Урыстәылатәи аруаа ДжәР аҟны иҟоу ақыҭа Серебрианка ахы иақәиҭыртәит
© Sputnik / Станислав Красильников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТрофейная немецкая БМП "Мардер", восстановленная военнослужащими ЦВО
© Sputnik / Станислав Красильников
/ Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 23 - Sputnik. Урыстәыла Арбџьармчқәа ДЖәР Северски ахырхарҭала иҟоу ақыҭа Серебрианка ахы иақәиҭыртәит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Аусбарҭа адырра ҟанаҵоит:
Урыстәыла аоператив-тактикатә авиациеи, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәеи, аракетатә ари артиллериеи ааха рырҭеит аӷа ирратә аерадромқәа ринфраструктуреи, аныҟәцаҩ дызмам аӷба маҷқәа ахьдаргылоз аҭыԥқәа, абылтәы ахьыҟаз, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ахьеибырҭоз аҭыԥ, иара убасз еилаԥыхха иқәырҵеит 141 раион рҟны аруааи арратә техникеи.
Амшынеиқәатә афлот амшынтә авиациа Амшын еиқәа аҩада-мраҭашәаратәи ахәҭаҿы Украинатәи Арбџьармчқәа аныҟәцаҩ дызмам акатерқәа ԥшьба ҭадырхеит.
Аҳауахьчаратә хархәагақәа иҭадырхеит Америка иҭыжьу HIMARS ахыршәқәа 14, аҳирплан иеиԥшу аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 78.
Иааидкыланы, арратә операциа ҷыда ианалага инаркны еилаԥыххаауп: 646 ҳаирплан, 283 вертолиот, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 34,173, азенит-ракетатә комплексқәа 583, атанкқәеи егьырҭ акәылӡымашьынақәеи 18 769, ахымцатә ҭырҟьага ареактивтә системақәа 1 478, артиллериатә шьақәгылеи аминаршәгақәеи 16 607, аибашьыгатә автомобилтә техника ҷыда 27 497 ак.