Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: амҩақәа рҿы аҭагылазаашьақәеи араионқәа рҿы аусурақәеи

© Sputnik / Томас ТхайцукСотрудник ДПС
Сотрудник ДПС - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.07.2024
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит иаҳхысыз амчыбжь азы Аԥсны аҭыԥ змаз ахҭыс хадақәа рыхҳәаа.

Амҩақәа рҿы ашәарҭадара

Апарламент аҿы иаԥҵахоит Аԥсны амҩадуқәа рҿы ашәарҭадара ашьақәыргылара азҵааразы акомиссиа. Акомиссиа иҳәаақәнаҵалоит Апарламенти Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәеи реинырра.
Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба иазгәеиҭеит ииасыз ашықәс азы адепутатцәа ижәны аԥсҟы зку рзы ахараԥса ишацырҵаз, уи хра аманы ахы шаанарԥшыз, аха амҩақәа рҿы аҭагылазаашьа уадаҩны ишаанхаз.
Арыжәтә ыжәны амашьына аԥсҟы акразы ахарақәҵара арӷәӷәаразы ауснагӡатәқәа рыдигалеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут апарламенттә еилакы аилатәараҟны. Урҭ иреиуоуп асеиԥш иҟоу ауаа рыӡбахә аартны аҳәара. Уаанӡа урҭ рыхьӡи рыжәлеи дырзомызт.
Парламент РА - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.07.2024
Аԥсны
Апарламент аҿы имҩаԥысит амҩадуқәа рҿы ашәарҭадара ашьақәыргылараз акомиссиа аилатәара
Кьиут иара убасгьы ажәалагала ҟаиҵеит, изныкымкәа аилагара ҟазҵо еиҳа ирџьбараны иахьырхәлазарц, рмашьынақәа аамҭала ирымхрларц.
Сынтәа ареспубликатә мҩаду аҟны иқәдыргылараны иҟоуп 50 рҟынӡа асахьарбагақәа ҳәа иҳәеит Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа. Асахьарбагақәа рыла амашьына аццакра адагьы егьырҭ аилагарақәагьы азгәарҭалоит, иаҳҳәап, иуҿаланы иааиуа имҩа анылара, ацәаҳәа еиужь ахысра, аҭел ала ацәажәара. Макьаназы арҭ аԥҟареилагарақәа разгәаҭара алшом аинспекторцәа ахьазымхо иахҟьаны.

Аушьҭырҭатә ҭыԥ аиҭашьақәыргылара

Аушьҭратә ҭыԥ "Адлер" аиҭашьақәыргылара азҵаара иалацәажәеит Урыстәыла аҳәааргылара шәачатәи аҟәша аиҳабы Кирилл Баранови Урыстәыла Афедералтә ҳазалхратә маҵзура аиҳабы Валери Пикалиови. Ари аҭыԥ аушьҭратә лшара — 28 нызқьҩык ауааԥсыреи 1,5 нызқь машьынеи иҟоуп. Убри аан уахыки-ҽнаки аҳәаа иахысуеит 50 нызқьҩык ашьаҟауааи атранспорттә хархәагақәа 9 нызқьи ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Аҳәааргылара.
Баранов иажәақәа рыла, аиҭашьақәыргылара ашьҭахь "Адлер" иаунашьҭлар алшоит 80,5 нызқьҩык ауааи 14 нызқь ак атранспорти.
Аусурақәа ирылагоит "Урыстәыла Аекспертиза хада" иҵоуроу алкаа ашьҭахь, урҭ хдыркәшарц ргәы иҭоуп 2026 шықәсазы.

