Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Урыстәыла аекономҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач Аԥсны акадастратә палата даҭааит

© Sputnik / Томас Тхайцук Дмитрий Вольвач
Дмитрий Вольвач  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.10.2024
Анапаҵаҩра
Аинвестпрограмма ахарџьала еиҭамҵуа амазара акадастр аусура хацыркын 2010 шықәсазы.
АҞӘА, жьҭаара 23 - Sputnik. Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвачи Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озгани Аԥсны аҳәынҭқарратә кадастртә палата иаҭааит.
Апалата аиҳабы Ҭемыр Сангәлиа автоматизациа зызуу еиҭамҵуа амазара акадастр-информациатә система аусушьа дирбеит ҳәа аанацҳауеит аекономика аминистрра апресс-маҵзура.
Уажәы ари асистема ааглыхратә усура иазхиоуп, аусура иалагоит актәи аԥхьарала ирыдыркылахьоу "Еиҭамҵуа амазара акадастр азы" азакәан адкылара ашьҭахь.
Еиҭамҵуа амазара акадастр аԥҵаразы аусура хацыркын 2010 шықәсазы, уи Аинвестициатә программа ахарџь ала имҩаԥган.
Ари аамҭа илагӡаны еиҿкаан аспутниктә геодезиатә ҳа, аус адулан анормативтә база, ацифратә хсаалагаз аҳаиртә фотоҭыхрақәеи аҳаиртә лазертә ҭыхрақәеи мҩаԥган, апалата ахыбра еиҭашьақәыргылан, ахархәагақәа аахәан.
Ажәабжьқәа зегьы
0