Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Зыԥсҭазаареи зырҿиареи ахәыҷқәа ирзызкыз апоет: Џьота Тапаӷәуа диижьҭеи шәышықәса ҵит

© Foto / их архива семьи Тапагуа Џьота Тапаҕәуа
Џьота Тапаҕәуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.09.2024
Анапаҵаҩра
Цәыббрамза 20 рзы ахәыҷтәы поет Џьота Тапаӷәуа диижьҭеи 100 шықәса ҵит.
Ҳаԥсуа поезиаҿы, иалкаан иаагозар ахәыҷтәы литератураҿы, зырҿиара зегьы ахәыҷқәа ирызку ажәеинраалақәеи апоемақәеи рыҩра иазызкыз поетуп Џьота Константин-иԥа Тапаӷәуа. Иахьа ҳара ҳнапаҿы ҿыц иҭыжьны иаҳкуп апоет ирҿиара еидызкыло х-томк иҟоу ашәҟәы. Урҭ ирнуп ахәыҷқәа ирызку ажәеинраалақәеи жәеиза поемеи.
© Foto / их архива семьи Тапагуа Џьота Тапаҕәуа
Џьота Тапаҕәуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.09.2024
Џьота Тапаҕәуа
Аиашазы, Џьота Тапаӷәуа ирҿиара мацара акәӡам ахәыҷқәа ирзикыз, уи иԥсҭазаара зегьы рзикит. Сара ибзиан исгәалашәоит еицырдыруа аԥсуа поет Мушьни Миқаиа Џьота изы ирлас-ырласны иҳаиҳәалоз:
"Уи сара сабиԥара ҳаиҵеиааӡеит, даара дырҵаҩ бзиан, дуаҩы хәшан. Ҳзыԥхьашаз адҵа иҳаиҭоз анаҩысгьы, дҳалагылан иажәеинраалақәа дҳазрыԥхьон, дҳазҵаауан еиҳа иаҳгәаԥхо аҭыԥкәа хаҭала изаҳгәаԥхоз, уажәраанӡа иҳаҳахьаз ажәақәа еидҳәалан еихышәшәа иазҳәоу иазымҳәоу, иабацхраатәу, иабариашатәу ҳәа?! Уи убас иара ҳиаҟаратәны, ҳиқәлацәоушәа дҳацәажәон, ииҳәоз зегьы убас агәра ҳиргон, ииашаҵәҟьан, зны-зынла маҷӡак иахьаҳгәамԥхаз, мамзаргьы еиҳа еиӷьтәтәуп ҳәа ҳгәы иахьаанагоз, ҳацәыԥхамшьакәа иаҳҳәо аҟынӡа ҳнеигеит. Иҳабжьихит иҳабжьаз аиҳабра-аиҵыбра, ҳгәаанагарақәа ҳаҭырқәҵарала еибаҳҳәартә ҳҟаиҵеит. Убри азоуп, аиҳабыратә классаҿы итәаз иара иҵаҩцәа зегьы егьырҭ ҳарҵаҩцәа раҵкыс бзиа дзаабоз, уимоу, егьырҭ арҵаҩцәа рҿы ҳазцәыԥхашьоз зегьы иара иҿы иаартны аҳәара ҳалагеит!.."
Ашәәҟыҩҩы Мушьни Миқаиа диит жәабран 22 1932 шықәсазы Очамчыра араион Кәтол  ақыҭан - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.09.2020
Ахьы зҿыҵышәшәоз ашлақәа ирхылҵыз: Мушьни Миқаиа игәалашәара
Абар, уи иажәеинраала "Шаҟа ибзиоузеи" аҿы ахәыҷқәа ииашан реизыҟазаашьа шааирыԥшуа:
Шаҟа ибзиоузеи,
Ухала ианыҟауҵо,
Арҵаҩы аҩныҟазы
Иуиҭаз адҵа.
Уаҿамхакәа уаԥхьо,
Ухала уҳасабуа,
Ишахәҭоу уҩтәқәа зегьы
Ануҩуа ицқьаӡа.
Даара уиашоуп,
Ихҩылаа мҳәакәа,
Уҩыза унаидтәалан,
Изеилымкааз адҵа
Аниурҵа.
Џьота Тапаӷәуа ахәыҷқәа рзы иааиҩуаз зегьы урҭ ихааӡа рхы-ргәаҿы иаанхарц азы ирмарион, ираԥсышәон, рхәыцрақәа ирзааигәеитәуан, убри азы ргәынкыларагь, рҵарагьы мариахон. Акырынтә, усҟан ҳара ҳқәыԥшқәан аха, ашколқәа рҿы, акультуратә ханқәа рҿы апоезиатә хәылԥазқәеи аиубилеиқәеи рҿы аицықәгыларақәа анҳақәшәоз, игәауҭон ахәыҷқәа шаҟа бзиа ибаны изыӡыҩруаз, дырҭахыз, избанзар уи иажәеинраалақәа дара ашколтә программақәа рҿы иахысуан, ирҵон, уажәы иара, урҭ ацәаҳәақәа равтор, данырбалак, даара еигәырӷьан иԥылон. Шәахәаԥши, апоет ахәыҷӡақәа ирзикыз ажәеинраала "Дхәыҷуп лхаҭа" шаҟа еихышәшәо, насгьы урҭ архәыцыртә, иааӡартә иҩуа:
Аишәа дахыҳәҳәом,
Дхәыҷуп лхаҭа.