Атәыла ахада иныҟәарақәеи араионқәа рҿы арҽеиратә усурақәеи

Атәыла ахада Аслан Бжьаниа Алада Ешыра Шыцкәара аҳаблаҿ амҩа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шцо гәеиҭеит. Амҩа аура — 2,5 кьылометра иҟоуп, аҭбаара — 5 метрак. Амҩа аиҭашьақәыргылара иазоужьуп 59 миллион мааҭ.
Ари аҭыԥ аҿы инхо ауааԥсыра аҳәара ҟарҵеит аидарамҩангагатә машьына дуқәа рныҟәара азин ҟаҵамзарц. Аслан Бжьаниа Аҟәа араион ахада инапы ианиҵеит Аҳәынҭавтоинспекциеи араион ахадареи ари азҵаара еицырӡбарц.
Гал араион Шьашьикәара ақыҭаҟны аӡыҭгага станциа аргылара ахыркәшарахь инеиуеит. Аӡыҭгага цхыраагӡак адагьы, харҭәаагак аиԥш ахархәара аиулоит атрубақәа рҟны иазхаша аӡықәыӷәӷәара аҟазааразы ҳәа иҳәеит анардадатә еиҿкаара ахаҭарнак Саид Сангәлиа. Ари Гал ӡыла аиқәыршәаразы ицхыраагӡа духоит.
Уажәазы аӡыҭгагатә станциа ахыбра ргылоуп, аӡеизакырҭақәа рҵаргәақәа шьҭаҵоуп, асовет аамҭаан иҟаз аӡыҵхырҭақәа жәеиза рҟынтәи аӡкылҵәарсҭақәа ԥшьба еиҭарҿыцуп. Хара имгакәа аӡыҭгагақәа ааргараны иҟоуп.
Аӡы ишьақәыргылоу анормақәа ирықәшәоит. Аргылара ахархәарахь ирырҭоит нанҳәамзазы. Аҭыԥантәи абиуџьет аҟынтәи аргылара иазоужьуп 13 миллион мааҭ инареиҳаны.
Строительство автомобильных дорог в Краснодарском крае - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.07.2024
Аԥсны
Тҟәарчали Аҟармареи еимаздо амҩа жьҭаарамзазы еиҭашьақәыргыланы иалгоит
219 миллион мааҭ урыстәылатәи Аинвестпрограммаҟынтәи иазоужьуп Тҟәарчал-Аҟармара амҩа аиҭашьақәыргылара.
Аԥсны акапиталтә ргылараз аусбарҭа атехникатә хылаԥшра анџьныр Ҭемыр Ҵәыџьба иажәақәа рыла, иахьазы инагӡоуп 70% аусурақәа. Аҭыԥантәи ауааԥсыреи атуристцәеи рныҟәара ауадаҩра ахьаҵаз амҩа ахәҭа аура 15 километра ыҟоуп, аҭбаара — 6 метрак. Уаанӡа арҭ аҭыԥқәа рҿы сааҭки бжаки рыла узхысуаз амҩа уажәы 30 минуҭ роуп иаҭаххо.Ҵәыџьба иажәақәа рыла, акаҭран аҿыгҳара 9 сантиметрак иҟоуп, ҩ-ҿысҭакны ишьҭарҵоит. Апроект ииасыз ашықәс лаҵарамзазы ихацыркын. Ахыркәшара азгәаҭоуп 2024 шықәса жьҭаарамзазы.
Тҟәарчал ҩадеи ладеи еимаздо амардуан шьаҭанкылатәи арҽеиратә усурақәа ирылагеит. 250 метра иҟоу амардуан ргылан 1961 шықәсазы. Ари зегь реиҳа икьаҿу мҩоуп ақалақь ахәҭақәа еимаздо.
Апроект ахә ршәоит аҭыԥантәи абиуџьет аҟынтәи, уи хәҭа-хәҭала инагӡахоит. Уажәы ихдыркәшоит амаакырақәа ршшаны рышәра. Нас аҿаԥсақәа ҭарҭәаны арезина иалху ахәашақәа ықәырҵоит еиҳа ишәарҭамхарц азы. Ишьақәдыргылоит афымцамч иахьԥшым мрала еиҵало абатареиқәа рыла аус зуа алашарбагақәа.
Ԥхынгәы 25 рзы ихыркәшахоит Очамчыра араион Дӷамшь аӡиас аҿы имҩаԥысуа аҟәарарӷәӷәаратә усурақәа. Абри атәы Аслан Бжьаниа иусутә ныҟәараан изеиҭеиҳәеит "Аԥсныҟәарахьчара" адиректор хада Гәырам Ҳаразиа.
Атәыла ахада иара убасгьы Џьгьарда, ахархәара рацәа змоу аспорттә ҭыԥ аргылара иахьаҿу даҭааит. Уаҟа иҟалоит амҵәышәымпыл, анапылампыл, аԥқьаҭмпыл рысразы алшара. Иазгәаҭоуп аспорттә тренажиорқәа рыргылара.
Гал араион уахьналало ахыргьагьа аргылара изҿу нанҳәамзазы иалгараны иҟоуп. Аргыламҭа аҳаракыра 7,8 метра иҟоуп, аҭбаара – 19 метра, агәашьақәа рыбжьара –16 метра. Араион ахада ихаҭыԥуаҩ Даур Ақаҩба иазгәеиҭеит ахаргьагьа асасдкылара иасмволны, атуризм аҿиара аелементқәа ируакны иҟалоит ҳәа. Аусурақәа аҭыԥантәи абиуџьет аҟынтәи аԥара рзоурыжьуеит.

