https://sputnik-abkhazia.info/20241119/asny-akhada-aslan-bzhania-inapynaa-sheioit-1052915849.html
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа инапынҵақәа шьҭеиҵоит
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа инапынҵақәа шьҭеиҵоит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, абҵара 18 - Sputnik. Аиҳабыреи аоппозициеи рхаҭарнакцәа аа-сааҭк ицоз аиҿцәажәарақәа ирылҵшәаны аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит. 19.11.2024, Sputnik Аҧсны
2024-11-19T03:40+0300
2024-11-19T03:40+0300
2024-12-23T01:20+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны ахада иалхрақәа - 2025
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0b/13/1052914833_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_016016343bf64d62533bf3f30ca2a9ca.jpg
АҞӘА, абҵара 18 - Sputnik. Аиҳабыреи аоппозициеи рхаҭарнакцәа аа-сааҭк ицоз аиҿцәажәарақәа ирылҵшәаны аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.Аганқәа зегьы зықәшаҳаҭу алҵшәақәа ирзааит ҳәа ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит Жәлар Реизара ахантәаҩы Лаша Ашәба. Аԥсны хада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба ишьақәирӷәӷәеит Аслан Бжьаниа ԥхьатәара дцарц шиӡбаз, атәылаҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи реиқәырхаразы.Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа, амчратә усбарҭақәагьы убрахь иналаҵаны, рнапхгаҩцәа рмаҵурақәа рҿы иаанхоит ҳәа адырра ҟаиҵеит Апарламент адепутат Кан Кәарҷиа. Иара иажәақәа рыла, ари азҵаара алацәажәара аиҿцәажәарақәа рышьҭахь ишьҭыххоит.Аԥсны жәлар ракзаара аиҿкаара ахантәаҩы Адгәыр Арӡынба аҿагылара иалахәыз зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит, дагьрыҳәеит зегьы рыҩныҟа ицарц, иззеизаз рхықәкы ахьынаӡаз азы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0b/13/1052914833_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_3d26ee4c54b6434a202bf0ef48875b3d.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа, аԥсны ахада иалхрақәа - 2025
аԥсны, ажәабжьқәа, аԥсны ахада иалхрақәа - 2025
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа инапынҵақәа шьҭеиҵоит
03:40 19.11.2024 (ирҿыцуп: 01:20 23.12.2024) АҞӘА, абҵара 18 - Sputnik. Аиҳабыреи аоппозициеи рхаҭарнакцәа аа-сааҭк ицоз аиҿцәажәарақәа ирылҵшәаны аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.
Аслан Бжьаниа Аԥсны ахада инапынҵақәа шышьҭеиҵо азы арзаҳал инапы аҵаиҩуеит.
Аҿагылара зуа ауаа аиҳабыра рхыбрақәа аанрыжьуеит абҵарамза 19 2024 шықәса рзы. Ус анакәымха, Бжьаниа ԥхьатәара дышцо азы иарзаҳал мап ацәикуеит.
Абҵарамза 19 2024 шықәсазы Жәлар Реизара адепутатцәа Аслан Бжьаниа инапынҵақәа рышьҭаҵаразы иарзаҳал иахәаԥшуеит.
Атәыла ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба аԥыза-министр Александр Анқәаб инапынҵақәа рҟынтәи ихы дақәиҭитәуеит, ари амаҵзураҟны Валери Бганба дшьақәиргәӷәоит.
Аганқәа зегьы зықәшаҳаҭу алҵшәақәа ирзааит ҳәа ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит Жәлар Реизара ахантәаҩы Лаша Ашәба.
Аԥсны хада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба ишьақәирӷәӷәеит Аслан Бжьаниа ԥхьатәара дцарц шиӡбаз, атәылаҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи реиқәырхаразы.
"Ари акыр аамҭа ицоз аиҿцәажәарақәа ирылҵшәахеит. Урҭ жә-сааҭк инареиҳаны ицон. Уажәы зегь реиҳа ихадоу — азин мҩа ҳацәхьамҵроуп", — ҳәа азгәеиҭеит иара.
Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа, амчратә усбарҭақәагьы убрахь иналаҵаны, рнапхгаҩцәа рмаҵурақәа рҿы иаанхоит ҳәа адырра ҟаиҵеит Апарламент адепутат Кан Кәарҷиа. Иара иажәақәа рыла, ари азҵаара алацәажәара аиҿцәажәарақәа рышьҭахь ишьҭыххоит.
Аԥсны жәлар ракзаара аиҿкаара ахантәаҩы Адгәыр Арӡынба аҿагылара иалахәыз зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит, дагьрыҳәеит зегьы рыҩныҟа ицарц, иззеизаз рхықәкы ахьынаӡаз азы.