Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Аҟаб аҵкьыс сара сеиӷьым аума ибҳәарц ибҭаху?" - Аҟаб асимволикатә ҵакқәа

© Sputnik / Томас Тхайцук Осень в Абхазии
Осень в Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.11.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа ртрадициатә культураҿы аҟаб ҵакыс иааннакыло атәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа.
Аҟаб (аҟабақ) аритуалқәа рҿы
Ахьы ҭагалан аҟара абеиара змоу иарбан даҽа аамҭоу?! Ахьыԥштәыла иҭалаҳәҳәоу аԥсабара ауаатәыҩса абеиара рзаанагоит. Абар ҭагалан аҵыхәтәантәи амза ахыркәшарахьгьы инеит, ажәытә ԥхьаӡарала даҽа ҩымчыбжьа аамҭа шамоугьы. Ақыҭақәа рҿы анхацәа аҭагаларақәа ахыркәшарахь инеихьеит – рџьықәреи, ршәыр-рқәыр ҿырххьеит, аӡын ахәы аздырхиеит.
Ҽаҩраҭагалара абеиара асимволика ныҟәызго ауҭраҭыхқәа ируакуп аҟаб (аҟабақ). Ихьыԥштәыланы иҟоу иара аԥшшәгьы абеиара (ахьы) иадукылар ауеит. Аҟаб адунеи ажәларқәа рмифологиаҿы асимволикатә ҵакыла аԥсҭазаара зхылҵуа, изырҿио Ан-анцәахәы лхаҿсахьа иадыркылоит, аԥсабара абеиара, аизҳара аанарҧшуеит. Иара аформа ахаҭагьы, аҩныҵҟа иагәылоу ажәлақәагьы адгьыл аҿиара иадыркылоит. Убриаҟнытә машәырынгьы иҟам аҟаб аритуалтә дунеи аҿы иалкаау аҭыԥ ахьамоу.
аҿа-маҿа - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.10.2020
"Џаџа – ҳуҭра рџаџа, ҳамхы рџаџа!": аҽаҩра барақьаҭхарц аныҳәара
Иаҳгәалаҳаршәап, ԥҳәысхаҿыла иаарҧшу адгьылқәаарыхра анцәахәы Џаџа илызкны имҩаԥырго аныҳәара. Ари аныҳәара амҩаԥгараан ихадароу хәҭааны анцәахәы лыхьӡала иадыргалоит аҟаб. Аныҳәаразгьы иреиӷьу ауп иалырхуагьы. Аҟаб заҟа идуу аҟара ҭагалара абеиара аанагоит ҳәа иԥхьаӡоуп. Уи анаҩсангьы, аҟаб ҩ-дунеик рсимволрагьы аанарԥшуеит – нарцәи аарцәи, функциасгьы иамоуп нарцәытәи амч лашьцақәа рҟынтәи аҽыхьчара.
Аԥсуаа ртрадициатә культураҿы аҟаб нарцәытәи адунеи ишадҳәалоу зырҵабыргуа иреиуоуп иара убас, уи аишәаргыларақәа рҿгьы ахархәара ахьамоу, аишәа иадыргало ачысхкқәа иреиуаны иахьыҟоу.
Аҟаб ихадароу чысхкны иаҳԥылоит аижәлантә Амԥараа имҩаҧырго аныҳәара аҟынгьы. 2019 шықәсазы схаҭа сызлахәыз урҭ рныҳәараҿгьы уи шыҟарҵоз збеит. Иазгәаҭатәуп, ари аныҳәара иалахәыз инаргоз досу рмарҭхәқәа рҿы аҳра шамаз аҟаб, ашыла, аџьыкхыш, ацәа инрываргыланы, аҭацацәа ирмарҭхәны аҟабгьы наргон. Урҭ аҟабқәа аныҳәаҩ аныҳәарҭа ҭыԥ аҿы еиҟәырԥԥаны, аԥырӷқәа ирықәҵаны инарҳәаарҳәны иӡуеит аҷкәынцәа ицырхырааны. Иара аныҳәарҭа ҭыԥ аҟноуп уи агьама ахьырбогьы ианныҳәалак ашьҭахь.
