Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Кәыҵниаԥҳа Абызшәатә политиказы аусбарҭа абиуџьет иазкны

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Кәыҵниаԥҳа Абызшәатә политиказы аусбарҭа абиуџьет иазкны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы аусбарҭеи ахәыҷтәы журнал "Амцабзи" 2025 шықәсзатәи рбиуџьет иалацәажәеит атәыла аԥыза-министр Александр Анқәаби, Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы аусбарҭа аиҳабы Гәында Кәыҵниаԥҳаи, аусбарҭа аспециалист хада, ахәыҷтәы журнал "Амцабз" аредактор хада Гәында Сақаниаԥҳаи реиԥылараҟны. Аԥсны аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы аусбарҭа аиҳабы Гәында Кәыҵниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит излацәажәаз азҵаара хадақәа зызкыз, иззыԥшу алҵшәақәа ртәы.
Ҵыԥх Аԥсны аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы аусбарҭа апрграммақәа рынагӡаразы 7 миллионки 500 нызқь мааҭ ыҟазҭгьы абиуџьет, ҳаԥхьаҟа 9 миллионки 700 нызқь мааҭ рҟынӡа ишьҭыхзырц иалацәажәан аиҳабыра рхада иҟны имҩаԥысыз аиԥылараҿы.
"Аусбарҭа ахыдҵақәа рацәаны иамоуп, арахь 5-6 аспециалистцәа рыда ыҟаӡам. Убри аҟынтә иауазар аштатқәагьы рыцҵара ҳҭахуп. Иаҳҳәап, адәныҟатәи аӡыргара аганахьала аспециалист даҳҭахуп, иара убасгьы IT-апрограммақәа рыҟаҵаразы аштатқәа ҳрыҳәоит. Адәныҟатәи аӡыргара атәы ҳҳәозар, иахьабалак уахьынаԥшааԥшуа агхақәа рацәаны иҟоуп. Ихадароу азакәанқәа иреиуоу абызшәазы азакәани аӡаргареи рзы еилагоуп", - лҳәеит Кәыҵниаԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0