Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Риҵа инаркны Ауадҳараҟа узго амҩа адыркит илеиз асы иахҟьаны

© Foto / Рицинский НацпаркСнегоуборочная машина в рицинском Нацпарке
Снегоуборочная машина в рицинском Нацпарке  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.11.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 5 - Sputnik. Риҵа инаркны Ауадҳараҟа узго амҩеи аӡиа аҩадатәи ахәҭагьы 3-4 мшы ҳәа иадыркит аҭааҩцәа рзы, асы ахьлеиз, амҩақәагьы иахьрықәҵааз иахҟьаны. Абри атәы арадио Sputnik аҿы иҳәеит Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк абнахылаԥшҩы хада Ҭенгиз Џьергьениа.
Аӡынразы 40-тәи акилометр ашьҭахь амҩа зынӡа иадыркырц ргәы иҭоуп, амашәырқәа ҟамларацы ҳәа азгәеиҭеит иара.
Иахьа илеиз асы аҿыгҳара 25 сантиметра иҟан ашьыжь. Амилаҭтә парк аусзуҩцәа ауаа ирабжьыргоит Риҵаҟа ихало амашьынақәа рыгьежьхарԥақәа аӡынтәиқәа рыла ирыԥсахырц.
 Џьергьениа Риҵа илеиз раԥхьатәи асазы: ҳауаажәлар аанагеит - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.11.2024
Арадио
Џьергьениа Риҵа илеиз раԥхьатәи асазы: ҳауаажәлар аанагеит
Ажәабжьқәа зегьы
0