Амԥараа рныҳәара Аг-ныха ахыркәшаратә ритуал - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.11.2018
Амҧараа рныҳәара – Аг-ных ажәытәи аҿатәи реиҿырҧшра амҩала
Аҟаб аԥсабара аҿиара иасимволны, иара убри аангьы амч лашьцақәа ныҟәызго акәны ишыҟоугьы иккаӡа иаарԥшуп аԥсуа лакәқәа рҿгьы. Иаҳгәалаҳаршәап алакә аԥҳәысеиба еиқәлырхаз аҵыс илзаанагаз аҟабжәла ахьы згәылаз, уи иаҵашьыцыз даҽа ԥҳәыск илзаанагаз амаҭ еиқәаҵәақәа злаз…
"Аҟаб аҵкьыс сара сеиӷьым аума ибҳәарц ибҭаху?"
Аԥсуаа ргәырхаага-хкқәа алкааны рыӡбахә анырҳәо урҭ ирыгәҭылсоуп аҟаб. Уи рӡуеит, ма иржәуеит, аџьыка ахьыршьуеит, акакан адыркылоит. Иара ауаҩы ицәеижь иазеиӷьуп, акыр ахәарҭара алоуп.
Издыруа маҷуп аҟаб иаҵоу даҽа маӡакгьы. Уи згәаҭарак аҳасабала ишьҭыркаар ҟалоит аҭыԥҳацәа. Ажәытәан, аҭыԥҳа леиҽырбара иашьҭоу арԥыс лара дылгәамԥхозар, уи дшылгәамԥхо алаилырдырыр лылшон аҟаб ала. Аҟаб жәны иаԥхьа ианықәылҵа, мамзаргьы уи иҳамҭа аҭакс аҟаб анизыналышьҭ, иусқәа башоуп ҳәа ауп иалҳәо.
"- Аҟабақ аҵкьыс сара сеиӷьым бҳәарц аума ибҭаху? Ҵоуп, схы ҟабақк иаҟаразар ҟалап, аха уиала сыхә бшьар иашам!
- Уаҟәыҵ, уаҟәыҵ наҟ, уҿы иҭырыҩуа уздырӡом!" - ҳәа ҳаҧхьоит Анатолии Возба иҩымҭақәа руак аҿы, аԥҳәызба илышьҭаз арԥыс имҵалыргылаз аҟабақ иҟазшьа-ахҭацәра аазырԥшуа акәны иарбо.
Обручальные кольца  - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.10.2021
Аԥсны
"Ашьана еимырдеит": аҭацаагара ақьабзқәа рахьтә
Ари иаҳнарбоит амаҭәарқәа зегь реиԥш, аҟаб(аҟабақ) ҩ-ҵакык аманы ишыҟоу: ганкахьала, абеиара, аҭәра ишадыркылогьы, даҽаганкахьала, аҟаб ацәа уанасуа иҭацәӡа абжьы шго еиԥш, ахшыҩдара, аҭацәра аанарԥшуеит. Ажәакала арԥыс дышәгәамԥхозар, "аҟабақ еиҧш деиҟәшәырԥап" уи ала аишәа изшәырхиар…
Аҟаб (аҟабақ) ахархәара амоуп аԥсуа музыкатә инструментқәа рыҟаҵараҿгьы. Уи ахәҵәы х-ҿышәҭак аҭаны амузыка адырҳәон. Агәыцәгьы иалырхуан ашьамшьыг захьӡыз иҭаҭәҳәаны иадырҳәоз амузыкатә инструмент.
Абасала, аҟаб афункциақәа акырӡа ирацәоуп, иамоуп апрактикатә ҵакгьы. Иара аритуалқәа рҿы иамоу ахархәашьала аԥсуаа ркультура адунеитә культура ишахәҭакәу узырдыруа амаҭәарқәа иреиуоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0