Насгьы, зегь лара
Дреиҵбуп аҩнаҭа.
Хышықәса лхыҵуам,
Лхала акрылфоит.
Лхала асаанқәа
Шьҭыхны илыӡәӡәоит!..
Иҟалҵо, илуа,
Дақәшәоит ҳәарада.
Лара уи лҿылҵааит,
Лаҳәшьеиҳаб Ада.
Уажәы ҳаныԥшылап апоет иԥсҭазааратәи ирҿиаратә мҩеи:
Тапаӷәуа Џьота Константин-иԥа (20.09. 1924, Аԥсны, Очамчыра араион Кәтол ақыҭа – 01.05.2013) – аԥсуа хәыҷтәы поет, апрозаик, аиҭагаҩ. Апедагогикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат (1978). Аԥсни (1966) Қырҭтәылеи (1975) зҽаԥсазтәыз рырҵаҩы. СССР-и (1959) Аԥсни Рышәҟәыҩҩцәа реидгылақәа рлахәыла. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа (1941-1945) далахәын. Ианашьоуп СССР аибашьратә орденқәеи амедалқәеи, насгьы Н.К. Крупскаиа лыхьӡ зху амедал (1985) уҳәа егьырҭгьы. Дыҩуан аԥсышәала.
© Foto / их архива семьи Тапагуа Џьота Тапаҕәуа
Џьота Тапаҕәуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.09.2024
Џьота Тапаҕәуа
1939 ш. Кәтолтәи ихарҭәаам абжьаратәи ашкол даналга, дҭалеит Аҟәатәи арҵаҩратә ҵараиурҭа, аха аҩбатәи акурс аҟны дыштәаз афронт ахь дцоит. Аибашьра анеилга иҵара наигӡоит. Рҵаҩыс аусура далагоит Кәтолтәи ашкол аҟны. 1953 ш. А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт дҭалоит, дагьалгоит 1957 шықәсазы. Аусура хациркуеит ахәыҷтәы журнал "Амцабз" аредакциаҿ, уи нахыс – Аҟәатәи аԥсуа школ арҵаҩыс дыҟан. Аамҭақәак рышьҭахь Аԥсны аҵара аминистрра аԥсуа бызшәеи алитературеи рзы аинспекторс диаргоит. 1992 ш. инаркны атәанчара ашҟа диасуеит, аха 2004 ш. азынӡа арҵаҩцәа реиҭазыҟаҵара аԥсуа институт аҟны аус иуан.
Џь.Тапаӷәуа илагала бзиа ыҟоуп аԥсуа педагогика аусхк аҟны. Алагарҭатә классқәа рзы аԥсуа литература ахрестоматиақәа жәпакы еиқәиршәеит, иара убас арҵагашәҟәқәеи, апрограммақәеи, аметодикатә цхыраагӡақәеи уҳәа авторс дрымоуп. Уахь иалоуп: "Аҭаацәараҿы ахәыҷқәа рааӡара азҵаарақәа" (1962), "Аҳамҭа. Ашколқәра азынӡатәи ахәыҷқәа рзы" (1964), "Адиктантқәа реизга. Алагарҭатә классқәа рзы (1972), "Аиҭаҳәақәа рыҩразы астатиақәа реизга" 1-3,4-8 аклассқәа рзы" (1972, 1973) уҳәа егьырҭгьы.
Џь.Тапаӷәуа ажәеинраалақәа рыҩра далагеит 1943 шықәсазы, афронт аҟны даныҟаз, убасҟан акьыԥхьгьы абеит иан илзааиҭиз раԥхьатәи иажәеинраала. "Ан лахь асалам шәҟәы". 1957 ш. инаркны иҩымҭақәа лассы-лассы ирнылон ажурналқәа: "Алашара", "Амцабз", агазеҭқәа "Аԥсны ҟаԥшь", "Советская Абхазия" уҳәа егьырҭгьы. Иажәеинраалақәа ргәылоуп аизга "Ахаҵарашәа" (Аҟәа, 1980), "Аԥсуа поезиа антологиа. XX ашә." (Аҟәа-Москва, 2001; аиҭаҭыжьра – Аҟәа-Москва, 2009). Жәохә инареиҳаны ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәа реизгақәа дравторуп.
