Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Кәакәасқьериа атуристтә сезон амҩасшьа иазкны

Хра злоу ахҭысқәа: Кокосқьыр атуристтә сезон амҩасшьа иазкны
Анапаҵаҩра
Аԥхын абжеиҳара инҭыкәкәа ицеит. Ишԥамҩасуа Аԥсны атуристтә сезон, иамоума иара ахатә ҷыдарақәа, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы далацәажәеит, Амилаҭ туристтә еилахәыра аиҳабы Руслан Кәакәасқьериа. Иара еиҭеиҳәеит сынтәатәи асезон азбжа дара рзы изеиԥшроу атәы.
Кәакәасқьериа иажәақәа рыла, есышықәса аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара еиҳахоит ҳәа иазыԥшуп, иагьгәыӷуеит, аха еснагь ус еиԥш иҟалом. Сынтәатәи асезон алагамҭа ишаҳҭахыз иҟамлаӡеит ҳәа азгәеиҭеит иара, аха уажәы аҭагылазаашьа иаҳа иҭышәынтәалеит.
"Уажәы хар амаӡамкәа иаауеит. Амҩақәа рҿы иубарҭоуп, аха аихшьаала аныҟаҳҵо сынтәатәи ашықәс егьырҭ иреицәахап ҳәа ҳаҟам. Асезон ашыкьымҭа август мзоуп. Маи азы иҳазхамырҭәааз, октиабр азы ихаҳарҭәаап ҳәа агәыӷрақәа ҳамоуп", - иҳәеит иара.
Ари асезон иара убас егьырҭ излареиԥшым шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0