Аҳаԥ ҿыц

Риҵатәи амилаҭтә парк аҟны аусура иалагоит атуристтә хырхарҭа ҿыц — 2019 шықәсазы Кәыџба иашҭаҿы иаартыз аҳаԥы.
Апарк абнахьчаҩ хада Ҭенгьиз Џьергьениа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҳаԥи аӡиасқәа Бзыԥи Еӷьеи реилаларҭа инаркны 6 километрак шрыбжьоу, иреиҳау азал аура 50 метра шыҟоу, аҭбаара – 15 метра. Уажәы уа аусурақәа ирҿуп, амардуан азы арельсқәа харгалеит, амҩа дрыцқьоит, алашара аҟаҵара аздырхиоит. Аҳаԥы аартра аҿҳәара макьана ишьақәыргылам.

Аминистрцәа реилазаара аӡбамҭа

16 миллион мааҭ азоужьхоит хықәкылатәи аҭҵаарадырра-техникатә программа "Аԥсуадырреи кавказдырреи рактуалтә зҵаарақәа рыӡбаразы" 2024-2026 шықәсқәа рзы.
Аминистрцәа реилазаара иаднакылаз ақәҵара инақәыршәаны апрограмма аусдҵа хадақәа иреиуоуп:
аԥсуа жәлар рдоуҳатә ҭынха аиқәырхареи ҿырҳәалатәи акультура адәныҟатә материал аизгареи аҭыжьреи;
аԥсуаа итрадициатәу рҿырҳәалатәии рлаԥшылатәии акультурақәа рматериалқәа разырхиареи рҭыжьреи;
инарҭбааны Аԥсны аҭоурых аҩразы ахыҵхырҭаҭҵааратә база аԥҵара;
Аԥсны аҭоурых аконцепциа аԥҵара;
Аԥсны еиуеиԥшым аамҭақәа ирыҵаркуа аҭоурых азы арҵагашәҟәқәа рышьақәыргылареи рҭыжьреи;
аԥсуа бызшәа амилаҭтә гәыцә шьаҭаны иҟаҵаны аԥсуа бызшәа инарҭбааны аларҵәаразы аҵаҵӷәқәа раԥҵара.
Аминистрцәа реилазаара ишьақәнаргылеит афымцаҳақәа афымцашьақәгылақәа рыԥшьразы атариф ҿыцқәа, абонентцәа ркатегориақәа ирхьырԥшны.
Ахатәхаҿқәа, 0,4 кВт афымцамчқәыӷәӷәара аныҟоу акоммунал-бзазаратә ҭахрақәа рзы иршәалоит:
500 мааҭ кВт —10 еиҳаны, 20 кВ еиҳамкәа;
800 мааҭ 1 кВт —20 еиҳаны, 63 кВт еиҳамкәа;
2000 мааҭ 1 кВт —63 кВт еиҳаны.
Анаплакытә усурақәа мҩаԥызго ахатәхаҿқәа иршәалоит:
600 мааҭ кВт —10 еиҳаны, 20 кВт еиҳамкәа;
1 000 мааҭ кВт —20 еиҳаны, 63 кВт еиҳамкәа;
2 000 мааҭкВт —63 кВт еиҳаны.
6 кВт аасҭа еиҳаны афымцамчқәыӷәӷәара аныҟоу ахатәхаҿқәа иршәалоит 1 000 мааҭ кВт азы.
