Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсуа шықәсынҵыра аҭҵааҩы: лыԥсҭазаара далҵит Пола Гарб

© Скрин с видео Абаза-ТВПола Гарб
Пола Гарб - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.08.2024
Анапаҵаҩра
Америкатәи ажурналистка, агеронтолог, аетнограф Пола Гарб 77 шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит.
Sputnik

Ашықәсынҵыра ду афеномен

Америкатәи ажурналистка, агеронтолог, аетнограф Пола Гарб 1982 шықәсазы далгеит Москватәиаҳәынҭқарратә университет аҭоырых факультет антропологиатә ҟәша. Аԥсны ахәыҷқәа рааӡара иазкны адипломтә усумҭа анылыхьча ашьҭахь, арадио аҿы еиҭагаҩыси журналистси аус луан.
1979-1982 шықәсқәа рзы изныкымкәа Пола Аԥсны даҭаахьан асовет-америкатәи агеронтологиатә експедициақәа дрылахәны. Аԥсуаа рықәра ҭҵаауа лара ареспублика ақалақьқәеи ақыҭақәеи дрылаланы абыргцәа дрыҿцәажәон, ианылҵеит 150 рҟынӡа аиҿцәажәарақәа.
"Раԥхьаӡа акәны Аԥсныҟа сааит 1977 шықәсазы туристк иҳасаб ала. Схәыҷқәа ҩыџьа сыцны Пицунда ҳаԥсы ҳшьон. Ари Аԥсни сареи раԥхьатәи ҳаибадырра акәын. Усҟан сара исыздырамызт ара ақәра рацәа нызҵуа ауаа шынхоз. Сара зинтерес сымаз Амшын еиқәа, аплиаж, амра ракәын. Убри аан сара Москва аус зуан. Сҩызцәа еицҿакны Пицунда абара сабжьыргон. Дара роуп ауада ахьаанукылаша ауаа рҭыӡҭыԥ сызҭазгьы", - ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит Гарб.
Иааиуаз ашықәс азы Агәыӡера лыԥсы лшьон, анаҩс арахь дааит агеронтологиатә експедициа далахәны.
"Ари машәыршәа иҟалеит. Сара МАУ аҵыхәтәантәи акурс астудентка, америкауаҩы сыԥкын апрактика ахысра аус аҿы. Асовет-америкатәи експедициахь иансыԥхьа, иаразнакы сақәшаҳаҭхеит", - лҳәон ажурналистка.
Аԥсуа ԥҳәыс ақәра ду нызҵаз Хьфаф Лашәриаԥҳа (137 шықәса), Кәтол ақыҭаҿы лмоҭацәа рхәыҷқәа рааигәара. - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.12.2015
Пола Гарб: счымазара саиааит ақәрарацәа амаӡақәа ахьыздыруаз абзоурала
Аԥсуа быргцәа рықәранҵыра аҭҵаара лдипломтә усумҭа иашьаҭахеит, уаанӡа лара ари атема аинтерес шылмоуцызгьы.
"Усҟан Аԥсныҟа саара, акурорт акәымкәа аԥсуа қыҭахь снанагеит. Ари зынӡа аҽа дунеин. Очамчыра араион ақыҭақәа акыр ҳарҭааит, исгәалашәоит Ҷлоу сыҟазаара. Есыҽны абыргцәа ҳарзымҩахыҵуан", - ҳәа еиҭалҳәоит Пола Гарб.

Ихадоу аџьа

Пола Аԥсны деицырдыруеит раԥхьа иргыланы 1986 шықәсазы иҭыҵыз лышәҟәы "Ақәра ду змоу" ала. Иара акыршықәсатәи Аԥсныҟа лекспедициақәа ирылҵшәоуп. СССР зегьы аҿы миллионк рыҩнуҵҟа шәҩык ракәзар ақәра ду змаз, Аԥсны, 500-ҩык инхоз рҟынтә 250-ҩык рышықәс наган. Урҭ реиҳараҩыкгьы ргәамч ҭан, рхы иахәон. Иџьашьатәым асовет аамҭазы адунеи зегьы аҟынтә Аԥсныҟа ари афеномен аҭҵааразы аҵарауаа ахьаауаз.
Пола Гарб иазгәалҭон ақәранҵыра ацәеижьаҿы акәым ахаҿоуп иахьыҟоу ҳәа.
"Среспондентцәа абыргцәа рчымазара иацәыхьчамызт, аха дара зегьы рыхшыҩ цагәымызт, еилшәан. Ирҭахын ихәарҭазарц, аоптимизм рылыжжуан. Сгәанала абри ауп ақәра амаӡагьы", - ҳәа лҳәеит лара.
Гарб имҩаԥылгоз аҭҵаарақәа раан иазгәалҭеит, ҭаацәарақәак рҿы абыргцәа шырацәоу, аҽаџьара ишыҟаӡам. Убри иадылҳәалеит ашықәсынҵыра афеномен агенетикатә фактор ҵаҵӷәны ишазыҟоу.
Уи адагьы лара лгәаанагарала аҵакы аманы иҟоуп ауаҩы ифатә-ижәтә, арыцҳарақәа дшыриааиуа, иааикәыршаны ауаа дшырзыҟоу, аԥсҭазаара ахаҭа шидикыло.
Гарб лгипотезала ашықәсынҵыра ҵаҵӷәыс иамоуп агенетикеи аԥсҭазаара зҩыдеи.
Ажәабжьқәа зегьы
0