Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Кархалаа арҵаҩцәа рԥышәа аизырҳара иазку акурсқәа ртәы

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Кархалаа арҵаҩцәа рԥышәа аизырҳара иазку акурсқәа ртәы
Анапаҵаҩра
Арҵаҩцәа рзы иахьынӡацхыраагӡоу, азанааҭтә ҩаӡара ашьҭыхразы акурсқәа рҟынтәи иззыԥшу атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Гәлиа ихьӡ зху Уарчатәи абжьаратә школ аиҳабы, афизика арҵаҩы Омар Кархалаа.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы аматематикеи афизикеи рырҵаҩцәа рԥышәа аизырҳаразы акурсқәа мҩаԥысуеит. Уи еиҿнакааит ААУ иҟоу Азанааҭтә ҩаӡара ашьҭыхреи акадрқәа реиҭазыҟаҵареи рзы ареспубликатә центр. Ацентр аиҳабы Медеиа Ченгьелиаԥҳа иазгәалҭеит, ҳаамҭазы аҵара ахырхарҭаҟны аус зуа рҿаԥхьа ахыдҵа ҳаракқәа шықәгылоу, убри аҟынтә дара аинформациатә технологиақәеи апрограмма ҿыцқәеи рнапахьы иааргалар шакәу.
"Ҳәарада, акурсқәа даара акрызҵазкуа усуп. Арҵаҩы аԥышәа змоу, мамзаргьы измам ҳәа акәӡам ишыҟоу. Акурсқәа иаҳзаԥхьо иахьатәи аамҭа иақәшәо атехнологиа ала иҳазнаргоит. Еилкаауп иахьа Аԥсны ашколқәа рҭагылазаашьа иаҳҳәа-иаҳӡа ишхьысҳау, уи зегьы ирдыруеит. Атехнологиақәа шьаҿа дула ԥхьаҟа ицоит, урҭ рыхьӡара ҳцәыуадаҩуп, убри аҟынтә ҳазлаху акурсқәа алҵшәагьы роуп ҳәа сгәы иаанагоит", - иҳәеит Кархалаа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0