Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Анык лоуп ҳазхылҵыз!..": алитературатә фестиваль "Риҵатәи арифмақәа" хыркәшоуп

© Foto / Анатоли Лагәлаа"Риҵатәи арифмақәа"
Риҵатәи арифмақәа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.10.2024
Анапаҵаҩра
Анык лоуп ҳазхылҵыз,
Ҳзааӡаз анык лкыкахшоуп!
Сашьцәа гәакьақәа,
Абаза жәлар, сшәыкәыхшоуп!..
Арӷьа бла ҵәуаны,
Арма бла зыччаӡом.
Арма бла гәырӷьозар,
Арӷьагьы рыцҳаӡам!..
Владимир Анқәаб
Еизааигәоу, еишьцәоу ажәларқәа, абзиараҿы аума, ацәгьараҿы аума, есымша еидгылоит, есымша еизааигәоуп, избанзар, рдацқәа акоуп... Урҭ ршьа есымша ирыҵанаҳәоит иахьыҟазаалакгьы еибаԥшааларц, рыцәгьеи рыбзиеи еилазарц. Избанзар, урҭ риешьара абшьҭрала иааргоит, абиԥарацыԥхьаӡа уал ԥшьаны, уал ҟәаданы ирықәуп аныхеиԥш уи амаҵ аура.
Убри азоуп, абар уажәшьҭа хәышықәса раахыс ҳажәларқәа бзиа еицырбаз алитературатә фестиваль "Риҵатәи арифмақәа" қәҿиара дула Аԥсни, Нхыҵ Кавказ егьырҭ ҳаешьаратә республикақәа Ҟабарда-Балкариеи, Адагатәылеи есымша қәҿиарала изымҩаԥысуа.
Иџьаушьаша, даарагьы узеигәырӷьаша, ари афестиваль абаҩхатәра ҿыцқәа аанартуеит, есышықәса иацлоит уи зҽалазырхәуа рхыԥхьаӡара. Насгьы, уаҩы дамеигәырӷьар залшом, афестиваль иалахәу апоетцәеи, ашәҟәыыҩцәеи, адраматургцәеи рырҿиамҭақәа, дара иалахәу рхаҭақәа рбызшәақәа рахь иахьеиҭарго. Ари даара уаҩ дзеигәырӷьаша усуп, избанзар, Аԥсны имҩаԥысуаз аԥсуа-қырҭуатә еибашьра ашьҭахь акрааҵуан ари аусԥшьа азхьаԥшха рымамижьҭеи ҳпоетцәеи ҳашәҟәыҩҩцәеи наҟ-ааҟгьы. Ари иссирӡоу афестифаль иаанартит амҩа ҿыцқәа, еиҭаган ркьыԥхьра иалагеит иреиӷьӡоу ҳашәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа.
Иазгәаҭатәуп, абри аусԥшьа аиҿкааразы ацхырраара бзиа шанаҭоу Аԥсны акультура аминстрра.
Сара ибзиан исгәалашәоит, еихрышәшәангьы акырынтә срыԥхьахьеит, ҳаибашьра аԥхьа иҭыҵуаз ажурнал "Алашара" еиуеиԥшым аномерқәа, ма ишызынтәыкыз, ма рыхәҭа дук ҳаешьаратә республикақәа рҩымҭақәа шырнырҵоз. Ҳаргьы, ари афестиваль иалахәыз аԥсуа шәҟәыҩҩцәа -Владимир Занҭариеи, Гәында Сақаниаԥҳаи, Дырмит Габалиеи, сареи адгылара аҳҭеит абри аус. Сгәы иаанагоит, ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа рактив зегьы рҽаладархәеит ҳәа наҟ-наҟтәи ҳаиԥыларақәа.
Хыхь ишаҳҳәаз еиԥш, сынтәа, октиабр 1 инаркны 6-нӡа Аԥсны имҩаԥысит "Риҵатәи арифмақәа" захьӡу алитературатә фестиваль. "Риҵатәи арифмақәа" аҽалархәразы Аԥсныҟа иаҳзааит афестиваль аиҿкааҩ Ҟабарда-Балкариатәи апоет, агазеҭ "Горианка" аредактор хада, Ҟабарда-Балкараиатәи ауаажәларратә еилазаара "Жан" аиҳабы Зарина Ҟаныҟәа, "Риҵатәи арифмақәа" афестиваль адиректор Лиубов Сосналиева, ажурналист, Ҟабарда-Балкариатәи ауаажәларратә еилазаара "Жан" ахантәаҩы Лилиана Шортан, "Lenalex Web Compani" аиҳабы Елена Елоева.
