https://sputnik-abkhazia.info/20241028/sputnik-amchybzh-asua-byzsha-amsh-asharadaraz-ausmagata-ryrarei-aa-marafoni-1052679612.html
Sputnik амчыбжь: Аԥсуа бызшәа Амш, ашәарҭадараз аусмҩаԥгатәқәа рырӷәӷәареи "Аҟәа-марафони"
Sputnik амчыбжь: Аԥсуа бызшәа Амш, ашәарҭадараз аусмҩаԥгатәқәа рырӷәӷәареи "Аҟәа-марафони"
Sputnik Аҧсны
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны жьҭаарамза 21 инаркны 27 рҟынӡа ареспубликаҿы имҩаԥысыз акыр зҵазкуа ахҭысқәа рзы есымчыбжьатәи ахҳәаа азнархиеит. 28.10.2024, Sputnik Аҧсны
2024-10-28T09:30+0300
2024-10-28T09:30+0300
2024-10-28T09:30+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0a/1b/1052671401_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_b13436058e6a880cd189e1b175a5ae96.jpg
Қырҭтәыла аҳәааҿы ашәарҭадаратә уснагӡатәқәа зырӷәӷәаз, Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач Аԥсны иҟазараа шымҩаԥысыз, Урыстәыла Афедерациатә Хеилак аратификациа зызнуыз иарбан еиқәшаҳаҭроу, иара убасгьы "Аҟәа-марафон" шымҩаԥысыз Sputnik аматериал аҿы.SputnikАԥсуа бызшәа АмшАреспубликаҿы есышықәса аԥсуа бызшәа Амш азгәарҭоит жьҭаара 27 рзы. Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа атәыла ауааԥсыра ари аныҳәа рыдныҳәало, ахатәы бызшәа ажәлар рыҟазаараҿы ихадоу факторны ишыҟоу, урҭ рхеиқәырхареи рыҿиареи шьаҭас ишамоу азгәеиҭеит."Абызшәа инагӡаны аҟазаареи аҿиареи рзы, ажәлари аҳәынҭқарреи рыԥсҭазаара аганқәа зегьы рҿы уи аусура еиқәыршәатәуп, убри аамҭазы уи ҳаамҭатәи атрендқәа иқәдыргыло аҭахрақәа ирықәшәозар ауп", - ҳәа аҳәоит атекст аҿы.Бжьаниа инаҵшьны иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра абызшәа аиқәырхареи аҿиареи рзы аусқәа рымҩаԥгара уалԥшьаны шаду, аха уи ауаажәларра рыцхыраарада анагӡара шыуадаҩхо.Вольвач Аԥсны иҟазаараУрыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач, Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган длыцны, жьҭаара 24 рзы Ареспублика Аҳәынҭқарратә кадастртә палата даҭааит.Аԥсны аекономика Аминистрра апресс-маҵзура излаанацҳауа ала, апалата анаԥхгаҩы Ҭемыр Сангәлиа автоматизациа зызуу еиҭамҵуа амазара акадастр-информациатә система атәы далацәажәеит.Еиҭамҵуа амазара акадастр аԥҵаразы аусура 2010 шықәсазы ихацыркхеит, уи Аинвестициатә программа ахарџь ала имҩаԥган.Абри аамҭа иалагӡаны, еиҿыркааит асателлиттә геодезиатә ҳа, анормативтә база аԥҵара, ацифратә картазы аҳауатә фотоҭыхрақәеи аҳауатә лазертә сканерхгареи рымҩаԥгара, апалата ахыбрақәа рырҿыцра, иаархәеит аиқәыршәагақәа.Уажәы ари асистема ааглыхратә хархәара иазхиоуп, актәи аԥхьараҿы ирыдыркылаз “Еиҭамҵуа амазара акадастр азы” Азакәан рыдкылара ашьҭахь аусура иалагоит.Аусеицура арӷәӷәараИиасыз амчыбжь азы Аԥсны Апрокурор хада Адгәыр Агрба аиустициа аминистрреи Урыстәыла ашьауӷақәа рынагӡаразы Афедералтә маҵзуреи рхаҭарнакцәа дырԥылеит.