Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: Урыстәыла афинанстә цхыраара аркьаҿра, Гәдоуҭа ахада ҿыц, Адыррақәа рымш

© Sputnik / Томас ТхайцукПервый звонок в сухумской школе
Первый звонок в сухумской школе - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.09.2024
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит нанҳәа 2-8 рыбжьара ареспубликаҿы еиҳа аҵакы зманы иҟаз ахҭысқәа рыхҳәаа.
Урыстәыла афинанстә цхыраара заркьаҿыз, ареспублика амчрақәа уи ишаиааиуа, Гәдоуҭа ахада ҿыцс иҟалаз, Курск ауааԥсыра агуманитартә цхыраара шырзеизырго уҳәа Sputnik аматериал аҿы.

Аҵарашықәс ҿыц

Сынтәа цәыббра 1 ахьԥсшьарамшыз азы Адыррақәа рымш хьшәаны иазгәаҭан. Цәыббра 2 рзы ареспублика ашколқәа зегьы рҟны имҩаԥган аныҳәатә цәаҳәақәа, ауснагӡатәқәа.
2500-ҩык инареиҳаны ахәыҷқәа сынтәа ашкол ахь ицеит. Аԥсны зынӡа 153 школ ыҟоуп, урҭ рахьтә 40 ақалақь школқәоуп, ақыҭақәа рҟны — 113 школ ыҟоуп. 4000-ҩык арҵаҩцәа аус руеит. 11-тәи акласс ахь ииасит 1855-ҩык ахәыҷқәа.
Первый звонок в четвертой школе  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.09.2024
Аԥсны
Раԥхьатәи аҵәҵәабжьы: аҵарашықәс ҿыц хацыркуп Аԥсны

Аԥаразоужьра аԥкра

Ииасыз амчыбжь азы асоциалтә ҳақәа рҿы ицәырҵит адокумент — Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Козаки Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниеи реилацәажәара Аԥкаанҵа ҳәа иазгәаҭоу.
Адокумент аиашараҵәҟьа макьана ишьақәыргылам, иара иану аинформациала, урыстәылатәи аган иагәҭакуп аӡбарҭатә ӡбамҭақәа рыдкылараз аиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәареи апартаментқәа рзы азакәан адкылареи, иара убасгьы аҳәаанырцәтәи аинвесторцәа рзы альготақәа рышьақәыргылареи мҩаԥгахаанӡа аԥаразоужьратә программақәа раанкылара. Уи адагьы аԥснытәи амчрақәа Апарламент адепутатцәеи аоппозициа аԥхьагылаҩцәеи, Урыстәыла атәылауаҩра змыхзар ауаа ирызку адыррақәа ҟанаҵароуп ҳәа арбоуп. Ахада Иусбарҭа арҭ адҵаҟаҵарақәа мап рцәыркхьеит.
Атәылаҿ ари атема еиҳа излацәажәоз ажәабыжьхеит. Асоциалтә ҳақәа рхархәаҩцәа рыдагьы ауаажәларратәии аполитикатәии аусзуҩцәагьы, иара убасгьы аофициалтә мчрақәагьы алацәажәеит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамбеи Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Рауль Лолуеи цәыббра 3 рзы ахҳәаа арҭеит асоциалтә ҳақәа рҿы ицәырҵыз адокумент.
Сергей Шамба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.09.2024
Аԥсны
Козаки Бжьаниеи реилацәажәара Аԥкаанҵа ҳәа иазгәаҭоу адокумент ахҳәаа аиҭеит Шамба
Убри аан, Шамба иҳәеит аиԥылара нанҳәа 19 рзы ишыҟаз, Аԥкаанҵа арыцхә нанҳәа 26 ҳәа ишарбоу, Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иара анапаҵаҩраан дшыҟамыз.
Афинанстә цхыраара аганахь ала шәарақәак цәыббра 1 азы ишаанкылахо шьақәирӷәӷәеит аминистр.
Рауль Лолуа агәҭынчымра ааирԥшит Урыстәыла аганахь ала амчратә усбарҭақәа ироуа аԥара дыркьаҿыр ауеит ҳәа.
"Урыстәылатәи аган адокументқәа зегьы рҿы иазгәанаҭон Аԥснытәи аган ахыдҵақәа нанамыгӡо иалагар афинанстә цхыраара аанкылахоит ҳәа", - иҳәеит иара.
Лолуа иҳәеит арҵаҩцәеи амедусзуҩцәеи рулафахәы ари аԥаразоужьра аркьаҿра ишаҵанакыз, иара убасгьы сынтәа алашара аиура абиуџьет аҟынтәи ахә ахшәаара аҭаххоит ҳәа.
Рауль Лолуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.09.2024
Аԥсны
Лолуа: Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа еиҳагьы ирӷәӷәалатәуп
Урыстәылатәи аган афинанстә цхыраара ԥнакит Аԥсны азакәанԥҵара аишьаршәалараз апрограмма аҭагылазаашьақәа ахьазынамыгӡаз азы ҳәа иҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба Аԥсуа телехәаԥшра аинтервиу аҭо.
Арахь иаҵанакуеит агәабзиарахьчара, аҵара, акультура, аспорт, асоциалтә маҵзура русхкқәа рҟны хаз игоу аҳәынҭусбарҭақәа русзуҩцәақәа ркатегориақәак рԥаразоужьразы аиқәшаҳаҭра.
Урыстәылатәи афинанстә цхыраара аԥкрақәа аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәеи егьырҭ аструктурақәеи рматериалтә еиқәыршәаразы ԥырхага анаҭом.
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба иажәақәа рыла, Урыстәылеи ҳреспубликеи ирыбжьоу егьырҭ аиқәшаҳаҭрақәа аанкылахаӡом.
Убри аан иара иҳәеит Аԥсны абиуџьет аусзуҩцәа рҿаԥхьа иҟоу ауадаҩрақәа ирыхьмырԥшыкәа ауалԥшьақәа нанагӡоит.

