Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Пицунда амҩатә машәыр аҟны аԥҳәыс дҭахеит

© Sputnik / Томас ТхайцукМашина МВД Абхазии по городу Гагра
Машина МВД Абхазии по городу Гагра  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.10.2024
Анапаҵаҩра
Асабша, жьҭаара 19 рзы Аԥсны амҩатә машәырқәа ҩба ҟалеит. Аӡәы дҭахеит, даҽаӡәы аахақәа иоуит.
АҞӘА, жьҭаара 20 - Sputnik, Бадри Есиава. Аԥҳәыс дҭахеит Пицунда амҩан иҟалаз амашәыр иахҟьаны ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Аслан Базба.
Асабша ашьыжьымҭан амҩатә машәыр ҟалеит Пицунда. Аԥҳәыс лмашьына аԥсҟы лзаанымкылакәан амҩанхыҵ аанда дасит. Илоуз ахәрақәа ирыхҟьаны лыԥсҭазаара далҵит.
Базба иҳәеит ари аҽны даҽа машәыркгьы шыҟалаз. Асааҭ 21:00 рзеиԥш Бзыԥ ақыҭа азааигәара ареспубликатә мҩаду аҿы хә-машьынак еиҿаҳаит.
Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ иажәақәа рыла, ақәоуреи, амҩа ибзианы иахьубарҭамызи ирыхҟьаны машьынак аныҟәцаҩ даҽа машьынак дасит, ахԥатәи аныҟәцаҩ иҟалаз иаразнак изгәамҭакәа, даҽа ҩ-машьынак дрысит. Ари амашәыр аҿы ԥҳәыск ахәра лоуит, лнапы ԥҵәаны ахәшәтәырҭахь днаргеит. Аҩ-хҭыск рзы аматериалқәа еизганы аусеилыргаратә ҟәшақәа рахь инашьҭуп иҳәеит Аслан Базба.
Ажәабжьқәа зегьы
0