Аԥарашәараҟынтә рхы иақәиҭтәуп:
ахатәхаҿқәа, раԥхьаӡа акәны афымцашьақәгылақәа афымцаҳақәа ирԥызшьауа;
ахатәхаҿқәа, лаҵарамза инаркны цәыббрамзанӡа аҭыԥантәи ахадара рзин ала адәныҟатә хәаахәҭратә аргыларақәа рхархәарала анаплакытә усура мҩаԥызго.
Атариф лазырҟәуа акоеффицент 0,5 аларгалоит:
аҳәынҭқарратә мчрақәеи аҳәынҭқарратә напхгараҭареи русбарҭақәа рзы;
аунитартә наплакқәа рзы;
абиуџьеттә усбарҭақәа рзы;
азакәанԥҵара инақәыршәаны иҭаҩу икоммерциатәым аиҿкаарақәа рзы.

Абыргцәа рфорум

Урыстәылеи Евразиа атәылақәеи рыжәларқәа рбыргцәа Жәларбжьаратәи рфорум мҩаԥгахоит Аҟәа, цәыббра 10 рзы.
Sputnik аефир аҿы "Абыргцә Адунеизегьтәи Рконгресс" абжьгаҩ Аидамир Битов ишиҳәаз ала, афорум хықәкыс иамоуп ауаажәларра реидкылара, рҿырԥшала аимакқәа рҭышәныртәалара адырбара.
Зынӡа афорум иаҭаауеит 30-ҩык асасцәа.

Аҭаацәареи, абзиабареи, агәрагареи рымш

Аԥснытәи аҭаацәарақәа быжьба Аҭаацәареи, абзиабареи, агәрагареи рымш аҽны амедалқәеи аҳаҭыртә шәҟәқәеи рырҭеит Аҟәа Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы.
Амедалқәа ранашьоуп:
Алексеии Валентинеи Вартикианаа, рҭаацәара 61 шықәса ахыҵуеит.
Ивани Валентинеи Багаеваа — 56 шықәса.
Иурии Зинаидеи Иакушкинаа — 54 шықәса.
Алексеи Папасқьыри иԥшәма Валентинеи — 52 шықәса.
Хачики Нварди Минасианаа — 52 шықәса.
Шьалуа Ҷыҭанааи иԥшәма Аллеи — 51 шықәса.
Витали Смыри иԥшәма Хатунеи — 33 шықәса.
Аныҳәа рыдырныҳәалеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалини Россотрудничество Ахаҭарнакра ахада Дмитри Федотови.
2009 шықәса раахыс Аԥсны ари аҩыза амедалқәа ранаршьахьеит 50 ҭаацәара.
Аҭаацәареи, абзиабареи, агәрагареи рымш шьаҭаркын Владимир Путин идҵала 2022 шықәсазы. Аҳамҭақәа рырҭоит зҭаацәара 25 шықәса еиҵамкәа иахыҵхьоу хаҵеи ԥҳәыси – зыхшара ауаажәларра иаԥсаны ирылазыргылаз, аҭаацәаратә традициақәа ирықәныҟәо.