Ахәаша, цәыббра 5 рзы Аминистрцәа реилазаара асаит аҿы иазгәаҭан Аԥснытәи аган ишынанамыгӡаз Урыстәылеи Аԥсни рзакәанԥҵарақәа реишьашәалара апрограмма апунктқәа ҩба - аекономикатә усқәа рзы аӡбарҭатәии арбитражтәии ӡбарақәа рынагӡареи аинвеспроектқәа рымҩаԥгареи рзы аиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәара аҿҳәарақәа рынамыгӡареи.

Арҭ апунктқәа 2024-2025шш. рзы иазԥхьагәаҭаз азакәанԥҵарақәа реишьаршәалара аҩбатәи ахәҭа ауп. 2021-2023 шықәсқәа рзы иазгәаҭаз 45 пункт рҟынтәи инагӡоу 26 пункт роуп.

Гәдоуҭа ахада ҿыц

Валери Аҩӡба Гәдоуҭа араион ахадас дшьақәырӷәӷәоуп.
Абжьыҭира иалахәын араионтә еизара адепутатцәа 28-ҩык , урҭ рахьтә 27-ҩык иара изы рыбжьы арҭеит, аӡәы – мап ицәикит.
Аҩӡба уаанӡа Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иусԥҟала рашәара 3 рзы араион ахада и.н. ҳәа даҭан. Уи иаԥхьа араион ахада и.н. Рауль Лолуа икандидатура араионтә еизара мап ацәыркхьан.
Валерий Авидзба - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.09.2024
Аԥсны
Валери Аҩӡба Гәдоуҭа араион ахадас дшьақәырӷәӷәоуп

Амца ырцәоуп

Гал араион аҟны агәамсамеизакырҭаҿы амцакра хымчыбжь рҟынӡа ирызмырцәакәа иҟан. Иара иадыԥхьалан АҶА ацхырааҩцәа, атехника ҷыда. Амца арцәара алыршахеит цәыббра 6 рзы.
Sputnik зыҿцәажәоз Гал араион ахада ихаҭыԥуаҩ Дмитри Адлеиба иҳәеит амца арцәара иацхрааит илеиз ақәа ҳәа. Аҟәатәи атехника Галынтәи иқәыргеит. Аҭыԥ аҿы иаанхеит аҳҭнықалақьи Гал араиони ркоммуналтә маҵзурақәа. Урҭ ихәыҵҟьар зылшо амцакрақәа хылаԥшра рырҭоит.

Курск ацхраара

Аԥсны Курсктәи аобласт ауааԥсыра рзы агуманитартә цхыраара аизгара иалагеит.
АҶА аусбарҭаҿы ирҳәеит ауааԥсыра рактивра лаҟәуп, аха амаҭәа-аҩыҭа аагара иалагахьеит ҳәа.
Аиҳарак ирыдыркыло амаҭәа ԥхақәеи иԥхасҭамхо – ачашыла, ашьақар, ашьаҳариа, аконсервқәа, аԥаҭлыка иҭоу аӡы роуп.
Аизгарҭа ҭыԥ аԥсшьарамшқәа раан ада Аҟәа, АҶА иатәу ахыбра, Аконфедератцәа рымҩаҿы аус ауеит асааҭ 9:00 - 18:00 рыҩныҵҟа. Еиҳа инарҭбаау аинформациа аиура алшоит абри аҭел ала: 226-30-49, асааҭ 09:00 - 18:00.

