Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Пицунда иаатит Х Жәларбжьаратәи афестиваль "Пицундатәи ауарӷантә хәылԥазқәа"

© Sputnik / Томас Тхайцук Фестиваль Органные вечера в Пицунде
Фестиваль Органные вечера в Пицунде - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.09.2024
Анапаҵаҩра
Ари 1977 инаркны 1992 рҟынӡа есышықәса Пицунда имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи аорӷантә музыкатә фестиваль ду иамыздаз фестивальуп.
АҞӘА, цәыббра 9Sputnik. Х Жәларбжьаратәи афестиваль "Пицундатәи ауарӷантә хәылԥазқәа" аатит Пицундатәи аныхабаа аҳәынҭқарратә концерттә зал аҟны.
"Жәашықәса ирылагӡаны афестиваль Урыстәылеи Европеи рҟны азхаҵара аиуит, зҩаӡара ҳараку артистцәа здызкыло ҭыԥны иҟалеит", - ҳәа лҳәеит Пицундатәи аныхабаа аконцерттә зал асахьаркыратә наԥхгаҩы Марина Ешԥҳа.
Аԥсуа ртистцәа рнаҩсангьы афестиваль рҽаладырхәырц Аԥсныҟа иааит Урыстәыла, Австриа, Белоруссиа, Иапониа рҟынтәи анагӡаҩцәа. Ахәаԥшцәа рҿаԥхьа иқәгылоит Лука Гаделиа, Кристина Ешԥҳа, Лиудмила Голуб, Владимир Хомиаков, Хироко Иноуе, Владимир Невдах уҳәа аӡәырҩы.
Афестиваль мҩаԥыслоит цәыббра 14 рҟынӡа.
Ажәабжьқәа зегьы
0