Пола Гарб: счымазара саиааит ақәрарацәа амаӡақәа ахьыздыруаз абзоурала

© Sputnik / Эдишерашвили / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥсуа ԥҳәыс ақәра ду нызҵаз Хьфаф Лашәриаԥҳа (137 шықәса), Кәтол ақыҭаҿы лмоҭацәа рхәыҷқәа рааигәара.
Аԥсуа ԥҳәыс ақәра ду нызҵаз Хьфаф Лашәриаԥҳа (137 шықәса), Кәтол ақыҭаҿы лмоҭацәа рхәыҷқәа рааигәара. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҳкорреспондент аинтервиу лыҭо, америкатәи аҵарауаҩ, аетнологиеи аконфликтологиеи рыпрофессор, ашықәс рацәа нызҵыз аԥсуаа ирызку ашәҟәы автор Пола Гарб еиҭалҳәеит ашықәс рацәа анҵра амаӡақәеи аԥсуа сасдкылареи аԥсҭазаара ҵоурала азнеиреи ртәы.

Ҳкорреспондент аинтервиу лыҭо, америкатәи аҵарауаҩ, аетнологиеи аконфликтологиеи рпрофессор, ашықәс рацәа нызҵыз аԥсуаа ирызку ашәҟәы автор Пола Гарб еиҭалҳәеит ашықәс рацәа анҵра амаӡақәеи Аԥсни лареи реибадыршьеи ртәы.

Аиҿцәажәара мҩаԥылгон Асҭанда Арӡынԥҳа.

— Пола, ишәҳәа раԥхьаӡа акәны Аԥсни шәареи шәеиԥылара атәы. Ҳреспубликахь шәаазгазеи, насгьы ианба?

— Раԥхьаӡа акәны Аԥсныҟа сааит 1977 шықәса рзы, туристк иаҳасабала. Пицунда ҳаԥсы ҳшьон схәыҷқәа аҩыџьеи сареи. Сара усҟан ашықәс рацәа нызҵуа ртәы ҳәа акгьы сыздырамызт. Зинтерес сыман иҟаз Амшын Еиқәеи, амреи амшынҟәареи ракәын. Усҟан сара Москва аус зуан. Сҩызцәа зегьы Пицундаҟа ԥсшьара бца ҳәа сыдыргалон. Зыҟны саангылашаз ауаа рҭыӡҭыԥ сырҭеит абасоуп арахь сшықәнагалаз.

Иацнеиуаз аԥхынраз сара Агәыӡера сыԥсы сшьон. Исҳәар сҭахуп сара сыԥсшьараамҭақәа ҵоураны ишысгәаламшәо, избанзар, аԥхьа — ахәыҷи сареи ҳачмазаҩхеит, аҩбатәи аан – аҭыԥантәи ҷкәынцәақәак рҟынтәи абналара сықәшәеит. Еиҭах арахь уаҳа схынҳәуеит ҳәа сыҟамызт, аха…

аԥсуа бираҟ - Sputnik Аҧсны
Амилаҭ рыхдырреи рхатәы бызшәеи ҩныҵҟала еидҳәалазароуп

Шықәсык ашьҭахь арахь сааит агеронтологиатә експедициа салахәны. Уи машәыршәа иҟалеит. Сара, МГУ аушьҭымҭа, америкауаҩ иахьаасҭахыҵәҟьоу сцо саауа ҟаломызт. Асовет-америкатә експедициа бҽалархә анырҳәа иаразнакы сақәшаҳаҭхеит. Аԥсуа быргцәа рыҭҵаара сдипломтә усумҭа иашьагәыҭхеит, уаанӡа ари атема аинтерес шсымамызгьы.

Араҟа сахьааиз аҽа дунеик саанылазшәа сҟалеит. Уажәы сахьыҟаз курортмызт, аԥсыуа қыҭан. Очамчыра араион иаҵанакуаз ақыҭақәа жәпакы ҳрылсит. Раԥхьа Ҷлоу ақыҭан ҳнанагеит. Есҽны абыргӡацәа ҳарҭаауан, ҳрацәажәон, иаабон.

— Шәышԥарыдыркылоз?