Адыгьеиантәи Адыга ҳәсақәа реилазаара ахантәаҩы Галимет Вароҟәа, Адыгьеиатәи ателерадиодырраҭара амаҵзура аиҳабы Сусана Ҳаҷамыз, Маиҟәаԥтәи аҳәынҭқарратә технологиатә университет астудент Муслим Хачемизов, агазеҭ "Адыгэ макъ" аредактор Саида Машьҭлаҟә, уи лхаҭыԥуаҩ Замира Ҭау, Адыгьеиатәи ателехәаԥшра аефир ахь ицәырнаго адыга бызшәала еиҿкаау атематикатә дырраҭарақәа рредактор хада Светлана Ташә, Ҟарачы- Черкесктәи ареспублика аҟнытә афистеваль далахәын апоет, аканал "Архыз-24" амҩаԥгаҩ, аредактор Артур Кенчешаов.
Октиабр 2 рзы ААУ аҟны имҩаԥысит Адыгьеиатәи ателерадио дырраҭара амаҵзура аиҳабы Сусана Хачемизова лавтортә хәылԥазы. Сусана Хачемизова лԥылара еиҿыркааит ААУ анапхгареи, В. П. Анқәаб ихьӡ зху аԥсуа-адыга филологиа Аҭыԥ хадеи, афилологиатә факультет астудентцәеи. Аиԥылара иалахәын Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациеи, афилологиатә факультет арҵаҩцәа, астудентцәа, аԥсуа интеллигенциа уҳәа убас ирацәаҩны.
© Foto / Анатоли Лагәлаа"Риҵатәи арифмақәа"
Риҵатәи арифмақәа  - Sputnik Аҧсны
1/5
"Риҵатәи арифмақәа"
© Foto / Анатоли Лагәлаа"Риҵатәи арифмақәа"
Риҵатәи арифмақәа  - Sputnik Аҧсны
2/5
"Риҵатәи арифмақәа"
© Foto / Анатоли Лагәлаа"Риҵатәи арифмақәа"
Риҵатәи арифмақәа  - Sputnik Аҧсны
3/5
"Риҵатәи арифмақәа"
© Foto / Анатоли Лагәлаа"Риҵатәи арифмақәа"
Риҵатәи арифмақәа  - Sputnik Аҧсны
4/5
"Риҵатәи арифмақәа"
© Foto / Анатоли Лагәлаа"Риҵатәи арифмақәа"
Риҵатәи арифмақәа  - Sputnik Аҧсны
5/5
"Риҵатәи арифмақәа"
1/5
"Риҵатәи арифмақәа"
2/5
"Риҵатәи арифмақәа"
3/5
"Риҵатәи арифмақәа"
4/5
"Риҵатәи арифмақәа"
5/5
"Риҵатәи арифмақәа"
Ҳаешьаратә жәларқәеи ҳареи ҳаимадаразы "Риҵатәи арифмақәа"хьтәы цҳа бзиак иаҳзаҩызоуп.
Ахааназы уаҩы игәы иҭымҵәаратәы иԥшӡаны, ихааны имҩаԥысит абарҭ аҭыԥқәа рҽы:- ҳашәҟәыҩҩы хазына Даур Занҭариа иҩны- амузеи аҿы, Ҷлоу, Баграт Шьынқәба Иҩны- амузеи аҿы, Аҟәа акультуратә усқәа рымҩаԥгараҿы аԥышәа бзиаӡа ахьрымоу аҭыԥ лаша "Гәума", асахьаҭыхҩцәа хәыҷқәа рцәыргақәҵатә хан "Аинар", Афестиваль хыркәшахеит анцәа иҭыԥ Риҵа.
© Foto / Анатоли Лагәлаа"Риҵатәи арифмақәа"
Риҵатәи арифмақәа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.10.2024
"Риҵатәи арифмақәа"
Нагӡара ақәзааит ҳаешьара, нагӡара ақәзааит гәыла-п,сыла ҳаибабара! Нагӡара рықәзааит уахгьы ҽынгьы тәамҩахә змамкәа ҳаешьаратә жәларқәа рдоуҳатә культурақәа еиззырҳауа ҳашәҟәыҩҩцәа. Ҽааны инаркны ҳлитературатә фестиваль "Риҵатәи арифмақәа" ашәқәа ҟьаҟьаӡа иаартуп абаҩхатәра иашаҵәҟьа змоу Нхыҵи-аахыҵи ҳашәҟәыҩҩцәа зегьы рзы!..
Ажәабжьқәа зегьы
0