаҳәы-ааҳәуа аҽҭыхра ауп.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Абас ала, Аҟәатәи аԥшаҳәа аԥшӡа цәа аҟәнылоит, аҿар рҭаацәа реиԥш, ақалақьуаа зегь ззыԥшу хҭысхоит ари ашықәс аамҭазы.

Абас ала, Аҟәатәи аԥшаҳәа аԥшӡа цәа аҟәнылоит, аҿар рҭаацәа реиԥш, ақалақьуаа зегь ззыԥшу хҭысхоит ари ашықәс аамҭазы. - Sputnik Аҧсны
12/27

Абас ала, Аҟәатәи аԥшаҳәа аԥшӡа цәа аҟәнылоит, аҿар рҭаацәа реиԥш, ақалақьуаа зегь ззыԥшу хҭысхоит ари ашықәс аамҭазы.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Азнык азы идухеит ҳәа ҳазхәаԥшуа аҿар уеизгьы рыбла ахәыҷра хыҳәҳәылоит.

Азнык азы идухеит ҳәа ҳазхәаԥшуа аҿар уеизгьы рыбла ахәыҷра хыҳәҳәылоит.  - Sputnik Аҧсны
13/27

Азнык азы идухеит ҳәа ҳазхәаԥшуа аҿар уеизгьы рыбла ахәыҷра хыҳәҳәылоит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Дара зегьы ргәырӷьара рзыҵәахуам. Ақәыԥшра еиӷьу иҟоузеи!

Дара зегьы ргәырӷьара рзыҵәахуам. Ақәыԥшра еиӷьу иҟоузеи! - Sputnik Аҧсны
14/27

Дара зегьы ргәырӷьара рзыҵәахуам. Ақәыԥшра еиӷьу иҟоузеи!

© Sputnik / Томас Тхайцук

Иаҳҳәозар, зыблагәы аԥшшәы иеиԥшу акьаҿ зшәызҵаз еиҳагьы дыҭнагоит.

Иаҳҳәозар, зыблагәы аԥшшәы иеиԥшу акьаҿ зшәызҵаз еиҳагьы дыҭнагоит.  - Sputnik Аҧсны
15/27

Иаҳҳәозар, зыблагәы аԥшшәы иеиԥшу акьаҿ зшәызҵаз еиҳагьы дыҭнагоит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Еимгеимцарак иалагӡаны аӡӷаб дҭыԥҳаха даақәгылоит.

Еимгеимцарак иалагӡаны аӡӷаб дҭыԥҳаха даақәгылоит. - Sputnik Аҧсны
16/27

Еимгеимцарак иалагӡаны аӡӷаб дҭыԥҳаха даақәгылоит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аччаԥшь уҿықәыхх, ублақәа лашо, уԥхашьаԥхаҵо уҟазар -- иреиӷьӡоу афото алымҵыр ауам.

Аччаԥшь уҿықәыхх, ублақәа лашо, уԥхашьаԥхаҵо уҟазар -- иреиӷьӡоу афото алымҵыр ауам.  - Sputnik Аҧсны
17/27

Аччаԥшь уҿықәыхх, ублақәа лашо, уԥхашьаԥхаҵо уҟазар -- иреиӷьӡоу афото алымҵыр ауам.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Абласаркьа еиқәаҵәақәа рхаҵаны арҭ арԥарцәа реиԥш аӡәырҩы ԥагьа-ԥагьа аԥшаҳәа иануп.

Абласаркьа еиқәаҵәақәа рхаҵаны арҭ арԥарцәа реиԥш аӡәырҩы ԥагьа-ԥагьа аԥшаҳәа иануп. - Sputnik Аҧсны
18/27

Абласаркьа еиқәаҵәақәа рхаҵаны арҭ арԥарцәа реиԥш аӡәырҩы ԥагьа-ԥагьа аԥшаҳәа иануп.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Арԥарцәа иршәырҵо акостиумқәагь еиуеиԥшымзар ҟалоит. Абар иеихацыркыраха ари ашәҵатәы ҽаӡәы диламҩашьартә дааҟанаҵеит.

Арԥарцәа иршәырҵо акостиумқәагь еиуеиԥшымзар ҟалоит. Абар иеихацыркыраха ари ашәҵатәы ҽаӡәы диламҩашьартә дааҟанаҵеит.  - Sputnik Аҧсны
19/27

Арԥарцәа иршәырҵо акостиумқәагь еиуеиԥшымзар ҟалоит. Абар иеихацыркыраха ари ашәҵатәы ҽаӡәы диламҩашьартә дааҟанаҵеит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аиаша ҳҳәап, ашкәакәа еиӷьу ԥштәы ыҟам ахаангьы.