— Ҳашрыдыркылоз? Еиҭаҳәашьа амамкәа. Адиктафонқәа ҳаман. Иҭааҩуан. Ҳара ҳус ҳаҿнаҵы аҳәса ҳхәы-ҳаԥхь иаҿын. Ҳара аусура шьыжьнаҵы мацара акәын ианҳалшоз, избанзар иакымкәа иҩбамкәа аишәа-чарақәа рышьҭахь мыч ҳаман ҳзыҟаломызт. Аныҳәаҿа шьҭыхны аҩы умжәыр ҟалозма. Иара саргьы исықәшәалон ҿамҩак акәзаргьы аҟаҵара. Ана ҿамҩак, ара ҿамҩак… асасдкылашьа адунеиаҿ аҽакы иалаҩашьомызт, зехьынџьара ҭхаџьран. Сара усеиԥш џьаргьы исымбацызт.

— Ишәгәалашәома шәреспондентцәа ишәырҭоз анырра зеиԥшраз?

— Сара урҭ рҟәышра сыхнахуан. Акырӡа ибыргу ауаҩы, зыхшыҩи згәынкылареи еилшәарак змам ибара џьашьатәын. Ҳәарада, урҭ рышықәсқәа рныруан – ашықәс иацу ачымазарақәа рыман, аныҟәара рцәыцәгьан, зыблабара маҷыз ыҟан, аха ргәаҟәышра шрымац ирыман. Рыҿцәажәара даара исгәаԥхон. Зегь ааидкыланы бзиа избеит. 1979 шықәса рзы, Аԥснытәи сныҟәара иснардырит абарҭ аҭҵаарақәа иҵегь нап рыласкыр шысҭахыз. Уи нахысгьы сара арахь акырынтә саахьан.

Москва, адипломтә усура сҽазыҟаҵо, сара еилыскааит снапаҟны арымӡаа иҟоу аматериал шсымаз. Уи аиҳарак сдипломтә усура иаламлеит. Исзықәгылеит азҵаара – иабазгари абри хәы змаӡам аинформациа ссир? Убасоуп ашәҟәы аҩра аидеиагьы шысзааиз. Аԥхьаҵәҟьа сгәаанагара саацәшәеит, избанзар сара, астудентка қәыԥш, ахаангьы шәҟәык зҩып ҳәа сыгәгьы иҭасымкыцызт.

— Ҳара иаадыруеит аԥсуа експедициақәа рҟны еизыжәгаз аматериал шәышәҟәы "Ашықәсрацәа нҵыҩцәа" ишагәылылаз. Аҭҵаарадырра адунеи аҟны уи ашәҟәы еицырдыруеит…

— Ҳәарада, сара исымаз аинформациа касыжьуамызт, иагьысҵәахуамызт. Иара ауп шьаҭас сышәҟәы иаиузгьы. Аусура санаҿыз ашәҟәҭыжьырҭа исзеиҿнакааит аҽа експедициакгьы Аԥсныҟа. Уажәы сара еизызгар акәын ашәҟәазы иҷыдоу аматериал, иара убас афотоматериалгьы.

Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Аԥсны зықәра наскьахьоу ауааԥсыра ргәабзиараҭҵаара мҩаԥыргоит

— Адунеи аҵарауаа иахьагьы еимаркуеит ашықәс рацәа анҵра афеномен. Шәара, абри азҵаара амаӡақәа акраамҭа иаҵыздыраауаз, иалышәкаауазеи иҷыдоу маӡас?

— Сгәы иаанагоит еилыскааит амаӡа хада ҳәа. Ахшыҩ ауп ақәра рацәа анҵра зылшо. Ауаҩы ицәеижь ажәуеит. Ишысҳәахьо еиԥш среспондентцәа рышықәс иақәшәоз ачымазарақәа рыман, аха дара зегьы рхи рыхшыҩи еибагон. Урҭ ԥхьаҟа иԥшуан, ирҭахны рхы рбон. Сгәы иаанагоит убри ауп маӡа хадас иҟоу ҳәа. Аҭҵаарақәа рымҩаԥгараан ҳара иаабеит ишыҟаз аҭаацәарақәа зыҟны абыргӡақәа рацәаз, иара убри аан ибыргӡақәаз зламыз аҭаацәарақәагьы шыҟаз. Ари агенетикатә ҟазшьагьы аманы иҟоуп. Убри адагьы сара ихадароуп ҳәа исшьоит акрыфара, ахымҩаԥгара, аԥсҭазаара хра уманы азнеира. Сара иалыскааит абарҭ афакторқәа ҩба: агентә фактории аԥсҭазааратә хымҩаԥгашьа афактори.