Аԥсны Апрокуратура хада апресс-маҵзура излаанацҳаз ала, аганқәа 2015 шықәса лаҵарамзазы анапы зҵаҩыз ашьауӷа зқәырҵахьоу ауааԥсыра ашьауӷа рыхгаразы рыҭаразы Аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны, аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит.Ашәарҭадаратә уснагӡатәқәа рырӷәӷәараАԥсны ахада Аслан Бжьаниа идҵала, Қырҭтәыла апарламенттә алхрақәа раан арадикалтә мчқәа иҟарҵар алшо апровокациақәа инарыдҳәаланы аӡиас Егры иаваршәны иҟоу аҳәааҿы ашәарҭадаратә уснагӡатәқәа рӷәӷәоуп. Абри атәы аанацҳаит АхьМ.Гал араион ахь идәықәҵан ареспублика ашәарҭадаратә мчқәа рыхәҭа ҷыдақәа.Иара убас, Аҳәынҭқарра ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба Гал араион даҭааит. Уа имҩаԥгоу аусура атәы изеиҭарҳәеит, аҳәаа иахьаԥну аҭагылазаашьа зеиԥшроу изеиҭарҳәеит, аԥсуа-қырҭуа ҳәааҿы иҟоу аушьҭратә ҭыԥи аҳәаахьчаратә ҭыԥи дырҭааит, аусзуҩцәа русуратә ҭагылазаашьақәа ҭиҵааит.Ашәарҭадаратә мчрақәа ирыдҵоуп уахи-ҽни рыла ирӷәӷәоу ашәарҭадаратә режим ақәныҟәара.Аиқәшаҳаҭра аратификациаАфедерациатә хеилак аилатәараҿы Урыстәылеи Аԥсни ирыбжьарҵаз ҩынтәны ашәахтәқәа ршәара аҽацәыхьчаразы аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра аратификациа ҟанаҵеит.Ари азҵаара аӡбара аинвестициақәа ралагалара иацхраауеит ҳәа иазгәаҭоуп аилыркааратә шәҟәыцҵаҿы.Адокумент аҿы адивидендқәеи ароиалтиқәеи рыла иҟоу ахашәалахәы азы ашәахтә 10% ҳәа ишьақәнаргылоит, ҳәынҭқарратә усбарҭақәак аалхны.Уи адагьы, аргыларақәа мҩаԥызго урҭ ахьымҩаԥиго атәылаҿы 18 мзы рыҩнуҵҟа льготатә аамҭахәҭак ҳәа иазшьаны ашәахтә ашәараҟынтә ихы дақәиҭуп, убри аамҭазы ҳәынҭқаррак акомпаниа аҽа ҳәынҭқаррак аҵакыраҿы ахаҭарнакра аԥнаҵом. Альготатә аамҭа иалагӡаны, ашәахтә ашәара ахьымҩаԥысуа уахьынхо атәылаҿы мацара ауп.Амиссиа нагӡоупАԥснынтәи иаашьҭыз агуманитартә еидара Курсктәи аобласт ахь жьҭаара 24 рзы инеит, ҳәа аанацҳаит Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра.Аусбарҭа анаԥхгаҩы Лев Кәыҵниа арегион анапхгара ахаҭарнакцәеи агуманитартә усхк аҿы аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит, уахь иаҵанакуеит Курсктәи аобласт ахәыҷқәа Аԥсны рыԥсы дыршьареи рреабилитациеи реиҿкаарагьы.Арегион аиҳабыра рыӡбарала Кәыҵниа ианашьоуп агәаларшәагатә медал.Аидара зҭаз акалонна Аԥснынтәи идәықәлеит жьҭаара 21 рзы. Ареспублика атәылауааи, аилахәырақәеи, агәыҳалалратә еиҿкаарақәеи еизыргеит 30 тонна афатә-пжәтә, аԥаҭлыка иҭоу аӡы, агигиенатә хархәагақәа."Аҟәа-Марафон"Актәи жәларбжьаратәи аспорттә усмҩаԥгатә "Аҟәа-марафон" Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы жьҭаарамза 26, 27 рзы имҩаԥысит. Уи Аԥсны мацара акәымкәа, Урыстәыла, Белоруссиа, Ҟазахсҭан, Кыргызысҭан рҟынтәи 700-ҩык инареиҳаны рхы аладырхәит.