Ацәыӡ ду

89 шықәса дшырҭагылаз ԥсҭазаара далҵит Альберт Тополиан — ауаажәларратәии аполитикатәии аусзуҩ, Аԥсны Афырхаҵа, "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡара занашьаз.
Аслан Бжьаниа адышшылара ҟаиҵеит Альберт Тополиан иԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы.
Атәыла ахада иазгәеит Аџьынџьтәылатә еибашьраан атәыла ахьчареи аибашьра ашьҭахь аԥсуа ҳәынҭқарра арҿиареи рус аҿы Тополиан илагала дуқәа.
"Аибашьра ашьҭахьтәи аамҭақәа рзы Альберт Тополиан активла далахәын аҭынч ԥсҭазаара ашьақәыргылара еиуеиԥшым аҳәынҭқарратә маҵзурақәа дырхагыланы. Иара иԥсҭазаара зегьы ҿырԥшыган Аԥсадгьыл амаҵ аураҿы", — аҳәоит адышшыларатә шәҟәы аҟны.
Альберт Тополиан диит мшаԥы 2 1935 шықәазы. Аԥсны амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара аветеран, 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра алахәыла, Баграмиан ихьӡ зхыз аерманцәа рбаталион аибашьҩы.

Шьамтәылеи Аԥсни рыбжьара аилахәаахәҭратә еизыҟазаашьақәа

Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Мухаммад Али Шьамтәыла ааглыхратәии ахәаахәҭратәии сектор ахаҭарнакцәа дырԥылеит. Ирылацәажәан Аԥсни Шьамтәылеи реилахәырақәа русеицура аԥеиԥш азҵаарақәа.
Аиԥылара иалахәын аилахәыра "CEMTECH" адиректор хада Џьибраил Аль-Ашхабии Шьамтәыла ааглыхратәии ахәаахәҭратәии еилахәыра дуқәа рхаҭарнакцәеи.
Инаҵшьны иазгәаҭан ацәыргақәҵақәеи аусутә уснагӡатәқәеи рҟны атәылақәа рыҩба рнаплакҩцәеи ринвесторцәеи ралахәра.

Акультуреи аспорти

"Аимҵакьачара" азы жәларбжьаратәи аицлабра мҩаԥысит Аҟәа цәыббра 4-6 рзы. Уи иалахәын акомандақәа жәба: Афон ҿыц, Кәтол, Дәрыԥшь, Ҷлоу, Аҷандара, Ԥақәашь, Аҟәатәи абжьаратә школқәа N1, N5, амҳаџьырқәа рхылҵшьҭрақәа рыла еиҿкаау ҭырқәтәылатәи акоманда.
Иаиааит Ҷлоу акоманда. Афинал аҿы Ҭырқәтәылатәи акомандеи иареи реиԥылараан 8:6 ҳәа иаиааиит.
Аиҿкааҩцәа: Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс, Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аилак, Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аилак.
Аԥснытәи абоксиор Харитон Агрба IBF Intercontinental, WBA ContinentalI ахьӡқәа дрыԥсахеит актәи абжьарабжа зыкапан ыҟоу рыбжьара ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭспортеилакы.
RCC Boxing Promotions аицлабраҟны иара дииааит WBC аверсиа ала Аргентинеи Латинтәи Америкеи рчемпион Клаудио Габриел Данефф.
Аицлабра мҩаԥысуан цәыббра 6 рзы, Челиабинск ақалақь аҿы. Харитон Агрба аиааира ианашьаразы аӡбаҩцәа зегьы еицҿакны аӡбара рыдыркылеит.
Сҭампыл иаадыртит аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵа. Barin Han агалереиа аҟны ицәыргоуп Асида Аҳәԥҳа, Адамыр Аршба, Аԥшьа Ҳагԥҳа, Асҭанда Чамагәуаԥҳа, Баҭал Џьапуа, Сабина Хынҭәԥҳа, Олег Ҷедиа, Саида Кәыҵниаԥҳа, Архип Лабахәуа русумҭақәа.
Аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵа Аԥсуа милаҭтә сахьатә галереиа абылра иазкын.
Ансамбль "Мырзаҟан" ықәгылеит Риазан цәыббрамза 6-7 рзы имҩаԥысуаз Ажәытә қалақьқәа Жәларбжьаратәи рфорум агала-концерт аҿы.
Ансамбль анапхгаҩы Иракли Џьумутиа Sputnik ишазеиҭеиҳәаз ала, Аԥснынтәи инеиз аколлектив инанагӡеит акәашарқәа хԥа — аԥсуа милаҭтә кәашара, ауаԥс кәашара, ашьхарыуаа рыкәашара.
"Мырзакан" афорум иалахәын Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра адгыларала.
Ажәабжьқәа зегьы
0