Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Урыстәыла Арбџьармчқәа ДЖәР аҟны аиланхарҭақәа ԥшьба рхы иақәиҭыртәит

© Sputnik / Станислав Красильников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРасчет ПВО группировки "Центр" на Авдеевском направлении
Расчет ПВО группировки Центр на Авдеевском направлении - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.09.2024
Анапаҵаҩра
Уахыки-ҽнаки рыла украинатәи аруаа ирцәыӡит 2175-ҩык ҳәа аҳәоит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра адырраҭара.
АҞӘА, цәыббра 10Sputnik. Донецктәи Жәлар рреспубликаҿы рхы иақәиҭтәуп аиланхарҭақәа Красногоровка, Григоровка, Водианое, Галицыновка ҳәа аҳәоит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра адырраҭара.
Аоператив-тактикатә авиациеи, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәеи, аракетатә ари артиллериеи 134 раион рҿы Украина аибашьыга техникеи аруааи ааха рырҭеит, еилаԥырыххааит аицҭырҟьаратә система М270 MLRS , аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ахьыҭрыжьуаз ацех.
Аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа икарыжьит напхгара змоу авиациатә бомбақәа Hammer быжьба, HIMARS 7 хгәыцәк, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 175, урҭ рҟынтәи 154 арратә операциа ҷыда анҭыҵ.
Арратә операциа иалагазар УкрАМ рцәыӡқәа иреиуоуп: 642 ҳаирыплан, 283 вертолиот, 31 341 аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, 579 зенит-ракетатә комплекс, 17 980 танки акәылӡымашьынеи, 1 449 реактивтә система, 14415 артиллериатә шьақәгылеи аминаршәгақәеи, 25868 ак аибашьыгатә автомобилтә техника.
Ажәабжьқәа зегьы
0