— Аҳауатә ҭагылазаашьа анырра ҟанаҵома?

— Адунеи еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҟны инхо абыргцәа ҭҵаауа ҳара иааҳарԥшит ҟазшьа ҷыдақәак. Актәи афактор – иалкаау аҭыԥ аҟны зқьышықәсала инхо, автохтонтә уаажәларра роуп ашықәс рацәа нызҵуа. Ари Кавкази, Аладатәи Америкеи, Азиеи, Мрагылара Ааигәеи руааԥсыра еицырзеиԥшны иҟоуп. Иҟоуп агипотеза аетникатә гәыԥ маҷқәа рҟны ашықәс рацәа еиҳа инызҵуа ауаа ҟалоит ҳәа. Аҩбатәи афактор — ашықәс рацәа нызҵуа ауаа злоу ажәларқәа зегьы ашьхараҟны ауп иахьынхо.

— Заҟа ихыҵуааз зегь иреиҳабыз шәреспондент?

— Иҟан шәышықәса ирхысхьаз, аха реиҳараҩык 90 шықәса зхыҵуаз ракәын. Уажәы Америкагьы убриаҟара шықәса зхыҵуа рацәаҩуп, аха 40 шықәса раԥхьа уи уаҩы иџьеишьартә иҟан. Уажәы адунеи зегь аҟны ауаа рыԥсҭазаара еиҳа еиҵыҵит.

— Абырг ишықәс шԥашьақәшәыргылоз?

— Ирацәаҩын шәҟәы-быӷьшәы змамыз. Ашықәс рацәа ахыҵра аҳаҭыр ахьамаз азы иҟан зықәра иацызҵақәозгьы. Устәи аҭагылазаашьақәа раан ауаа ираҩсхьоу аамҭақәа ирызхьаҳарԥшуан, рҭакқәеи иҟаҵәҟьази еиҿҳарԥшуан.

Агәра шәсыргоит уи аметодика ииашан аус шауа. Ирацәаҩын зышықәс иашаҵәҟьаны иззымдыруаз. Урҭ еиҳарак рирашықәс ҭоурыхтә хҭысқәак ирыдырҳәалон. Иаҳҳәап 1911 шықәса рзы иҟаз Ас ду, нас аибашьрақәа, ареволиуциа. Иазгәаҭатәуп аҳәса рыбжьара еиҳа ишырацәаз абыргӡацәа. урҭ реиҳараҩыкгьы еибацәан.

— Шәара Аԥснада егьырҭ атәылақәа рҟны ашықәс рацәа нызҵыз ауаа ҭышәҵаахьазма?

Аинфаркт иаԥхьанеиуа аҭагылазаашьа аазырԥшуа аппарат ҿыц роуит Аԥсны

— Азербаиџьантәыла сыҟан Аԥсны шьыжьнаҵы арҳәарах, ацәеижь арыцқьараз ауаткацәқьа ржәуазар, уаҟа ачаи ржәуеит, уи ашықәс рацәа анҵра иахәоит ҳәагьы ирыԥхьаӡоит.

— Ауаткацқьеи ачаии рыда еиԥшымрас ирымоузеи уатәии аратәии абыргӡацәа?

— Еиԥшуп. Ихаданы еицрымоу аԥсҭазаара азнеишьа ҵоуроуп. Сара сыҭҵаарақәа анымҩаԥызгоз, ашәҟәы аҩра санаҿыз ҩыџьа ахәыҷқәа сранын. Ҳәарада еилыскаарц сҭахын ахшара шырааӡоз, аиҳаби аиҵби пату шеиқәырҵоз, аҟәышра шрыларааӡоз. Зегь раасҭа еиҵаны сара аилкаара сашьҭан ашықәс рацәа шнысҵашаз. Избанзар ҩеижәа шықәса уанырҭымсыц адунеи уақәлахошәа убоит.

Уажәы сара 67 шықәса схыҵуеит. Усҟан избаз-исаҳаз уажәы акыр исыхәоит. Мраҭашәаратәи аҵарауаагьы иазхарҵоит ауаҩы иҵоураны аԥсҭазаара иазнеишьа иныԥшуеит ҳәа. Уи адырра иахьагьы исзаанханы сыҟоуп.