Апрофессионалтә ҩцәеи аспорт абзиабаҩцәеи еиуеиԥшым адистанциақәа рҿы еицлабуан. Амарафон аартра амш аҽны 13 шықәса зхыҵуа, 190-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа рымч ԥыршәеит. Урҭ 500 метра инаркны километрак рҟынӡа иҩуан.Адырҩаҽны, жьҭаарамза 27 рзы, 5 километрак, 21,1 километра, 42,2 километра рҟны аицлабрақәа мҩаԥысит. Урҭ рхы рыладырхәит шәҩыла ауаа. Аспортсменцәа Адраматә театр ашҭаҟынтәи иҵҟьеит, Леон имҩахь ақалақь зегьы иалсны инеит.Аиааира згаз Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынбеи Аҳәынҭқарратә спорттә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагбеи амедалқәеи асертификатқәеи аԥаратә ҳамҭақәеи ранаршьеит.Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаан аконцертқәа, акәашаратә хәылԥазқәа, амилаҭтә чыси аҩи рфестиваль, аџьынџьыхәа аҟаҵареи ахыци ахәымпали рылаахысреи рзы аҟазаратә-классқәа.Акультуратә АԥсныҞарачы-Черкесстәи аҳәынҭқарратә акәашаратә театр "Меркури" Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа асценаҿы ашәахьа, жьҭаарамза 21 рзы иқәгылеит.Агәыԥ еиуеиԥшым ахореографиатә номерқәа ахәаԥшцәа иднарбеит – ажәытәтәи адыга кәашара "Кафа", ачечен кәашара "Нохчи" уҳәа убас егьырҭгьы. Иара убас ашәақәа нарыгӡеит Ареспублика зҽаԥсазтәыз артистка Анжела Мукова, Ҟарачы-Черқьестәи Ареспублика Аҳәынҭқарратә филармониа асолистцәа Рамина Китаиеваи Алиат Нурлубаевеи, ашәаҳәаҩ Қьаазим Шидакови егьырҭ асолистцәеи.Иҳаҩсыз амчыбжь азы Аҟәа имҩаԥысит жәларбжьаратәи аурыс бызшәа аолимпиада “Пушкин #225” афинал.Аолимпиада аамҭакала имҩаԥысит Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи, Ермантәылеи. Уи рхы аладырхәит хнызқьҩык рҟынӡа, урҭ рахьынтә зықьҩык Аԥснытәиқәан. Латәарадатәи аетап аихшьаалақәа рыла, 56-ҩык аԥсуа школхәыҷқәа афинал аҟынӡа инеит.Александр Пушкин диижьҭеи 225 шықәса аҵра иазкыз Аолимпиада апоет ирҿиамҭақәа ирыдҳәалан адҵақәагьы. Афиналистцәа зегьы асертификатқәа ранашьан, мышқәак рыла аиааира згаз хҩык еилкаахоит. Аԥхьахә–Армавирҟа аныҟәара, Анапа ахәыҷтәы лагерь аҿы аԥсшьара.Аусмҩаԥгатә аиҿкааҩцәа – Армавиртәи аҳәынҭқарратә рҵаҩратә университет, Гал ақалақь аҿы Иаарту аҵаратә Центр, Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра ацхырааралаАгәалашәаратә турнирЖьҭаарамза 26 рзы Аҟәа ақалақь аҿы ашьапылампыл маҷ азы Жәларбжьаратәи атурнир афинал мҩаԥысит аинвалидцәа-ампутантцәа рыбжьара. Аиааира агеит Аԥсны акоманда, урҭ Барнаултәи акоманда 5:0 ҳәа ириааит.Атурнир Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз Аԥсны ауааԥсыра ргәалашәара иазкын. Уи мҩаԥысуан жьҭаарамза 23 инаркны 26 рҟынӡа. Аиааира агаразы еицлабуан Аԥсны, Кемерово, Барнаул, Новороссииск, Ҟрым ркомандақәа.
