Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Мчыбжьык ала хәҩак ауаа ҭахеит Аԥсны амҩатә машәырқәа рҿы

© Sputnik / Томас ТхайцукМашина МВД Абхазии
Машина МВД Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.07.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 8 - Sputnik. Ииасыз амчыбжь иалагӡаны хәҩак ауаа ҭахеит амҩатә машәырқәа рҿы иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциаҟны имҩаԥысуаз аилацәажәараҿы аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут.
Урҭ хадаратәла ҿарацәоуп, амашәырқәа еиҳарак мзызс ирымаз арыжәтә ыжәны амашьына аԥсҟы акроуп ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
АҩАР амҩақәа рҿы аҭагылазаашьа узыцәшәашоуп ҳәа азгәарҭоит, ахылаԥшра акәзар, иԥсыҽны ирыԥхьаӡоит. Аминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа иажәақәа рыла, аусура рӷәӷәахоит абри аганахьала, араионқәа зегьы рыҟны апатрульқәа аус рулоит арыжәтә ыжәны амашьына иақәтәоу раанкыларазы.
Ажәабжьқәа зегьы
0