Шықәсқәак раԥхьа ачымазара сыдырбалеит, гепатит С бымоуп рҳәеит. Уи сара иааха ӷәӷәаны исоуит. Шықәсыбжак аҟынӡа схы рыцҳашьо, счымазара аӡбахә неиҭаҳәо сныҟәон. Сыԥсуеит ҳәа ада сыздырамызт. Аха нас сгәы ԥҵәеит. Схы снапаҿы иаазгеит. Ахрыцҳашьарагьы саҟәыҵит. Счымазара акәзаргьы асеиԥш ишазыԥшымыз, еиҳа аиӷьхара соуа салагеит. Сҳақьым иҟалаз оумашәа ибон. Ҳәарада инагӡаны ачымазара сзазымиааит, аха уи иахьа ахы шьҭыхны иҟам. Аҳақьым изеиҭасҳәеит сыфатә зегьы ицқьоу аалыҵ ишалхыз, аспорт нап шаласкыз, зегь раасҭа ихадоу — исыхьуаз зынӡаск азхәыцра мап шацәыскыз. Иаргьы абарҭ зегьы рыгәра игон, биашоуп ҳәа сзиҳәеит. Сара сакәзар, акыр шықәсқәа раԥхьа абыргӡацәа ирҿысҵааз сыхәеит.

— Шәгәы ишԥаанаго, аҵарауаа ашықәс рацәа анҵра аинтерес рцәыӡма?

— Сгәы иаанагоит ари атема еснагь аинтерес аҵоуп ҳәа. Аамҭақәак раԥхьа ателехәаԥшрала избеит аҵарауаа уаанӡа зыхәышәтәра алымшоз ачымазарақәа рхәышәтәуа иалагеит, ауаа 90, 100 шықәса нырҵуа иалагеит ҳәа зҳәоз асиужет. 120 шықәса зхыҵуа ауаҩы 40 шықәса ихыҵуашәа дурҿар ауеит ҳәагьы рҳәон уа.

— Уи агәра жәгома?

— Ҩеижәа шықәса рышьҭахь ииашахоит рҳәеит. Аҵарауаа абри аганахь ала аусурақәа ирҿуп. Аԥсра аӡәгьы иҭахӡам, убри азы агеронтологиа еиҳагьы аинтерес аҵалеит.

— Сара издыруеит шәара аетнолог ҳәа адагьы аконфликтолог ҳәагьы шәшыҟоу. Аԥсны абри аганахь алагьы аинтерес шәзаҵоуп, ақырҭуа-аԥсуа еимак ҭышәҵаауан…

— Аконфликтологиа сара аинтерес скит Аԥсны абыргӡацәа анҭысҵаауаз. Абыргцәа рхеилак аимакқәа аҭыԥ ишықәнаҵоз ансаҳа ашьҭахь аконфликтологиагьы нап аласкит. Абас ала агеронтологиаҟынтәи аконфликтологиахь сиасит.

— Аԥсуаа ақырҭцәеи реирцәажәара, реирнырра шәаҿын аибашьра ашьҭахь. Иаҳзеиҭашәҳәа абри атәык.

— Сара аимак аҭыԥ ишықәҵатәыз здыруеит сҳәом. Уи здыруа дара аганқәа заҵәык роуп. Сара еизызгон аԥсуаагьы ақырҭцәагьы, дара рхала реимак аҭыԥ иқәырҵарц ирымоу рыҩныҵҟатә ресурсқәа ирыласырцәажәон. Иара убри аан сара ибзианы еилыскааит аибашьрақәа раԥырҟәҟәаара шахәҭоу, избанзар ауаа ирцәыцәгьоуп иҟалаз ахаршҭра.

— Шәара аамҭа-аамҭала Аԥсны шәаҭаалоит, иара уажәгьы ҳаҳҭнықалақь агәҭа ҳаицәажәоит…

— Сара ААУ астудентцәа, жәларбжьаратәи афакультети англыз бызшәа аҟәшеи рҟны, алекциақәа сырзаԥхьоит. Аҵара зҭаху, иҵоуроу ҿаруп.

— Шәара Америка шәынхоит. Ирдыруазеи уаҟа Аԥсны аӡбахә ала?

— Америка шамахамзар аӡәгьы Аԥсны аӡбахә издырам. Ирдыруеит сыстудентцәа. Иҟоуп урҭ рҟынтәи Аԥсныҟа аара зҭахугьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0