https://sputnik-abkhazia.info/20240928/afestival-khybla-gerzmaaa-shaalykhoit-akontserta-mragylara-kharei-kitaii-ialoit-1052415513.html
Афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." аконцертқәа Мрагылара Хареи Китаии иҟалоит
Афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." аконцертқәа Мрагылара Хареи Китаии иҟалоит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, цәыббра 28 - Sputnik. XXII Афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." иацҵахоит Мрагылара Хареи Китаии аконцертқәа рыла, жьҭаарамза 26 инаркны... 28.09.2024, Sputnik Аҧсны
2024-09-28T18:50+0300
2024-09-28T18:50+0300
2024-09-29T00:58+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/08/14/1052043589_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_9041c3a007a847ac6b7bcafbd96ca78b.jpg
АҞӘА, цәыббра 28 - Sputnik. XXII Афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." иацҵахоит  Мрагылара Хареи Китаии аконцертқәа рыла, жьҭаарамза 26 инаркны абҵарамза 10 рҟынӡа.   Раԥхьатәи аконцерт мҩаԥысуеит жьҭаарамза 26 Благовешьенск Амуртәи аобласттә филармониа асценаҿы.   Абҵарамза 7 рзы Хьыбла Герзмааԥҳа Сергеи Макеев иџьаз-бенд дрыцықәгылоит Хабаровтәи атәылаҿацәтә музыкатә театр асценаҿы.  Афестиваль хыркәшахоит  Хьыбла Гьерзмааԥҳа лконкурс алауреатцәа рконцерт ала Иакутск ақалақь аҿы абҵарамза 10 рзы.    Аопера аеҵәахә лхаҭа Китаи х-концерт рҿы дықәгылоит — абҵарамза 2, 3, 5 рзы.  Афестиваль аԥсуа хәҭа мҩаԥысуан ԥхынгәымза 15-19 рзы. Зынӡа ареспубликаҿы хә-концертк мҩаԥысит. Афестиваль адгылара анаҭоит Урыстәыла Акультура аминистрра.
Sputnik Аҧсны
 media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
     2024
Sputnik Аҧсны
 media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
     Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
 media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
      https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/08/14/1052043589_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_e47393e8f35d2f72d58415f2e2ae86b0.jpgSputnik Аҧсны
 media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
     ажәабжьқәа, акультура
Афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." аконцертқәа Мрагылара Хареи Китаии иҟалоит
18:50 28.09.2024  (ирҿыцуп: 00:58 29.09.2024) АҞӘА, цәыббра 28 - Sputnik. XXII Афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." 
иацҵахоит  Мрагылара Хареи Китаии аконцертқәа рыла, жьҭаарамза 26 инаркны абҵарамза 10 рҟынӡа.   
 Раԥхьатәи аконцерт мҩаԥысуеит жьҭаарамза 26 Благовешьенск Амуртәи аобласттә филармониа асценаҿы.   
Абҵарамза 7 рзы Хьыбла Герзмааԥҳа Сергеи Макеев иџьаз-бенд дрыцықәгылоит Хабаровтәи атәылаҿацәтә музыкатә театр асценаҿы.  Афестиваль хыркәшахоит  Хьыбла Гьерзмааԥҳа лконкурс алауреатцәа рконцерт ала Иакутск ақалақь аҿы абҵарамза 10 рзы.    Аопера аеҵәахә лхаҭа Китаи х-концерт рҿы дықәгылоит — абҵарамза 2, 3, 5 рзы.  
Афестиваль аԥсуа хәҭа мҩаԥысуан ԥхынгәымза 15-19 рзы. Зынӡа ареспубликаҿы хә-концертк мҩаԥысит. Афестиваль адгылара анаҭоит Урыстәыла Акультура аминистрра.