Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Кәыҵниаԥҳа аудиошәҟәқәеи ҿыц здублиаж ҟаҵоу амультфильми ирызкны

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Кәыҵниаԥҳа аудиошәыҟәқәа рҭыҵра иазкны
Анапаҵаҩра
Аԥсышәала аудиошәҟәқәа рӡыргара мҩаԥысит Аҟәа. Аԥсны аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы усбарҭа аиҳабы Гәында Кәыҵниаԥҳа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит ари аформат ала абызшәа аҵара иахьынӡаманшәалоу атәы, илҳәеит иаарласны здублиаж ҟаҵоу амультфильм ҿыц шӡыргахо атәы.
Таиф Аџьба "Сабажәгьалеи", Владимир Аҵнариа "Сыԥсадгьыл Амра", Анзор Мықәба "Жьабаӷь фырхаҵа", Платон Бебиа "Амра ԥхоит", Гәында Сақаниаԥҳа "Ашәҭқәа рашәа", Гәында Кәыҵниаԥҳа лажәеинраалақәа реизга "Асааҭи аамҭеи" рыла аудиошәҟәқәа ҭыжьуп. Урҭ уаҳар улшоит ҷыдала иаԥҵоу аиутуб-аканал аҿы.
"Ауаҩы асахьа дахәаԥшуеит, атекс ибоит, дӡырҩыр илшоит, иигар илшоит. Уи даара ирыхәоит абызшәа хьысҳаны издыруа. Ҳбызшәа ахәыҷы ианиаҳауа иаҳа ишьҭикаауеит, анырра иоуеит", - лҳәеит Кәыҵниаԥҳа.
Аԥсны аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы усбарҭа аиҳабы лажәақәа рыла аӡыргаратә роликқәа рыҟаҵара иаҳа хшыҩзышьҭра арҭаларц ргәы иҭоуп. Иара убас илҳәеит, ҳаԥхьаҟа арҵагатә цхыраагӡақәагьы ишрыцло аудиошәҟәқәа. Ргәы иҭоуп Андерсен илакәқәа еидызкыло аудиошәҟәы аҟаҵара. Иаарласны иӡыргахоит ҿыц здублиаж ҟаҵоу асахьаркыратә мультфильм "Кот в сапогах".
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0