Аиаша ҳҳәап, ашкәакәа еиӷьу ԥштәы ыҟам ахаангьы.  - Sputnik Аҧсны
20/27

Аиаша ҳҳәап, ашкәакәа еиӷьу ԥштәы ыҟам ахаангьы.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Амаҭәа аганахьала арԥарцәа еиҳа ирықәҿиеит, ҽа знык-ҩынтә иршәырҵар рылшоит.

Амаҭәа аганахьала арԥарцәа еиҳа ирықәҿиеит, ҽа знык-ҩынтә иршәырҵар рылшоит.  - Sputnik Аҧсны
21/27

Амаҭәа аганахьала арԥарцәа еиҳа ирықәҿиеит, ҽа знык-ҩынтә иршәырҵар рылшоит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аҭыԥҳацәа рзы ус иузҳәом. Рыҵкы ԥшӡақәа знык ада ирышәҵаны ицәырҵуам. Иагьа умҳәан, ус ишоуп дара - еснагь аӡә ддыршанхалар цәгьа ирбом.

Аҭыԥҳацәа рзы ус иузҳәом. Рыҵкы ԥшӡақәа знык ада ирышәҵаны ицәырҵуам. Иагьа умҳәан, ус ишоуп дара - еснагь аӡә ддыршанхалар цәгьа ирбом. - Sputnik Аҧсны
22/27

Аҭыԥҳацәа рзы ус иузҳәом. Рыҵкы ԥшӡақәа знык ада ирышәҵаны ицәырҵуам. Иагьа умҳәан, ус ишоуп дара - еснагь аӡә ддыршанхалар цәгьа ирбом.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Арҭ аҷкәынцәа уажәшьҭа аӡӷабцәа ҭыԥ рызымҭоз, рыхцәқәа ирыхоз ракәым, ԥхьаҟа иԥшуа, адунаӡацәа реиԥш зԥеиԥш иазхәыцуа хацәарԥарцәоуп.

Арҭ аҷкәынцәа уажәшьҭа аӡӷабцәа ҭыԥ рызымҭоз, рыхцәқәа ирыхоз ракәым, ԥхьаҟа иԥшуа, адунаӡацәа реиԥш зԥеиԥш иазхәыцуа хацәарԥарцәоуп.  - Sputnik Аҧсны
23/27

Арҭ аҷкәынцәа уажәшьҭа аӡӷабцәа ҭыԥ рызымҭоз, рыхцәқәа ирыхоз ракәым, ԥхьаҟа иԥшуа, адунаӡацәа реиԥш зԥеиԥш иазхәыцуа хацәарԥарцәоуп.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ҳаӡӷабцәа арҭ ахәылԥазқәа рзы агьама ҳаракы шрымоу, убри аан рых пату шақәырҵо аадырԥшуеит.

Ҳаӡӷабцәа арҭ ахәылԥазқәа рзы агьама ҳаракы шрымоу, убри аан рых пату шақәырҵо аадырԥшуеит.  - Sputnik Аҧсны
24/27

Ҳаӡӷабцәа арҭ ахәылԥазқәа рзы агьама ҳаракы шрымоу, убри аан рых пату шақәырҵо аадырԥшуеит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Иҟоуп зыблақәа, зхаҿсахьа цәажәо ауаа. Иаҳҳәап, абри арԥыс гәаҭалагьы дшылаша-лашо агәра аагоит.

Иҟоуп зыблақәа, зхаҿсахьа цәажәо ауаа. Иаҳҳәап, абри арԥыс гәаҭалагьы дшылаша-лашо агәра аагоит. - Sputnik Аҧсны
25/27

Иҟоуп зыблақәа, зхаҿсахьа цәажәо ауаа. Иаҳҳәап, абри арԥыс гәаҭалагьы дшылаша-лашо агәра аагоит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Асмокинги ахьычԥаԥыр-хәдахаҵеи ахаан угәы рыхшәом, егьа аамҭа царгьы амода иалҵуам.

Асмокинги ахьычԥаԥыр-хәдахаҵеи ахаан угәы рыхшәом, егьа аамҭа царгьы амода иалҵуам. - Sputnik Аҧсны
26/27

Асмокинги ахьычԥаԥыр-хәдахаҵеи ахаан угәы рыхшәом, егьа аамҭа царгьы амода иалҵуам.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ажәакала, ари ахәылԥаз арҭ ахьыбҿар ахаан ргәы иҭымҵәо, еснагь иргәалашәало хҭысхоит.

Ажәакала, ари ахәылԥаз арҭ ахьыбҿар ахаан ргәы иҭымҵәо, еснагь иргәалашәало хҭысхоит.  - Sputnik Аҧсны
27/27

Ажәакала, ари ахәылԥаз арҭ ахьыбҿар ахаан ргәы иҭымҵәо, еснагь иргәалашәало хҭысхоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0