"Ашана" аусура аихшьаалақәа

Акультуратә-гәыҳалалратә фонд "Ашана" 2023 шықәсазы ӷәӷәала ичмазаҩу ахәыҷқәа рыхәшәтәразы 12,3 миллион мааҭ инареиҳаны еизнагеит.
Ашықәс иалагӡаны афонд хылаԥшра знаҭо 60-ҩык инареиҳаны рыхәшәтәраз имҩаԥгаз 70 усмҩаԥгатә ахә ахнашәааит, агәыҳалалратә акциақәа 22 мҩаԥган.
Афонд 12 шықәса аусура иалагӡаны 107,6 миллион мааҭ еизгоуп. 430-ҩык ахәыҷқәа рыхәшәтәразы 624 курс ахә ахшәаауп, 260-нтә агәыҳалалратә акциақәа мҩаԥган.

Пушкин имҩаҿы аусурақәа

Аҟәа Пушкин имҩаҟны игылоу Амилаҭтә галереиа ахыб ақәырҵеит.
Уажәы аргылара адәахьтәи аган аҿы аԥслымӡкылырҟьарала ақьырмытеиқәҵарақәа рыбжьара арыцқьара иаҿуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит анардадатә еиҿкаара "Строймонтаж 2" аиҳабы Русҭам Цәеиба.
"Ахыбра аҩнуҵҟатәи аҭыӡқәа рышьҭыхра ҳаҿуп, адашьма ықәҳарҭәоит, аҭыӡқәа ҳшьыхуеит, нас аԥенџьырқәа ықәҳаргылоит. Ахыбра аҩнуҵҟа акыр ацәаакыра амоуп, уи аанкыларазы аусурақәа рацәахоит", — ҳәа иҳәеит иара.
Иазгәаҭоуп иарбоу аамҭа ҩымз иаԥыганы аусурақәа рхыркәшара ҳәа иҳәеит Цәеиба.
Ахарџьынҵа 18 миллион мааҭ итәоит.

Очамчыра ақалақь Амш

Очамчыра Амш азгәарҭеит ԥхынгәы 13 рзы. Ақалақь иахыҵит 2524 шықәса. Ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи рзы имҩаԥган ақыҭанхамҩатә цәыргақәҵа, анардасразы аицлабра, ахәыҷқәа рзы апрограммақәа, аконцерт. Аныҳәа феиерверкла ихыркәшахеит.
Очамчыраа дрыдныҳәалеит араион ахада Беслан Бигәаа. Араион аекономика ҿиоит, иаатуеит атуристтә ргыларақәа, ааглыхрақәа, иҟаҵоу шмаҷымгьы иҟаҵатәу еиҳагьы ирацәоуп иҳәоит Бигәаа.
День города отмечают в Очамчыре - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.07.2024
Аԥсны
Аныҳәа зегьы рзы: Очамчыра ақалақь амшныҳәа азгәарҭеит
"Очамчыра иамоу аекономикатә лшара дуқәа аартра — ҳара ҳадҵа хадақәа ируакуп", — ҳәа аҳәоит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз адныҳәалара.
Атекст асценаҟынтә даԥхьеит атәыла ахада Иусбарҭа аиҳабы Абесалом Кәарҷиа.
Атәыла ахада иазгәеиҭеит очамчыраа зҭоурых 25 -шәышықәса ирҭысхьоу рықалақь иазгәыдуны иҟазарц азин шрымоу. Иара аҵеицәа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Мрагыларатәи афронт иафырхацәа иашан иҳәеит иара.
Аслан Бжьаниа Очамчыра ақалақь иазеиӷьеишьеит аизҳазыӷьара, уи иқәынхо ауааԥсыра — агәабзиара, аманшәалара, рџьабаа бзабааны, рықалақь гәакьеи Аԥсынтәылеи рԥеиԥш азы ихәарҭаны аҟалара.
Ажәабжьқәа зегьы
0