Пограничный пост Псоу - Sputnik Аҧсны, 1920
Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи реиҿкаара

Ешыратәи абжьаратә школ аҿы х-класски аспортзали аиҭашьақәыргылара иалагеит

© Foto / Пресс-служба президента АбхазииКапитальный ремонт трех классов и спортзала начался в Эшерской школе
Капитальный ремонт трех классов и спортзала начался в Эшерской школе - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.09.2024
Анапаҵаҩра
Ешыратәи ашкол сынтәа шәышықәса ахыҵуеит, иазгәаҭоуп Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба ихьӡ ахҵара.
АҞӘА, цәыббра 18 — Sputnik. Ешыратәи абжьаратә школ аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылагеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ахада ипресс-маҵзура.
Ашкол аиҳабы Фатима Сақаниа лажәақәа рыла, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа цонаҵы аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи ааигәатәи Гәымсҭатәи ашкол аҩбатәи асменахь иныҟәалоит.
Уаҟа ажәытә ашьых амхны, афымцацәаҳәақәа ԥсахны иҟаҵоуп. Аспортзал аҟны адашьма ҿыц ықәҵоуп, аҭыӡқәа шьыхуп, аҿыԥсахырҭеи аҽыкәабарҭақәеи рҟны аиҭашьақәыргылара иаҿуп.
Иара убас иазгәаҭоуп амцацәыхьчаратә мардуан аԥсахреи, ашкол ааигәа-сигәа арҽеирақәа рымҩаԥгареи.
Анардадкылартә еиҿкаара анаԥхгаҩы Асҭамыр Қәҭарба иажәақәа рыла, аусурақәа 85% инагӡоуп, аусурақәа зегь рхыркәшара азгәаҭоуп жьҭаара акы азы.
Ареспубликатә биуџьет аҟынтәи аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирзоужьуп 6,5 миллион мааҭ.
Насосную станцию начали ремонтировать в Очамчыре - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.09.2024
Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи реиҿкаара
Ешыра аӡхагалагатә станциа аиҭашьақәыргылара иалагеит
Ажәабжьқәа зегьы
0