Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аурыс-аԥсуа ҳәааҿ аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп иҳәеит Галузин

КПП Псоу  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.07.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 12 - Sputnik. Аурыс-аԥсуа ҳәааҿ аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп ҳәа РИА Новости иазеиҭеиҳәеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузин.
Иара ахҳәаа аиҭеит рашәара 23 рзы АҬ "Ԥсоу" аҟны аҭыԥ змаз аиҿахысра. Галузин иажәақәа рыла, Урыстәыла АдәАР аҳәаа еиҳа арӷәӷәара аҭахны иаԥхьаӡом, ахҭыс аамҭа кьаҿла аҭыԥантәи азинхьчаратә усбарҭақәа оперативла аҭыԥ иқәырҵеит.
"Аԥснытәи аган асеиԥш иҟоу ахҭысқәа раԥырҟәҟәаара рҽазыршәоит, урҭ атуристтә сезон анырра бааԥсны иарҭар ахьалшо азы", — ҳәа иҳәеит адипломат.
Иара убас иара адырра ҟаиҵеит аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" автомашьынатә цәаҳәа ареконструкциа ахыркәшара шазԥхьагәаҭоу 2026 шықәса анҵәамҭазы.
"2026 шықәсазы аусурақәа анхыркәшахалак ашьҭахь бжьаратәла иара алшарақәа ирыцлоит, 14,5 нызқь транспорттә хархәагеи 80,5 нызқь уааԥсыреи уахыки-ҽнаки рыла рымҩанысра ауа иҟалоит. Ари ҳҳәынҭқаррақәа ртәылауаа аҳәаа рахысра армариоит, иарманшәалоит", — ҳәа иҳәеит Галузин.
Иахьазы АҬ "Адлер" иамоу алшара 28 000-ҩык ауааԥсыреи 1,5 нызқь автомашьынеи рахыжьра шакәугьы иахысуеит уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа 50 000-ҩык ауааԥсыреи 9000 транспорт аки.
Ажәабжьқәа зегьы
0