Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Аҩӡԥҳа Акультура аҵараиурҭа ахыбра аҭагылазаашьеи аҵара инеиуеи ртәы

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Аҩӡԥҳа Акультура аҵараиурҭа ахыбра аҭагылазаашьеи аҵара инеиуеи ртәы
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарратә акультуратә ҵараиурҭаҟны ашәҟәқәа рыдкылара цоит абитуриентцәа рҟынтә. Сынтәа иаҳа азҿлымҳара змоу ахырхарҭақәа, аҟазара азанааҭқәа ирыдҵаало ҵыԥх аасҭа рхыԥхьаӡара еиҳау мамзар еиҵоу атәы, арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит аҵараиурҭа аиҳабы Сира Аҩӡԥҳа.
Сынтәа ҵыԥх аасҭа абитуриентцәа рхыԥхьаӡара еиҳауп. Ҵыԥх иаҳа аоркестратә ҟәшхьы арзаҳалқәа аларҵозҭгьы, сынтәа ахореографиатә ҟәша аԥы жәара амоуп, лҳәеит Аҩӡԥҳа. Аҵараиурҭаҟны аҟәшақәа ҩба аус руеит, убасгьы 2008 шықәса аахыижьҭеи иаартуп ахәыҷқәа рзы акәашаратә школ. Аҵараиурҭа аиҳабы илҳәеит аҽырҭбааразы алшара шрымам, ахыбраҿы акәзар аҵыхәтәантәи ажәашықәсақәа рзы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥырымгацт.
"Аԥсны амакулатура адкылара ҿыц ихацыркызҭгьы, ахыбра аиҭашьақәыргыларазы исыҩхьоу ашәҟәқәа рыла, аԥыжәара ҳгар ҟалон. Сынтәагьы ашәҟәы анҵаны Аԥсны акультура аминистрра ашҟа исышьҭхьеит", - ҳәа азгәалҭеит Аҩӡԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0