Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: аиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәара, адрон аанкылара, ауаԥс театр агастрольқәа

© Foto / СГБ АбхазииБеспилотник перехватили на абхазо-грузинской границе
Беспилотник перехватили на абхазо-грузинской границе  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.10.2024
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны жьҭаарамза 14 инаркны 20 рҟынӡа ареспубликаҿы имҩаԥысыз акыр зҵазкуа ахҭысқәа рзы есымчыбжьатәи ахҳәаа еиқәнаршәеит.
Урыстәыла ишьақәнарӷәӷәаз, ҩынтәны ашәахтәқәа рықәҵара мап ацәкразы Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьарҵаз аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра иаҳәо, Аҟәа арҵаҩы имш шазгәарҭоз, адрон ахьаанкылази уи иахылҿиаази ртәы шәаԥхьа Sputnik аматериал аҿы.

Арҵаҩцәа раҳаҭыр азы

Арҵаҩы имш иазкны аныҳәа ду мҩаԥысит жьҭаарамза жәаф рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы. Уи ихы алаирхәит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа. Аҳәынҭқарра ахада адныҳәаларатә ажәахә ҟаиҵеит, арҵаҩцәа русураҿы ақәҿиарақәа рзеиӷьаишьеит.
"Ҳаҭыр зқәу арҵаҩцәа, гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит шәзанааҭ амш ныҳәа. Шәара шәнапы алакуп зегь раасҭа ихадоу аус — изызҳауа аҿар рааӡара. Шәара шәоуп ирызҭо раԥхьатәи адыррақәа, аԥсҭазаара амҩа иаша ианызҵо аҳәынҭқарра уаҵәтәи анапхгаҩцәа, аҵарауаа, аҳақьымцәа, анџьнырцәа. Иҭабуп шәџьабаазы, шәычҳаразы", — ҳәа иҳәеит Аԥсны ахада.
Аҳәынҭқарра ахада еиҵагыло аҿар аҵара дырҵареи рааӡареи рҿы рџьабаа ду азы 11-ҩык арҵаҩцәа "Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз арҵаҩы" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ранаишьеит.

Ҩ-ганктәи аиқәшаҳаҭра

Аҳәынҭқарратә Дума Урыстәылеи Аԥсни 2024 шықәса лаҵара 7 рзы ирыбжьарҵаз ҩынтәны ашәахтәқәҵара аҽацәыхьчараз аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра шьақәнарӷәӷәеит.
Уи иаԥнаҵоит Урыстәылеи Аԥсни рзинтә хаҿқәеи хаҭалатәи ахаҭарнакцәеи ртәылеи аҩызаратә ҳәынҭқарреи рҿы ироуа ахашәалахәы хкы азы ашәахтә ҩынтә ишырымшәо азы аҭагылазаашьақәа. Ари азҵаара аӡбара аинвестициақәа ралагалара иацхраауеит ҳәа иазгәаҭоуп аилыркааратә бӷьыц аҿы.
Адокумент аҿы адивидендқәеи ароиалтиқәеи реиԥш иҟоу ахашәалахәы азы иаку ашәахтә 10% шьақәнаргылоит, аҳәынҭқарратә усбарҭақәак рыда.
Повседневная жизнь - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.10.2024
Аԥсны
Аҳәынҭдума ҩынтәны ашәахтә аҽацәыхьчараз Аԥсни Урыстәылеи реиқәшаҳаҭра шьақәнарӷәӷәеит
Уи адагьы, аргылара ахьымҩаԥысуа атәылаҿы аргылаҩцәа 18 мзы рыҩнуҵҟа ахашәалахәы ашәахтә шәара аҟынтәи рхы иақәиҭуп, уи аамҭазы ашәахтә ашәара ахьымҩаԥысуа уахьынхо атәылаҿы мацара ауп.

