Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Аԥсны еснагь сыԥхыӡ иалоуп": Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаҩ Баҳҭиар Ҟәаԥсаргьан игәалашәарақәа

© Foto / из семейного архива Бахтиара Баҳҭиар Кәап,саргьен
Баҳҭиар Кәап,саргьен - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.10.2024
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра ианалага, рҭоурыхтә дгьыл ахьчаразы мшынлеи жәҩанлеи амҩақәа ԥшааны, рашьцәа ирывагылрац иааит Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла уҳәа мраҭашәаратәи атәылақәа рҟнытә ҳџьынџьуаа аӡәырҩы. Дара рахьтә иҟан раԥхьаӡакәны зыԥсадгьыл зшьапы ықәзыргылаз. Адгьыл ҵакырақәа рымдырреи, абызшәа аилымкаареи зынӡагьы ԥықәсылара рымуит аӷа иҿагыларазы. Аҭарџьман дахьрыцызи, иара аишьцәа гәыла-ԥсыла иахьеилибакаауази ирылҵшәахеит азеиԥш мчла Аԥсны ахақәиҭреи аҭынчреи азаагара. Иахьатәи анҵамҭаҿы иӡбахә шәзеиҭасҳәоит, аибашьра шықәсык шагыз забдуцәа рыдгьыл ахь Ҭырқәтәылантәи нхара иааз, анаҩс аӷацәа рҟынтә изыхьчоз Баҳҭиар Синан-иԥа Ҟәаԥсаргьан.
Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Баҳҭиар Кәапсаргьен иабду иаб Шьугаиб Ҟарачы-Черқьесиа, Ҟәыбина ақыҭантә ахҵәара иақәшәаз дреиуан. Атәым дгьыл ахь иқәнагалаз абазақәа реиҳараҩык гәыԥкны рҽеидыркылеит. Иагьнанагеит аишьцәа Лоуаа ишьақәдыргылаз Лоуқыҭ ҳәа абазақәа изыхьӡырҵаз ақыҭахь. Араҟа амлеи, ахьҭеи, ачымазареи ириааины ршьапы адаркит. Адгьыл иқәаарыхуа, арахә ааӡо мацара еиҿыркааит рынхареи рыбзазареи. Ахҵәацәа аџьабаа ӷәӷәа шырбозгьы, дара рзы раԥхьа игылан рхатәы бызшәа аиқәырхареи рдацқәа амырӡреи. Ус иҟоуп иахьагьы. Лоуқыҭ аԥсуа-абаза жәлар рхаҭарнакцәа роуп аиҳарак инхо. Дара аамҭа иагәылганы иааргеит рбызшәа, рҵасқәа, ркультура. Баҳҭиар даныхәыҷыз абраауп иахьышьҭикааз иҭоурыхтә дгьыл ахь агәыбылра. Аиҳабацәа иларааӡаз абзиабара иалҵшәахеит наҟ-наҟ Аԥсны ахьчаразы ахамеигӡара.
1991 шықәсазы, Баҳҭиар Ҟәаԥсаргьан Аԥсныҟа нхара дааит. Шықәсык ашьҭахь, Баҳҭиар Аԥснынтәи Ҟарачы-Черқьесскҟа иқәнагалаз иабдуцәа рыдгьыл ибарцаз ааԥхьара илҭеит ижәлантәқәа иреиуаз Фатима Ҟәаԥсаргьанԥҳа. Уаҟа аҭыԥ ԥшӡарақәа дшырҭаауаз, диқәшәеит иԥсҭазаара зыцеиҩишарц иҭаххаз Лиудмила Дохтова захьӡыз аԥҳәызба. Дара еибалырдырит Фатима лан. Аҿар абаза қьабзла рынасыԥ еилаҵаны, 1992 шықәса, нанҳәа 13 аҽны Аҟәаҟа иааит. Адырҩаҽны, Баҳҭиари Лиудмилеи аҭоурыхтә хҭыс хьанҭа шаҳаҭцәас иаиуит. Иалагеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра…
© Foto / из семейного архива Бахтиара Баҳҭиар Кәап,саргьен
Баҳҭиар Кәап,саргьен - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.10.2024
Баҳҭиар Кәап,саргьен
"Ажәабжь хьанҭа ажәлар ианрылаҵәа, адырра ҳауит Жәлар рфорум "Аидгылара" аизара мҩаԥнагоит ҳәа. Иаразнак Ҭырқәтәылантәи иааны иҟаз асасцәеи ҳареи ҳҽааидкыланы уахь ҳҽынаҳхеит, аха амҩахь ҳдыргьежьит, аиҿахысрақәа ирылагахьан аҟнытә. Хәымш иҟаҳҵо ҳзымдыруа асасааирҭаҿы ҳтәан. Афымш раан, сыԥшәмаԥҳәыс сыжәлантәык дицҵаны Ҭырқәтәылаҟа дсышьҭит. Сара ара саанхеит. Гагра араион ахақәиҭтәраз ажәылара аҽазыҟаҵара ҳалагеит", - игәалашәоит ҳџьынџьуаҩ Баҳҭиар Ҟәаԥсаргьан.
