Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ақәылара, аимҵәара, арҳәрақәа: аӷьычра аԥсуа жәлар рыбзазаратә поезиаҿы ишаарԥшу

© Sputnik / Vitaly TimkivЛошадь пасется на лугу в Майкопском районе Республики Адыгея
Лошадь пасется на лугу в Майкопском районе Республики Адыгея - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.07.2024
Анапаҵаҩра
Аԥсуа жәлар рпоезиаҿы имаҷым аԥсуаа рфырхаҵара, рыбзазара, асоциал-класстә еиҟарамра иазку ацәаҳәақәа. Урҭ рыбжьара иҟоу аӷьычрақәа, аимҵәарақәа рҿаԥҽра иазку акык-ҩбак ҳадылгалоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.
Аҳратәра
Аԥсуа жәлар рымҩа ахаангьы имариамызт. Ҭоурыхла ус иаҳқәашьуп, ари ажәҩан аҵан аҟазааразы ҳҭыԥ ҳазықәԥалароуп. Аха уаҩ дызнымиац, уаҩ дызқәымшәац акәым, ари аҳәынҭқарра аргылараҿы аӡәырҩы ажәларқәа изнысуа мҩоуп. Уи ҳшанысуа аҭоурых иаҩуеит.
Аԥсуа жәлар рпоезиа ибзиаӡаны иаанарԥшуеит еиуеиԥшым аамҭақәа рзы аԥсуаа рыбзазара, асоциал-класстә еиҟарамра (егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҟны еиԥш мҽхакы ҭбаала ишыҟамлазгьы), уи аҳратәра аамҭа инаркны, афеодалтә епоха, акапиталисттә ргылара, Асовет аамҭа уҳәа ҳаамҭаҟынӡа. Ари атема азеиԥш-уаажәларратә ҵакыла иаарԥшуп.
Анхаҩыжәлар аџьамыӷәа цәгьа ишҭагылаз аадырԥшуеит абарҭ ацәаҳәақәа:
"Абар жәытә ԥсҭазаашьас иҳамаз:
Абнаршәырақәа иҳакәыршаз,
Аҩнаргәы ҭыԥ аахҟьаны, ҳалатәан,
Ҳамҿ-ҵәаҳә еихак нахаркьакьаны,
Адгьыл хыӷьӷьаауа, ҳнықәлауан.
Аҳәаа уахысыр ҟаломызт усгьы,
Абна ҳазлатәоу аҿы махәык хаҳҵәар,
Аӡә ҳақәымӡыхуа иҟаломызт усгьы,
Ҳажәқәа убри абна иахьылалоз,
Рыбжак ааӡомызт абга иаҳцәырфон,
Абгақәа раҵкыс хара еицәан
Аӷьычцәа убраҟа илаз,
Реиҳа иԥсылоу урҭ иаҳцәырфон.
Убарҭ шьны фарҭас ирымаз
Иауаамдыруаз "акниазцәа рҿы" акәын,
Урҭ ракәын цхала-хәшала ичоз,
Урҭ ракәын ҳабӷа еиҵаҳхыр зымуаз…"
Ажәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа рҟнеиԥш рыбзазаратә поезиа аҟынгьы гәыцәны иагәылсуеит аԥсуа ахақәиҭра иашьцылоу, аӡәы итәыс ҟалашьа змам иакәны дшыҟоу, уи ианымшәо шиакәу. Ахақәиҭразы зхы иамеигӡоз аԥсуаа атәым иаҳратәра рҽандыршәомызт, аҭахара еиӷьаршьон тәыс иҟалар аҵкьыс. Уи иахырҟьаноуп ХIX ашәышықәса аҩбатәи азбжазы Аԥсны азбжакы зҭацәхазгьы. Мчыла еиҟарамыз аибашьраҿы аҵыхәтәанынӡа аҳратәра иаҿагыланы еибашьуан, аиҳараҩык ҭахеит, иаанхаз хырҵәан.
Рисунок посвященный Махаджирству  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.05.2024
Аԥсны
Ҵәыуабжьуп, ӷызбжьуп: аԥсуаа рыхҵәара иазку жәлар рҳәамҭақәак
Ақәылара, аимҵәара, арҳәрақәа
Аԥсуа жәлар рҳәамҭақәа рҟны ирацәоуп ақәыларақәа, аимҵәарақәа ирызку аҭоурых-фырхаҵаратә ашәақәеи ажәабжьқәеи. Ақәылаҩцәа аанызкылоз жәлар рфырхацәа рыӡбахә ашәа ианҵаны ирҳәон. Аха уи харантәи ақәыларақәа рыӡбахә анырҳәоз. Аҩнуҵҟатәи аҭагылазаашьаҿы ажәлар аҿагылон измырӷьацоз арҳәрақәа, аӷьычра. Урҭ раԥыхра иаԥырхагаз рацәан.
"Раԥхьа иргыланы, аӷьычра арцыхцыхра иашьҭан ҭауади аамсҭеи, избан акәзар анхацәа рзы ихырҵәагаз ари аус ахашәалахә ду рнаҭон амучацәа", - ҳәа иҩуан Артур Аншба иҭҵааратә усумҭақәа рҟны.
"Иахьа аӷьычра "фу" ауп иахьӡу"
Арҳәреи аӷьычреи иақәыӡбон еснагь, аиҳаракгьы ақыҭа аҩнуҵҟа, аигәылараҿ иҟалар. Урҭ ирыхҳәааны асатиратә ҟазшьа змаз ашәақәа аԥырҵон. Иахьатәи аӷьычи ажәытәтәи афырхаҵаратә қәыларақәеи хәыки-шьхаки рыбжьоуп. Иааҳгап уи зныԥшуа ацәаҳәақәа аԥсуа жәлар рпоезиа аҟынтәи:
"Ажәытә аӷьычра ахьыӡ шамаз иахьа иҟам.
Иахьа аӷьычра "фу" ауп иахьӡу, шьҭагьы иумаҳаи,
Аӷьычра иаҟәымҵызи, ала еимаа згои злеиԥшымзеи,
Ари заҳаны уаҳа иӷьычра, ҽааны имбеит!"
Ажәабжьқәа зегьы
0