Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны аҭаацәарақәа быжьба Аҭаацәареи, абзиабареи, агәрагареи рымш аҽны амедальқәа рырҭеит

© Sputnik / Томас ТхайцукНаграждение семейных пар в Посольстве РФ
Награждение семейных пар в Посольстве РФ  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.07.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 8 - Sputnik. Аԥснытәи аҭаацәарақәа быжьба Аҭаацәареи, абзиабареи, агәрагареи рымш аҽны амедалқәеи аҳаҭыртә шәҟәқәеи рырҭеит Аҟәа Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы.
Амедальқәа ранашьоуп:
Алексеии Валентинеи Вартикианаа, рҭаацәара 61 шықәса ахыҵуеит.
Ивани Валентинеи Багаеваа — 56 шықәса.
Иурии Зинаидеи Иакушкинаа — 54 шықәса.
Алексеи Папасқьыри иԥшәма Валентинеи — 52 шықәса.
Хачики Нварди Минасианаа — 52 шықәса.
Шьалуа Ҷыҭанааи иԥшәма Аллеи — 51 шықәса.
Витали Смыри иԥшәма Хатунеи — 33 шықәса.
Аныҳәа рыдырныҳәалеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалини Россотрудничество Ахаҭарнакра ахада Дмитри Федотови. 2009 шықәса раахыс Аԥсны арҭ амедалқәа ранаршьахьеит 50 ҭаацәара.
Аҭаацәареи, абзиабареи, агәрагареи рымш шьаҭаркын Владимир Путин идҵала 2022 шықәсазы. Аҳамҭақәа рырҭоит зҭаацәара 25 шықәса еиҵамкәа иахыҵхьоу хаҵеи ԥҳәыси – зыхшара ауаажәларра иаԥсаны ирылазыргылаз, аҭаацәаратә традициақәа ирықәныҟәо.
Ажәабжьқәа зегьы
0