Женеватәи аиҿцәажәарақәа

Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузин Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи ирызку Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәеи Европатәи Аидгыла ахаҭарнакцәеи иареи аиҿцәажәарақәа рраунд аламҭалазы амшхәаԥштә актуалтә зҵаарақәа ирылацәажәеит.
Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра иазгәанаҭеит ақырҭуа-аԥсуа, ақырҭуа-аахыҵ-Уаԥстәыла рҳәаақәа рҿы апровокациақәа рыԥхьырҟәҟәаара аҵак ду шамоу.
Урыстәылатәи аган Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ршәарҭадара аиқәыршәара азхьаԥшра аҭаны, аиҿцәажәарақәа рформат аԥыжәара змоу ахырхарҭақәа рҿы аколлективтә мчқәа реизырҳара шхымԥадатәиу азгәанаҭеит.
Кавказнҭыҵтәи ашәарҭадара азҵаарақәа рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рраунд ҳазҭоу ашықәс абҵарамзазы иагәаҭоуп.
Михаил Галузин - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.10.2024
Аԥсны
Галузин Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәеи иареи имҩаԥысраны иҟоу араунд иалацәажәеит

Адрон аанкылара

Иҳаҩсыз амчыбжь азы Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәааҿы аԥырҩы дызҭам ахархәага ааныркылеит Аԥсны АШәМ-и Аԥсны иҟоу Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә усбарҭеи русзуҩцәа.
Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә усбарҭа адыррақәа рыла, ари аппарат еицырдыруа ақырҭуа активист, насгьы "ампыҵахалара иаҿагыло аиҿкаара" анапхгаҩы Давид Кацарава итәын. Аԥырҩы дызҭам ахархәага арратә хыбрақәа рыкәкәша-мыкәшатәи аҭыԥқәа ҭнахуан.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ари ахҭыс иаарту провокацианы иазгәанаҭеит, ас еиԥш аусқәа аҳәаахьчаратә ҭыԥаҿы аибарххара еиҳагьы арӷәӷәара иазырхоуп ҳәа инаҵшьны иазгәарҭеит.
Аԥсуа ган агәы иҭоуп, абҵарамза 5-6 рзы Женева имҩаԥысран иҟоу аиҿцәажәарақәа рҿы Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәааҿы иаанкылаз адрон иадҳәалоу ахҭыс алацәажәара.
Убри инамаданы, Аԥсны анапхгара ирыдыркылаз аӡбара инақәыршәаны, жьҭаарамза 23 инаркны 30 рҟынӡа аӡиас ала ауааԥсыра аҳәаа рахысра аанкылахоит. Уи азы аӡбара рыдыркылеит атәыла ахада Аслан Бжьаниа инапхгарала имҩаԥысыз Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак аилатәараҿы.
Аԥкратә усмҩаԥгатәқәа рзы АШәМ аԥшьгара ҟанаҵеит, урҭ Қырҭтәыла имҩаԥысраны иҟоу апарламенттә алхрақәа раан арадикалтә мчқәа имҩаԥыргар алшо рыпровокациақәа ишрыдҳәалоу.
Ашәарҭадаратә хеилак Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аԥшьгамҭа иақәшаҳаҭхеит, убри аан ҷыдалатә аҭагылазаашьақәа азгәанаҭеит:
- уаанӡа закәанла Қырҭтәыла иалалаз ареспублика атәылауааи анхаразы азин змоу ауааи Аԥсныҟа рыхынҳәра;
- аенергосистема еиԥҟьарада аусура ("Амшынеиқәафымцамч").
Бжьаниа ашәарҭадаратә усбарҭақәа Қырҭтәыла адепутатцәа ралхрақәа раан русура дырӷәӷәаразы адҵа риҭеит.

