Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Џьопуа акәытқәа рчымазареи алаҵаҟаҵареи ирызкны

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Џьопуа акәытқәа рчымазареи алаҵаҟаҵареи ирызкны
Анапаҵаҩра
Акәытқәа рчымазара аганахьала аҭагылазаашьа зеиԥшроу, уи аҭышәныртәаларазы аветеринарцәа иҟарҵар алшо, убасгьы асезонтә чмазарақәеи алаҵаҟаҵареи дрылацәажәеит арадио Sputnik аефир аҟны Аԥсны аветеринар хада Роман Џьопуа.
Аԥсны акәытқәа рчымазарақәа хыхкык ыҟоуп, ҭагалан, аӡын ҳанӷыҵало урҭ иаҳа рыҽдырцәгьоит, ирацәахоит, иҳәеит аветеринар хада. Иара иажәақәа рыла, иахьазы Тҟәарчали Гали араионқәа рҟны аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп, егьырҭ араионқәа рҟны ус еиԥш ачымазарақәа ыҟоуп, хадаратәла амырза чымазара.
"Ауааԥсыра амырза чымазара ҳәа иашьҭоуп уи, аха иара ахьӡ иашацәҟьа Ниукасл ачымазара ауп. Ауаҩы изы ашәарҭара ацӡам, ари ачымазара ихьӡом. Ҳәара аҭахума, ичмазаҩу акәты ишьны афара ҟалаӡом. Аҳәара ҟасҵоит ауаа рахь зыкәты чмазаҩхаз аветеринарцәа ирыдҵааларц, урҭ ишырҳәо иақәыршәаны рхы мҩаԥыргарц", - иҳәеит Џьопуа.
Иара иазгәеиҭеит иԥсыз акәты анхацәа иршәны ақәаҵа иҵырмыжьроуп, инарҵауланы ижны анышә иарҭароуп, мамзар ирблыроуп ҳәа. Зылахь еиқәу акәты егьырҭ ирылганы хазы иҭактәуп, аспециалист ирбатәуп, иҳәеит Џьопуа.
Аветеринар хада убасгьы иҳәеит алаҵа шыҟоу акәытқәа рчымазара аҟынтә.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0