Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ҳагба иҳәеит Еиду амилаҭтә еилакы аилатәараҿы Сергеи Лавров иқәгыларазы игәаанагара

Анапаҵаҩра
Қырҭтәыла имҩаԥысраны иҟоу алхрақәа рнаҩс иаҳбарҭахоит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рганахьала шаҟа ҭынчрала иазыҟоу ҳәа иԥхьаӡоит аполитолог Беслан Ҳагба.
Қырҭтәылеи Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара аинрнааларазы ацәажәарақәа рымҩаԥгаразы Урыстәыла ацхыраара ҟанаҵар алшоит ҳәа АдәА рминистр Сергеи Лавров иҳәамҭа ахҳәаа аҭо аполитолог иҳәеит адәныҟаполитикатә усбарҭа ахада ас аҳәамҭа зныкымкәа ишыҟаиҵахьо, аха уи аан иара иазгәеиҭоит 2008 шықәсазы Урыстәыла Аԥсны аганахьала иаднакылаз аӡбамҭа хьаҵра аиураны ишыҟам.
Еиду амилаҭтә еилакы атрибуна аҟынтәи Сергеи Лавров иҟаиҵаз ажәахәи, аиадертә бџьар знапаҿы иҟоу аҳәынҭқарра — Урыстәылатәи Афедерациа абашьра ҵакыданы изиԥхьаӡо ртәы аполитолог игәаанагара инарҭбааны шәахәаԥшыр ҟалоит абра.
Ажәабжьқәа зегьы
0