Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәыла архәҭақәа украинатәи аҳаирплан МиГ-29 ҭадырхеит

© Sputnik / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраБоевое дежурство ЗРК "Бук-М2" ЦВО в ДНР
Боевое дежурство ЗРК Бук-М2 ЦВО в ДНР - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.11.2024
Анапаҵаҩра
Уахыки-ҽнаки рыла Украина Арбџьармчқәа иҷыдоу арратә аоперациаҿы зқьҩыки бжаки инареиҳаны аруаа рыцәҭахеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
АҞӘА, абҵара 23 — Sputnik. Урыстәыла аруаа Украинатәи аҳауатә мчқәа рҳаирплан МиГ-29 адгьыл аҟны иҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
Урыстәылатәи аоперативтә-тактикатә авиациеи, аԥырҩы дызҭам ажәыларатә ҳаирпланқәеи, аракетатә мчқәеи, артиллериеи 149 регион рҟны арратә ҳаирплантә баӷәазақәа ринфраструктуреи, аӷа ируааи, арратә техникеи еилаԥырххаит.
Аҳауаҽацтәхьчаратә хархәагақәа иҭадырхеит анапхгараҭаратә авиациатә х-бомбак Hammer, аракетатә хгәыцәқәа HIMARS аабеи, 59 дрони.
Арратә операциа иалагазар иҭархоуп: 649 ҳаирыплан, 283 вертолиот, 36559 аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, 586 зенит-ракетатә комплекс, 19491 танки акәылӡымашьынеи, 1492 ареактивтә система, 18405 артиллериатә шьақәгылеи аминаршәгақәеи, 28 661 ак аибашьыгатә автомобилтә техника ҷыда.
Аусбарҭаҿ иара убасгьы ирҳәеит, урыстәылатәи архәҭақәа Кәырсктәи аобласт аҳәаа иахьазааигәоу аҭыԥқәа рҟны русура алҵшәақәа. Ари ахырхарҭала уахыки-ҽнаки рыла Киев иацәыӡит 360-ҩык рҟынӡа аибашьцәеи, аибашьыгатә машьынақәа ҩбеи, ҩ-кәылӡмашьынаки, автомашьынақәа 25, артиллериатә маругақәа хԥа, аминаршәгақәа ааба, арадиоелектронқәа ирҿагыло ҩ-станциаки.
Ажәабжьқәа зегьы
0