Џь.Тапаӷәуа иажәеинраалақәа еиҭагоуп аурыси ақырҭуеи бызшәақәа рахь, хазы шәҟәқәангьы иҭыжьын. Џь.Тапаӷәуа аԥсшәахь еиҭеигеит С.И. Маршак, К.И. Чуковски, А.Л. Барто, О.Т. Туманиан, С.Б. Капутикиан, И.Г. Ҷавҷаваӡе уҳәа рырҿиамҭақәа.
© Foto / их архива семьи Тапагуа Џьота Тапаҕәуа
Џьота Тапаҕәуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.09.2024
Џьота Тапаҕәуа
Аҭыжьымҭақәа: аԥсышәала: Аԥхьатәи ашьаҿа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1958; Иҷырҷыруеит ажәҵыс". Ажәеинраалақәа. Аҟәа. 1961; Аҳамҭа. Ашколқәра аҟынӡа имнаӡац ахәыҷқәа рзы. Актәи аҭыжьра. Аҟәа, 1964; Арҵу-каԥа. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1966; Арбаӷь ԥагьа. Ажәеинраалақәеи апоемеи. Аҟәа, 1970; Кәадац имархәац. Аҟәа, 1973; Иалкаау. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1974; Сареи саҳәшьа хәыҷи. Ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәа. Аҟәа 1979; Адеи анбани. Ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1982; Сара бзиа избоит ашьыжь. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1984; Иухоумыршҭын… Ажәеинраалақәа ахәыҷқәа рзы. Аҟәа, 1986; Иахьа мҽышоуп. Ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1988; Сҩызцәа хәыҷқәа шәахь. Аҟәа, 1990; Схәыҷ баҳча. Ажәеинраалақәа ашколқәра иаҵанамкыц рзы. Аҟәа, 2002; Иалкаау. Ажәеинраалақәа ахәыҷқәа рзы. Аҟәа, 2004; Иҩымҭақәа. Актәи атом. Ажәеинраалақәа. Апоемақәа. Аҟәа, 2010; Аҩбатәи атом. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2014; аурысшәахь аиҭагақәа: Люблю я утро. Стихи. Сухуми, 1976; Мы любим родную Абхазию. Сборник песен для детей. М., 1986; Джигитовка. Стихи для детей младшего школьного возраста. Черкесск, 1996; Кама и Чама. Стихи для детей дошкольного возраста. Черкесск, 1996.
© Foto / их архива семьи Тапагуа Џьота Тапаҕәуа
Џьота Тапаҕәуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.09.2024
Џьота Тапаҕәуа
Апоет иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзгьы ахәыҷқәа ирызку ажәеинраалақәа шиҩыц иҩуан, уи ихы игәы иҭаз дара ракәын, реизҳашьеи, рыҿиашьеи, рхәыцшьеи есымша деигәырӷьон. Абар, уи иқәра акыр ишнеихьазгьы, 1996 шықәсазы, дара ахәыҷқәа рҟынӡа ихы наганы, дара рдунеи иҽаларгылан, дара рыԥсҭазаара иҽазааигәатәны закәытә жәеинраалоу ииҩыз:
Иаҳгәаԥхеит аҵәа
Иҟалеит иаҳфартә,
Иҟалеит аҵәа.
Иҟаԥшьхеит, иҟаԥшьхеит,
Икәеикәеиуа аҵәа.
Иаҳгәаԥхеит иара,
Иаҳгәаԥхеит зегьы.
Изгәамԥхаз ара,
Дҟамлеит аӡәгьы.
Зегьы иаҳшеит,
Зегьы иаҳфеит,
Уи аҵәа,
Ҳгәырӷьаҵәа!
100 шықәса ҵит ахәыҷтәы поет Џьота Тапаӷәуа диижьҭеи! Акыр абиԥара зажәеинраалақәа рыла иааӡоу, зажәа аԥшӡара ихнахыз, ҿырҳәала изҵаз, уи ирҿиамҭақәа рацәаны ахәыҷқәа ирызкны ашәақәа рылхуп, ирыциит, ирыцызҳаит, ирыцгәырӷьеит, ирыцкәашеит!.. Апоет-арҵаҩы иуалԥшьа ду наигӡеит, ианаҭахыз гәышԥыла анемец фашист диабашьит, ианаҭахыз - иԥсадгьылаҿ аҿар рацәаҩӡаны патриот ҳасабла иааӡеит, апоезиа аԥшӡара агьама диркит, ажәа ԥшӡа, ажәа ԥшқарах ахаан ргәы иҭымҵәауа ирзаԥиҵеит. Абиԥарацыԥхьаӡа ҳажәлар ирыцу ауаҩы, уи ихьӡ ахаангьы кашәара ақәӡам!
© Foto / их архива семьи Тапагуа Џьота Тапаҕәуа
Џьота Тапаҕәуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.09.2024
Џьота Тапаҕәуа
Ажәабжьқәа зегьы
0