Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Џьапуа хықәкылатәи аԥсуадырра иазку апрограмма атәы

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Џьапуа хықәкылатәи аԥсуадырра иазку апрограмма атәы
Анапаҵаҩра
Хықәкылатәи аҭҵаарадырра-техникатә программа "Аԥсуадырреи кавказдырреи иактуалтәу рызҵаарақәа рыӡбара" 2024-2026 шықәсқәа рзы 16 миллион мааҭ азоужьхоит. Апрограмма аусдҵа хадақәас иалкаау, иаӡбар, лҵшәақәас иаанашьҭыр иалшо атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада Зураб Џьапуа.
Џьапуа иҳәеит хықәкылатәи апрограмма шышьақәдыргылаз академик Виачеслав Чрыгбеи иареи.
"Апрограмма иалнаршоит ирццакны, иахьынӡауа иҵауланы азҵаарақәа рыӡбара. Уи иарбоуп аҭҵаарадырратә гәыԥ маҷқәа рыҟаҵара, урҭ русушьа бзианы еиҿаҳкаароуп. Ари аҵарауаҩ алшара изҭо программоуп. Азҵаарақәа раԥхьа игылоуп Аԥсни аԥсуа жәлари рҭоурых иазку аҭоурыхтә хыҵхырҭақәа, еиуеиԥшым аҳәынҭқаррақәа рархивқәа рҿы ирацәаны ишьҭоуп, - убарҭ реидкылара, рыԥшаара. Уи анаҩс, Аԥсны аҭоурых иазкны аконцепциа ҿыц ашьақәыргылара, аҩра, иԥшаахо аматериал шьаҭас иҟаҵаны. Уигьы даара имариам зҵаароуп. Анаҩстәи зҵаароуп Аԥсны аҭоурых еиуеиԥшым аамҭақәа ирызку хазы-хаз арҵагатә цхыраагӡақәа рыҩра", - иҳәеит Џьапуа.
Егьырҭ азҵаарақәа ртәы шәаҳар шәылшоит инеиҵыху аиҿцәажәараҟны аудиофаил аҿы хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0