Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Агалереиа AUADA аҿы астудиа "Акакаҷ" аалыҵ – ахьымаҭәақәа рколлекциа ацәыргақәҵа аатит

© Sputnik / Марианна Кубрава Выставка ювелирной коллекции студии "Акакаҷ" ("Бусы", прим.) открылась в галерее AUAD
Выставка ювелирной коллекции студии Акакаҷ (Бусы, прим.) открылась в галерее AUAD - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.11.2024
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи астудиа "Акакаҷ" еиҿыркааит аҟазараҭҵааҩы Елена Лабахәуаԥҳи, асахьаҭыхҩы Мактина Гогьиаԥҳаи, адизаинер Стелла Саӡԥҳаи.
АҞӘА, абҵара 27 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Агалереиа AUADA аҿы иаатит ажәытәтәи аԥсуа-адыгатә ԥаратә техника ахархәарала иаԥҵоу астудиа "Акакаҷ" ахьымаҭәақәа рцәыргақәҵа.
"Сара сгәанала, ари раԥхьаӡатәи аԥсуа-адыгатә аԥаратә традициақәа рыла ишьақәгылоу ахьымаҭәақәа рцәыргақәҵоуп. Иааиз зегьы ҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит. Ҳара ҳзы шәара арахь шәааира акраҵанакуеит", - ҳәа инаҵшьны илҳәеит агалереиа AUADA ахаҭарнак Аԥшьа Ҳагԥҳа.
Астудиа "Акакаҷ" ашьаҭаркыҩцәа, аҟазараҭҵааҩы Елена Лабахәуаԥҳаи, асахьаҭыхҩы Мактина Гогьиаԥҳаи, адизаинер Стелла Саӡԥҳаи араӡны рахәыцқәа ирылхны рнапала иаԥырҵоит зеиԥшыҟам аҩычагақәа. Убри аан рҽазыршәоит аԥсуа-адыга ԥара атрадициақәа реиқәырхара мацара адагьы, ҳаамҭазтәи азнеишьақәеи рхатә идеиақәеи ралагаларала урҭ еиҳагьы рырбеиара.
© Sputnik / Марианна Кубрава

Агалереиа AUADA аҿы астудиа "Акакаҷ" аалыҵ – ахьымаҭәақәа рколлекциа ацәыргақәҵа аатит

Агалереиа AUADA аҿы астудиа "Акакаҷ" аалыҵ – ахьымаҭәақәа рколлекциа ацәыргақәҵа аатит - Sputnik Аҧсны
1/9

2/9

3/9

4/9

5/9

6/9

7/9

8/9

9/9

"Арҭ ахьымаҭәақәа напылаҟаҵароуп, ажәытәӡатәи аԥсуа-адыгатә традициатә ҟазара иатәуп, шьаҭас ирымоуп арахәыц – даараӡа ипоу араӡын рахәыц ала икәыршоу абырфын рахәыц. Аԥсны ажәытәангьы иҟан ари аҩыза аԥаратә традициақәа, аха рыцҳарас иҟалаз, ҳара уи ҳцәыӡит. Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа рҿы мацароуп иахьеиқәхаз", - ҳәа лҳәеит Елена Лабахәуаԥҳа.
Лара иазгәалҭеит 2018 шықәсазы Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа Бехьиџье Багба, Есен Кәыџба, Асиа Иаӷан раԥшьгарала акурсқәа шеиҿкааз, урҭ рҿы Есен Кәыџбеи Асиа Иаӷани мызқәак рыҩнуҵҟа аҭыԥантәи аҭыԥҳацәа ахьлыхымҭа аԥара ажәытәӡатә напҟазара шыддырҵоз.
Асахьаҭыхҩы Мактина Гогьиаԥҳа лакәзар, ацәыргақәҵаҿы иӡырырго амаҭәарқәа аҭааҩцәа ргәаҵанӡа инеип ҳәа агәыӷра шлымоу азгәалҭеит.
"Ашьа хымԥада ахы унардыруеит ҳәа аҳәара бзиа избалоит. Сара сгәанала, ҳара зегьы абарҭ аалыҵқәа ҳгәы шьҭнахуеит, иҟалап ҳхалагьы аиԥш зеиԥшу акы ҟаҳҵарц ҳҭаххар", - ҳәа азгәалҭеит лара.
Адизаинер Стелла Саӡԥҳа илҳәеит, астудиа "Акакаҷ" аусзуҩцәа Ҭырқәтәылаҟа ицаны аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа ишырԥылаз, урҭ ари аҟазара шырҿырҵаауаз атәы. Лара агәыӷра аалырԥшит, арҭ анапкымҭақәа аԥызҵаз рус иазаадырԥшуаз абзиабареи аласреи рыдубалартә иҟоуп ҳәа.

"Аусумҭақәа ԥыҭк анеизаҳга, урҭ ауаа идҳарбарц анаҳаӡба, хьӡыс иаҳҭарызеи ҳәа азҵаара ҳазцәырҵит. Ахьӡрацәа еилҳархит, аха "Акакаҷ" ҳазегь ҳзы ҳхәыҷраамҭа иагәаларшәаган иаабеит – акакаҷқәа анаҳрыԥхуаз, нас ҳахәда иахаҵаны ҳанныҟәоз. "Акакаҷ" – абас ахьӡуп аԥсуа еимхәыц – лаԥшхырԥагак аҳасаб ала ахәыҷқәа ргарақәа рҿы ихыршьуаз, амҩа иқәлоз ахацәа рзы ирԥоз. Аӡӷабцәеи аҳәсеи иныҟәыргон урҭ, алаԥш рҟәыблаазарц. Ҳара ари жәлар ртрадициа угәаланаршәоит ҳәа иазаҳшьеит", ҳәа лҳәеит Саӡԥҳа.

Астудиа "Акакаҷ" ахьлыхаалыҵ ацәыргақәҵа аартуп ԥхынҷкәын 4 рҟынӡа.
Выставка Олега Чедиа в галерее AUADA - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.10.2024
Аԥсны
Агалереиа AUADA аатит Аҟәа
Ажәабжьқәа зегьы
0