Ацитрустә сезон аҽазыҟаҵара

Аԥсни Урыстәылеи рҳазалхратә усзуҩцәа ацитрустә сезон аҽазыҟаҵара иалацәажәеит.
Аиԥылара мҩаԥысит Аҳәынҭқарратә аҳазалхратә еилакы аҿы. Аганқәа Аԥсни Урыстәылеи рҳәынҭқарратә ҳәааҿы ахылаԥшреи аҳазалхратә еиқәыршәарақәеи реиҿкаара иазкыз азҵаарақәа ирылацәажәеит, иара убасгьы 2024 шықәсазтәи акурорт аамҭа алҵшәақәа еихыршьаалеит.
Аԥсни Урыстәылеи раҳазалхратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа иазгәарҭеит, ицәырҵуа азҵаарақәа ирласны рыӡбареи аҳәаа ахысра апроцесс арццакреи рзы аҳәаахьчаратә усбарҭақәа реимадара арӷәӷәара шхымԥадатәиу.
До 120 тонн мандаринов экспортировала Абхазия в Россию с начала октября - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.10.2024
Аԥсны
Аԥснынтәи Урыстәылаҟа идәықәҵоуп 120 тонна рҟынӡа амандарина

Надежда Курченко дыргәаладыршәеит

Аҟәа имҩаԥысит Надежда Курченко лбаҟа амҵан ашәҭқәа рышьҭаҵара иазкыз аусмҩаԥгатә.
Уи рхы аладырхәит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, ареспубликаҿы иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра анапхгаҩы Владислав Куликов, КСОРС анапхгаҩы Олег Иурченко, ашколхәыҷқәа, ауаажәларра.
Надежда Курченко – 19 шықәса зхыҵуаз, 1970 шықәса жьҭаара 15 рзы Баҭымынтәи Аҟәаҟа иԥыруаз аҳаирплан Ан-24 амаҵзуҩыс дыҟан. Аҳаирплан атеррористцәа рнапаҿы иааргеит, лара урҭ рҿагылара лҽаназылшәа дҭадырхеит.
Курченко анышә дамардеит иахьа уажәраанӡа лыхьӡ зху Аҟәатәи абаҳчаҿы. 1990 ашықәсазы лан иҟалҵаз аҳәарала лыԥсыбаҩ Удмуртиаҟа ииаргеит. Апарк аҿы иқәгылаз лбаҟа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан ааха ӷәӷәа аиуит, 2013 шықәсазы аҵла ақәҳан еилаҳаит. 2024 ашықәсазы Надежда Курченко лбаҟа ҿыц шьақәыргылан.

Sputnik Pro

Жьҭаара 17 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы апроект SputnikPro "Аинфографика: аидеиа, апроцесс, алҵшәа" амодуль ҿыц мҩаԥысит.
Амедиа-гәыԥ "Россия сегодня" аоперативтә графика адизаинер хада Мариа Уварова аинфографика иамоу аԥыжәарақәа, ари аформат аԥхьаҩцәа рзы изыманшәалоу, иарбан лаԥшыла гәаҭара хкқәоу иҟоу еиҭалҳәеит.
Уварова аинфографика иадҳәалоу ихадароу аконцепциақәа дрылацәажәеит, ари аформат аԥхьаҩцәа рзы иызманшәалоу лҳәеит, иарбан лаԥшылатә-графика хкқәоу аинфографика иамоу, урҭ реиҳа хра злоу ртәы далацәажәеит. Уи адагьы, Уварова аинфографика аԥҵара атехникатә ҷыдарақәа ирызкны илымоу адыррақәа ртәы дазааҭгылеит.
Алекциа аҳәаақәа ирҭагӡаны Мариа Уварова аинфографиказы аиҿкаарақәа рыҟаҵара иадҳәалоу апрактикатә уснагӡатәқәа длырдырит.
Здание Абхазского Государственного университета - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.10.2024
Аԥсны
ААУ аҿы имҩаԥысит апроект SputnikPro "Аинфографика: аидеиа, апроцесс, алҵшәа" амодуль ҿыц

