Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳагԥҳа еиҭалҳәеит Аҟәа аекологиатә мода арбарала шаҟа ахыԥхьаӡалахо афонд "Ашана"

Ҳагԥҳа еиҭалҳәеит Аҟәа аекологиатә мода арбарала шаҟа ахыԥхьаӡалахо афонд "Ашана"
Анапаҵаҩра
Аҟәа имҩаԥысит "Ажәытә маҭәа рыԥсҭазаара ҿыц" захьӡу амодақәа дырбара. Аусмҩаԥгатә азкын аекологиа азҵаареи аба аиҭахархәареи рызхьаԥшра. Арадио Sputnik аефир аҟны Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аҵареи, асоциалтә активреи агәабзиарахьчареи рыҟәша ахаҭарнак Изольда Ҳагԥҳа еиҭалҳәеит ауснагӡатә иалахәыз иахьынӡарықәҿиаз, аекологиатә мода ахырхарҭа залххаз, Аконгресс уи адгылара занаҭаз.
"Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аҟны аекологиа азҵаарақәа еснагь ҳрызҿлымҳауп, убри аҟынтә аригьы узырхәыцуа, акы узырҵо зҵаароуп ҳәа ҳаԥхьаӡеит… Ас еиԥш акциа хышықәса ҵуеит ҳаҿуижьҭеи. 2021 шықәсазы Гагра имҩаԥган убас аекологиатә мшы, ашкол аҟны аҵлақәа еиҭаҳан. Уи ашьҭахь аекологиатә тренинг еиҿкаан аԥшаҳәаҟны. Ахԥатәи аетап аан асоциалтә ҳақәа рыла алаҳәара ҟаҳҵеит ауаа ирҭахым аџьинс маҭәа шеизаҳго. Урҭ ҳдизаинерцәа ираҳҭеит, хышықәса рнаҩс дара ашәҵатәқәа ҟаҵаны иаҳдырбеит", - лҳәеит Ҳагԥҳа.
Лара иазгәалҭеит иацтәи амш иалагӡаны 200 нызқь мааҭ инарзынаԥшуа ишеизгаз, аԥхьаҟагьы аукционқәа ҟаҵаны иаанхаз амаҭәа аҭира ргәы ишҭоу.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Аԥсуа дизаинерцәа Расида Лакәаԥҳаи (Rasario), Асида Аҳәԥҳаи, Русудан Кобиаковеи (Rusiko) ицәырыргеит здаҟам еилаҟацоу абаа иалху зхацалакы ыҟам амаҭәа. Агәазыҳәара змаз алшара рыман агәыҳалалратә аукцион аҿы иӡыргаз амаҭәақәа раахәара. Еизыргаз аԥарақәа ӷәӷәала ичмазаҩу ахәыҷқәа рыхәшәтәразы афонд "Ашана" ахь идәықәҵахоит.
"Ажәытә маҭәа рыԥсҭазаара ҿыц" – 2021 ашықәсазы Colors of nation Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси аилахәыра Аквафон ацхыраарала ихацыркыз аеко-проектуп. Аусмҩаԥгатә Colors of nation 10 шықәса ахыҵра азгәаҭара иахәҭакхеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0