Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Очамчыратәи иҳараку авольт цәаҳәаҿы иҟалаз амашәыр аԥыхуп

© Sputnik / Томас Тхайцук Подстанция Дранда
Подстанция Дранда  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.10.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 17 – Sputnik. Очамчыратәи иҳараку авольт цәаҳәаҿы иҟалаз амашәыр аԥыхуп ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".
Очамчыратәи иҳараку авольт цәаҳәаҿы иҟалаз амашәыр аԥыхуп. Афымцамч еиҭашьақәыргылоуп.
Аԥсны аиҳараӡак лашарада иаанхеит ахаша, жьҭаара 16 руха авольтҳарак цәаҳәа "Очамчыра-220" авариала иахьаҿыҵыз иахҟьаны.
"Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура излаанацҳаз ала, алашара ыцәеит 400 метра инареиҳаны зоура ыҟоу афымцамҩангага ахьԥҵәаз иахҟьаны. Иҟалаз амашәыр шьаҭанкыла иаԥыххаанӡа Аԥсны Урыстәылантәи афымцамч аиуан.
Ажәабжьқәа зегьы
0