https://sputnik-abkhazia.info/20241027/akhada-aslan-bzhania-asny-zhlar-asua-byzsha-amsh-rydinyaleit-1052672782.html
https://sputnik-abkhazia.info/20241024/urystyla-aekonomiara-aministr-ikhayua-dmitri-volvach-asny-akadastrat-palata-daaait-1052648931.html
https://sputnik-abkhazia.info/20241018/asni-yrtylei-raa-atylauaa-rakhyzhra-aankyloup-1052611788.html
https://sputnik-abkhazia.info/20241026/akomanda-asny-zymakha-zyshakha-eibgam-rybzhara-ashapylampyl-ma-azy-aturnir-ay-iaaiaait-1052666979.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0a/1b/1052671401_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_b4d11778b29b28f64474955847adaff6.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Sputnik амчыбжь: Аԥсуа бызшәа Амш, ашәарҭадараз аусмҩаԥгатәқәа рырӷәӷәареи "Аҟәа-марафони"
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны жьҭаарамза 21 инаркны 27 рҟынӡа ареспубликаҿы имҩаԥысыз акыр зҵазкуа ахҭысқәа рзы есымчыбжьатәи ахҳәаа азнархиеит.
Қырҭтәыла аҳәааҿы ашәарҭадаратә уснагӡатәқәа зырӷәӷәаз, Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач Аԥсны иҟазараа шымҩаԥысыз, Урыстәыла Афедерациатә Хеилак аратификациа зызнуыз иарбан еиқәшаҳаҭроу, иара убасгьы "Аҟәа-марафон" шымҩаԥысыз Sputnik аматериал аҿы.
Ареспубликаҿы есышықәса аԥсуа бызшәа Амш азгәарҭоит жьҭаара 27 рзы. Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа атәыла ауааԥсыра ари аныҳәа рыдныҳәало, ахатәы бызшәа ажәлар рыҟазаараҿы ихадоу факторны ишыҟоу, урҭ рхеиқәырхареи рыҿиареи шьаҭас ишамоу азгәеиҭеит.
"Абызшәа инагӡаны аҟазаареи аҿиареи рзы, ажәлари аҳәынҭқарреи рыԥсҭазаара аганқәа зегьы рҿы уи аусура еиқәыршәатәуп, убри аамҭазы уи ҳаамҭатәи атрендқәа иқәдыргыло аҭахрақәа ирықәшәозар ауп", - ҳәа аҳәоит атекст аҿы.
Бжьаниа инаҵшьны иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра абызшәа аиқәырхареи аҿиареи рзы аусқәа рымҩаԥгара уалԥшьаны шаду, аха уи ауаажәларра рыцхыраарада анагӡара шыуадаҩхо.
Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач, Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган длыцны, жьҭаара 24 рзы Ареспублика Аҳәынҭқарратә кадастртә палата даҭааит.
Аԥсны аекономика Аминистрра апресс-маҵзура излаанацҳауа ала, апалата анаԥхгаҩы Ҭемыр Сангәлиа автоматизациа зызуу еиҭамҵуа амазара акадастр-информациатә система атәы далацәажәеит.
Еиҭамҵуа амазара акадастр аԥҵаразы аусура 2010 шықәсазы ихацыркхеит, уи Аинвестициатә программа ахарџь ала имҩаԥган.
Абри аамҭа иалагӡаны, еиҿыркааит асателлиттә геодезиатә ҳа, анормативтә база аԥҵара, ацифратә картазы аҳауатә фотоҭыхрақәеи аҳауатә лазертә сканерхгареи рымҩаԥгара, апалата ахыбрақәа рырҿыцра, иаархәеит аиқәыршәагақәа.
Уажәы ари асистема ааглыхратә хархәара иазхиоуп, актәи аԥхьараҿы ирыдыркылаз “Еиҭамҵуа амазара акадастр азы” Азакәан рыдкылара ашьҭахь аусура иалагоит.
Ииасыз амчыбжь азы Аԥсны Апрокурор хада Адгәыр Агрба аиустициа аминистрреи Урыстәыла ашьауӷақәа рынагӡаразы Афедералтә маҵзуреи рхаҭарнакцәа дырԥылеит.
Аԥсны Апрокуратура хада апресс-маҵзура излаанацҳаз ала, аганқәа 2015 шықәса лаҵарамзазы анапы зҵаҩыз ашьауӷа зқәырҵахьоу ауааԥсыра ашьауӷа рыхгаразы рыҭаразы Аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны, аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит.
