Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Кәыҵниа Урыстәыла арегион ҿыцқәеи Аԥсни реимадара иазкны

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Кәыҵниа Урыстәыла арегион ҿыцқәеи Аԥсни реимадара иазкны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла арегион ҿыцқәа реимадаразы Аԥсны ахада ихаҭарнак, Аԥсны АҶА аминистр Лев Кәыҵниа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, ааигәа Курсктәи аобласт ахь игаз агуманитартә цхыраара шеидкылаз, уаҟа аидара шрыдыркылаз, насгьы егьырҭ Урыстәыла арегионқәеи Аԥсни реимадара шеиҿкаау.
30 тонна инареиҳаны Аԥснынтәи агуманитартә цхыраара Курсктәи аобласт ахь инагоуп. Еиҭа Ашықәс ҿыц аламаҭалаз есышықәса еиԥш сынтәагьы игахоит амандаринақәа, ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Кәыҵниа.
Еиҭеиҳәеит, арегион анапхгара рхаҭарнакцәеи иареи ишалацәажәаз азҵаара, аҳәыҷқәеи анацәеи арахь раагаразы. Ҩымчыбжь ҳәа 30-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра реабилитациа ҳасабала иаараны иҟоуп, иҳәеит Кәыҵниа.
Урыстәыла арегион ҿыцқәеи Аԥсни реимадара атәы далацәажәауа Лев Кәыҵниа иҳәеит, русеицура шьҭа 14 шықәса шахыҵуа.
"Еиҳарак аимадара ҳабжьоуп аинформациа аганахьала, ҳаҷкәынцәа еибашьцәа рызҵаарала. Хабарда ибжьаӡыз ыҟоуп, ҩыџьа аҷкәынцәа ааигәа ишҭахаз аадыруеит. Урҭ ралгаразы аусура цоит", - иҳәеит Кәыҵниа.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0