Аҟәа Нхыҵ-Уаԥстәылатәи атеатр

Иҳаҩсыз амчыбжь азы Аҟәа ақалақь аҿы Нхыҵ-Уаԥстәылатәи аҳәынҭқарратә академиатә театр агастрольқәа мҩаԥысит. Аԥснытәи ахәаԥшцәа актиорцәа ҩ-спектакльк ддырбеит – "Аҳәынҭқар Лир", "Ацәымҵ".
Асахьаркыратә наԥхгаҩы, арежиссиор Гиви Валиев арадио Sputnik астудиаҿы ишеиҳәаз ала, иара напхгара зиҭо атеатр Аԥсны агастрольқәа рымҩаԥгарала аҩ-республикак реиҳабацәа ишьақәдыргылаз атрадициа иацҵоуп.
Аԥсуа хәаԥшыҩцәа иҷыдоу дкылашьак рымоуп ҳәа рызиҳәеит, аспектакльқәа раан артистцәа иҭацәу азал аҿы ихәмаруазшәа угәы иаанагон иҳәеит. Иара убасгьы иазгәеиҭеит, Аԥсны атеатралтә ҟазара аҿиара бзиа шамоу.

Амода, ацәыргақәҵа, агалереиа аартра

Агәыҳалалратә усмҩаԥгатә "Ажәытә маҭәа рыԥсҭазаара ҿыц" захьӡу модақәа дырбара мҩаԥысит Аҟәа жьҭаара 15 рзы. Аԥсуа дизаинерцәа Расида Лакәаԥҳаи (Rasario), Асида Аҳәԥҳаи, Русудан Кобиаковеи (Rusiko) ицәырыргеит здаҟам еилаҟацоу абаа иалху амаҭәа зхацалакы ыҟам.
Ауааԥсыра рҟынтә еизгаз аџьынс материалқәа ракәын амаҭәаҟны еиҳараӡак ахархәара змаз. Агәазыҳәара змаз алшара рыман агәыҳалалратә аукцион аҿы иӡыргаз амаҭәақәа раахәара. Еизыргаз аԥарақәа ӷәӷәала ичмазаҩу ахәыҷқәа рыхәшәтәразы афонд "Ашана" ахь идәықәҵан.
Ӷәӷәала ичмазаҩу ахәыҷқәа рыхәшәтәразы "Ажәытә маҭәа рыԥсҭазаара ҿыц" еизнагеит 200 нызқь мааҭ инареиҳаны.
Иҳаҩсыз амчыбжь азы Аҟәа, Москва Аҩны аҟны имҩаԥысит III Жәларбжьаратәи ауниверситетбжьаратәи аҵарадырратә цәыргақәҵа. Урыстәыла иаԥхьагылоу аҵараиурҭақәеи Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети алекциақәеи аҟазаратә-классқәеи мҩаԥыргеит.
Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин иазгәеиҭеит аусмҩаԥгатә аинтерес ду шаҵаз. Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба инаҵшьны иазгәеиҭеит уаанӡатәи ауниверситетбжьаратәи ацәыргақәҵақәа рԥышәа шхымԥадатәиу.
Аҟәа агалереиа AUADA аҿы асахьаҭыхҩы Олег Чедиа ицәыргақәҵа “Есыҽнытәи амистика” аатит.
Агалереиа аԥҵаҩцәа руаӡәк, асахьаҭыхҩы Аԥшьа Хагҳа ишылҳәаз ала, AUADA акоронавирустә пандемиа аан онлаин форматла иаԥҵан.
Онлаин-платформа аус ауанаҵы, асахьаҭыхыҩцәа Адгәыр Ӡиӡариа, Баҭал Џьапуа, Игор Панченко, Александр Боиаџьан уҳәа убас егьырҭгьы рцәыргақәҵақәа мҩаԥысуан, иара убас, Амилаҭтә сахьаҭыхратә галереиеи Сҭампыл ақалақьи рҿы ҳәа азгәалҭеит Ҳагԥҳа. Иара убас, еиҿкаан аиқәырхара зҭахны иҟоу акультуратә ҭынхақәа ирызкыз ацәыргақәҵагьы.
Ажәабжьқәа зегьы
0