"Аԥсны Апрокуратура хада аринахысгьы Урыстәылатәи Афедерациа аиустициа аминистрреи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа зегьрыла аҿиареи аусеицура арӷәӷәареи рхықәкы анагӡара иазырхоуп, уи, сара сгәаанагарала, аиашареи ахара здырҵахьоу ауаа рсоциалтә реабилитациеи ирыцхраауеит", - ҳәа азгәеиҭеит Агрба.
Ашәарҭадаратә уснагӡатәқәа рырӷәӷәара
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа идҵала, Қырҭтәыла апарламенттә алхрақәа раан арадикалтә мчқәа иҟарҵар алшо апровокациақәа инарыдҳәаланы аӡиас Егры иаваршәны иҟоу аҳәааҿы ашәарҭадаратә уснагӡатәқәа рӷәӷәоуп. Абри атәы аанацҳаит АхьМ.
Гал араион ахь идәықәҵан ареспублика ашәарҭадаратә мчқәа рыхәҭа ҷыдақәа.
Иара убас, Аҳәынҭқарра ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба Гал араион даҭааит. Уа имҩаԥгоу аусура атәы изеиҭарҳәеит, аҳәаа иахьаԥну аҭагылазаашьа зеиԥшроу изеиҭарҳәеит, аԥсуа-қырҭуа ҳәааҿы иҟоу аушьҭратә ҭыԥи аҳәаахьчаратә ҭыԥи дырҭааит, аусзуҩцәа русуратә ҭагылазаашьақәа ҭиҵааит.
Ашәарҭадаратә мчрақәа ирыдҵоуп уахи-ҽни рыла ирӷәӷәоу ашәарҭадаратә режим ақәныҟәара.
Афедерациатә хеилак аилатәараҿы Урыстәылеи Аԥсни ирыбжьарҵаз ҩынтәны ашәахтәқәа ршәара аҽацәыхьчаразы аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра аратификациа ҟанаҵеит.
Аиқәшаҳаҭра Аҟәа ақалақь аҿы 2024 шықәса лаҵара 7 рзы анапаҵыҩра мҩаԥысит. Иара Урыстәылеи Аԥсни инхо аиуристтә хаҿқәеи ахатәхаҿқәеи рхатәы ҳәынҭқарреи апартниор-ҳәынҭқарреи рҿы хашәалахкык азы ашәахтә ҩынтә ирымшәо аҭагылазаашьақәа азԥхьагәанаҭоит.
Ари азҵаара аӡбара аинвестициақәа ралагалара иацхраауеит ҳәа иазгәаҭоуп аилыркааратә шәҟәыцҵаҿы.
Адокумент аҿы адивидендқәеи ароиалтиқәеи рыла иҟоу ахашәалахәы азы ашәахтә 10% ҳәа ишьақәнаргылоит, ҳәынҭқарратә усбарҭақәак аалхны.
Уи адагьы, аргыларақәа мҩаԥызго урҭ ахьымҩаԥиго атәылаҿы 18 мзы рыҩнуҵҟа льготатә аамҭахәҭак ҳәа иазшьаны ашәахтә ашәараҟынтә ихы дақәиҭуп, убри аамҭазы ҳәынҭқаррак акомпаниа аҽа ҳәынҭқаррак аҵакыраҿы ахаҭарнакра аԥнаҵом. Альготатә аамҭа иалагӡаны, ашәахтә ашәара ахьымҩаԥысуа уахьынхо атәылаҿы мацара ауп.
Аԥснынтәи иаашьҭыз агуманитартә еидара Курсктәи аобласт ахь жьҭаара 24 рзы инеит, ҳәа аанацҳаит Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра.
Аусбарҭа анаԥхгаҩы Лев Кәыҵниа арегион анапхгара ахаҭарнакцәеи агуманитартә усхк аҿы аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит, уахь иаҵанакуеит Курсктәи аобласт ахәыҷқәа Аԥсны рыԥсы дыршьареи рреабилитациеи реиҿкаарагьы.
Арегион аиҳабыра рыӡбарала Кәыҵниа ианашьоуп агәаларшәагатә медал.
Аидара зҭаз акалонна Аԥснынтәи идәықәлеит жьҭаара 21 рзы. Ареспублика атәылауааи, аилахәырақәеи, агәыҳалалратә еиҿкаарақәеи еизыргеит 30 тонна афатә-пжәтә, аԥаҭлыка иҭоу аӡы, агигиенатә хархәагақәа.