Шамиль Басаев игәыԥ дацны Баҳҭиар далахәын Гагра араион ахақәиҭтәра. Уи ашьҭахь, иԥшәмаԥҳәыс илыԥсҭазаашьоу аилкааразы Ҭырқәтәылаҟа дцоит. Уаҟа иуа-иҭынха еизганы иааинырсланы ачара уны Аԥсныҟа деиҭахынҳәуеит Лиудмила диманы. Баҳҭиар Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ажәыларақәа жәпакы дрылахәын. Арҭ ахҭысқәа раахыс 30 шықәса инеиҳаны ишҵхьоугьы, иара игәы иазышьҭхӡом урҭ арылацәажәара. Избанзар аибашьра адәаҟны иҭахеит изааигәаз иҩызцәа Баҳадыр Абаӷбеи Ефқан Цыбеи.
"Аԥсны аӷа даналаҳца ҳгәырӷьара ҵҩа амамызт, аха уи агәырӷьара лаӷырӡыла иҭәын. Ҳара еилаҳкаауан уаҳа рлакҭа ҳашҭамԥшуаз иҭахаз ҳашьцәеи ҳҩызцәеи. Дара рылымкаа адунеи ақәзаара акырӡа ихьанҭан. Имариам иахьагьы", - иҳәоит аибашьра аветеран.
1994 шықәсанӡа Баҳадыр иԥшәмаԥҳәыси иареи Аԥсны ирзалхыз аҩнаҟны инхон. Аха ачымзара иахырҟьаны Ҭырқәтәылаҟа имцар амуит. Баҳадыр усҟантәи аамҭазы Аԥсни Урыстәылеи ирзыҟамҵоз аоперациа изутәын. Аибашьҩы данԥырҟа ашьҭахь акраамҭа игәабзиара еиҭашьақәыргылатәын. Хәышықәса анҵы ауп алшара аниоу ҩаԥхьа иџьынџьдгьылахь аара.
"Саб идунеи аниԥсах ашьҭахь, сара соуп аҩны еиҳабыс иахагылаз. Ҳҵакыра зегьы сыхьԥшын аҟнытә, сыԥсадгьыл аҿы нхара сзаанымгылаӡеит. Аамҭа-аамҭала акәын санаҭаауаз. Абар, сынтәагьы сыԥшәмаԥҳәыси сареи цәыббра 30, Аиааира амш аламҭалазы ҳабдуцәа рыдгьыл ҳаҭааит. Ҳалахәын аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа жәпкы. Аиаша шәасҳәап, ажәлар рыла сахьхыԥшылоз избеит уажәыгьы рыхәрақәа шымӷьаз. Аибшьра атәыла ианнаҵаз ашәахсҭа иахьагьы иануп", - игәы иалоу далацәажәоит Баҳҭиар.
Баҳҭиари Лиудмилеи рыԥҳа Асиаҭ дархитекторуп, лзанааҭ ала Анкара аус луеит. Лара макьана Аԥсныҟа дмаацт, аха лыгәҭакқәа ирхыԥхьаӡалоуп лҭоурыхтә ԥсадгьыл аҭаара. Лани лаби ракәзар, ражәра Аԥсны иаԥылар рҭахуп.
Лариса Ҭапагәуа иахьатәи лколлектив рыгәҭа - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.10.2024
Аԥсны
"Ҳҭыԥқәа рҿы ҳаҟан": аҳақьым-ахшарадкылаҩ Лариса Бутаева-Ҭапаӷәуа аибашьраан лусура иазкны
Ажәабжьқәа зегьы
0