Актәи жәларбжьаратәи аспорттә усмҩаԥгатә "Аҟәа-марафон" Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы жьҭаарамза 26, 27 рзы имҩаԥысит. Уи Аԥсны мацара акәымкәа, Урыстәыла, Белоруссиа, Ҟазахсҭан, Кыргызысҭан рҟынтәи 700-ҩык инареиҳаны рхы аладырхәит.
Апрофессионалтә ҩцәеи аспорт абзиабаҩцәеи еиуеиԥшым адистанциақәа рҿы еицлабуан. Амарафон аартра амш аҽны 13 шықәса зхыҵуа, 190-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа рымч ԥыршәеит. Урҭ 500 метра инаркны километрак рҟынӡа иҩуан.
Адырҩаҽны, жьҭаарамза 27 рзы, 5 километрак, 21,1 километра, 42,2 километра рҟны аицлабрақәа мҩаԥысит. Урҭ рхы рыладырхәит шәҩыла ауаа. Аспортсменцәа Адраматә театр ашҭаҟынтәи иҵҟьеит, Леон имҩахь ақалақь зегьы иалсны инеит.
Аиааира згаз Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынбеи Аҳәынҭқарратә спорттә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагбеи амедалқәеи асертификатқәеи аԥаратә ҳамҭақәеи ранаршьеит.
Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаан аконцертқәа, акәашаратә хәылԥазқәа, амилаҭтә чыси аҩи рфестиваль, аџьынџьыхәа аҟаҵареи ахыци ахәымпали рылаахысреи рзы аҟазаратә-классқәа.
Ҟарачы-Черкесстәи аҳәынҭқарратә акәашаратә театр "Меркури" Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа асценаҿы ашәахьа, жьҭаарамза 21 рзы иқәгылеит.
Агәыԥ еиуеиԥшым ахореографиатә номерқәа ахәаԥшцәа иднарбеит – ажәытәтәи адыга кәашара "Кафа", ачечен кәашара "Нохчи" уҳәа убас егьырҭгьы. Иара убас ашәақәа нарыгӡеит Ареспублика зҽаԥсазтәыз артистка Анжела Мукова, Ҟарачы-Черқьестәи Ареспублика Аҳәынҭқарратә филармониа асолистцәа Рамина Китаиеваи Алиат Нурлубаевеи, ашәаҳәаҩ Қьаазим Шидакови егьырҭ асолистцәеи.
Иҳаҩсыз амчыбжь азы Аҟәа имҩаԥысит жәларбжьаратәи аурыс бызшәа аолимпиада “Пушкин #225” афинал.
Аолимпиада аамҭакала имҩаԥысит Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи, Ермантәылеи. Уи рхы аладырхәит хнызқьҩык рҟынӡа, урҭ рахьынтә зықьҩык Аԥснытәиқәан. Латәарадатәи аетап аихшьаалақәа рыла, 56-ҩык аԥсуа школхәыҷқәа афинал аҟынӡа инеит.
Александр Пушкин диижьҭеи 225 шықәса аҵра иазкыз Аолимпиада апоет ирҿиамҭақәа ирыдҳәалан адҵақәагьы. Афиналистцәа зегьы асертификатқәа ранашьан, мышқәак рыла аиааира згаз хҩык еилкаахоит. Аԥхьахә–Армавирҟа аныҟәара, Анапа ахәыҷтәы лагерь аҿы аԥсшьара.
Аусмҩаԥгатә аиҿкааҩцәа – Армавиртәи аҳәынҭқарратә рҵаҩратә университет, Гал ақалақь аҿы Иаарту аҵаратә Центр, Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра ацхыраарала
Жьҭаарамза 26 рзы Аҟәа ақалақь аҿы ашьапылампыл маҷ азы Жәларбжьаратәи атурнир афинал мҩаԥысит аинвалидцәа-ампутантцәа рыбжьара. Аиааира агеит Аԥсны акоманда, урҭ Барнаултәи акоманда 5:0 ҳәа ириааит.
Атурнир Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз Аԥсны ауааԥсыра ргәалашәара иазкын. Уи мҩаԥысуан жьҭаарамза 23 инаркны 26 рҟынӡа. Аиааира агаразы еицлабуан Аԥсны, Кемерово, Барнаул, Новороссииск, Ҟрым ркомандақәа.