https://sputnik-abkhazia.info/20241130/abga-anyrk-sybgakhyup-aon-agygshyg-irykhaau-azhaaei-reilyrgaei-1052966713.html
"Абга анырк, сыбгахәыҷуп аҳәон": агыгшәыг ирыхҳәаау ажәаԥҟақәеи реилыргақәеи
"Абга анырк, сыбгахәыҷуп аҳәон": агыгшәыг ирыхҳәаау ажәаԥҟақәеи реилыргақәеи
Sputnik Аҧсны
Агыгшәыгқәа ирыхҳәаау ажәаԥҟақәеи урҭ реилыргақәеи шәрыԥхьарц шәылшоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал аҟны. 30.11.2024, Sputnik Аҧсны
2024-11-30T12:48+0300
2024-11-30T12:48+0300
2024-11-30T12:48+0300
аԥсны
жәлар рдоуҳа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102928/67/1029286763_0:161:2000:1286_1920x0_80_0_0_8891e5c0fb98d8ffbea1acb931e946a2.jpg
Агыгшәыгқәа ирыхҳәаау ажәаԥҟақәеи урҭ реилыргақәеи шәрыԥхьарц шәылшоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал аҟны.Аԥсабара иашаз абнатә ԥстәқәа шоит ихадоу ҩ-гәыԥкны: ашәарахқәеи агыгшәыгқәеи ҳәа. Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо иуԥыло гыгшәыгқәоуп: абга, абгалаџ, абгахәыҷы, аашьышь, ацыӷ, амшә уҳәа убас егьырҭгьы. Зкәацгьы зышшагьы хәшәу амшәи аашьышьи назлакым, агыгшәыгқәа ржьы аԥсуаа ирчысхәмызт.Аԥсуаа рҟәышра, рдунеихәаԥшра иалҵшәоу ажәаԥҟақәа реилазаараҿы ирацәоуп зыхьӡ ҳамоу агыгшәыгқәа ирыхҳәааугьы. Ҳарзааҭгылап урҭ хьыӡҳәала.АбгаАбга ижьышуа ԥстәуп, шәарыцаралоуп ахы шнықәнаго. Абга абна илҵны ауаа реиланхарақәа ианырзааигәахалак, аԥхасҭа ӷәӷәа арҿиоит. Амала абга зымшьҭа бзиоу ԥстәуп ҳәа агәаанагара ыҟоуп, "бга иԥылеит" рҳәоит зусқәа маншәалахаз ауаҩы изы.Абга ажьыхәҭа шҟәыннашьоз, ашьахәаргьы амаӡеит. Иуқәнагоу, иухәҭоу, узыԥсоу ала иухәаԥшны иурҭо анҟәнушьалак, иануаҭәаумшьалак, абас рҳәоит.Абга асыс рыцҳанашьан, ахыхшьых ннажьит. Ауаҩы хәымга иҟаиҵаша аныҟаиҵалак, ииуз ацәгьара дахьхәызшәа ҟаиҵоит, аиакум ззиуз дрыцҳаишьазшәа иҽыҟаиҵоит. Азгәаҭа ("ахыхшьых" – ашьтәа иацәынхаз арҳәарахқәа, урысшәала иуҳәозар "потроха").Абга анырк, сыбгахәыҷуп аҳәон. Ахәымгара ҟазҵо, ауаа аиакәым иақәзыршәо, амчымхара данақәшәалак ахырқьиара иҽазикуеит, дызлаҟаҵәҟьоу акәымкәа, иҵагьы иҽрыцҳатәны, цәгьара дук ҟаимҵаӡакәа ихы уирбоит.АцыӷАцыӷ (урысшәала "куница"). Атәылақәа жәпакы рҿы ацыӷ ацәа ахә ҳаракны иршьоит, ахылԥақәа, ахамқәа, акьаҿқәа алырхуеит. Ацыӷ ацыгәқәа рҭаацәара иаҵанакуа ԥстәуп, убри аҟнытә аԥсуаа амшьҭа цәгьоуп, умҩа еихнаҵәар уманшәалахом ҳәа азырыԥхьаӡоит.Ацыӷ аҵла иқәцаланы ахә ршьон. Уус уалгаанӡа, инаугӡаанӡа, иалҵуа убаанӡа алҵшәа уалацәажәо, заанац ахә ушьо уалагар, абас рҳәоит.Ацыӷ, хәҿа аагара ицаз, ахәыжәгьы азаамгеит. Ауаҩы бзиа даныҟоу анизымдыр, имоу-ихӡу ҳаҭыр анизақәымҵа, еиӷьу данашьҭала, имоугьы ицәыӡуеит.АмшәАмшә зымч-зылша дуу гыгшәыгуп. Бна бызшәала "шьапажә" ҳәа азырҳәоит. Рацәак ахьҭеи аси аныҟам аӡынрақәа раан зҭыҩраҿы ицәоу амшәқәа заа иҿыхар алшоит, ус иҟоу амшә амла иакуеит, ауаа рызгьы ишәарҭахар алшоит.Амшә ахьӡ иадҳәалоу ажәаԥҟақәа инарылукаауеит:Амшә ахаҳә ақәшәан имбыбит, амҿыхә ақәшәан имбыбит, аҭәыц анақәшәа абыбра иалагеит. Ауаҩы акы-ҩба ичҳаргьы, ҭаха ааиумҭаӡар, амаҷ азы ичҳара хышхыҵәар алшоит.Амшә абна ишылаз ацәа рҭииуан. Ауаҩы иус изыҟаҵо-изыҟамҵо изымдыруа, заанаҵ уи алҵшәа далацәажәо даналагалак, абас рҳәоит.Амшә абгахәыҷы ашьҭа анаба, иџьанашьон. Ауаҩы иара дызлаҟоу гәамҭаӡакәа, даҽаӡәы иԥшра-исахьа, илеишәа, ихымҩаԥгашьа џьеишьо далагар, абас ихырҳәаауеит.АбгахәыҷыАбгахәыҷы аԥсабара иаланаҵаз аԥшӡареи агызмалреи еибакапануеит. Акәытҵарақәа рҭалара иазҟазоуп. Абгахәыҷқәа абнаҿы иааҟәымҵӡакәа еибарҳәҳәозар, амшҵәгьа иатәуп рҳәон абыргцәа.Ажәаԥҟақәа рганахьала уазааҭгылозар:Абгахәыҷы ахазы ԥхыӡ бааԥс абаӡом. Ауаҩы хәымга ак сыхьып, аиакәым иҟасҵо аӡәы сахьирхәып ҳәа дыҟаӡам. Убри атәоуп ажәаԥҟа иҳанаҳәоугьы.Абгахәыҷы анԥсуаз схы акәытҵарахь ишәырха аҳәон. Ацәгьоурақәа ирышьцылаз ауаҩы ашәарҭа данҭагылоугьы, аԥсра ахықә данхықәгылоугьы, ибааԥсрақәа изкажьуам.Абгахәыҷы, кәтыжь уфарыма анырҳәа, ачча иакуан. Ауаҩы еснагь ихы-игәы иҭоу, имазарц ииҭаху уалацәажәар, аӡбахә уҳәар, ма иусҭап ҳәа иоуҳәар, деигәырӷьоит.
https://sputnik-abkhazia.info/20241020/alym-anytsougy-iaboit-abzhas-zala-aa-ileiuam-alymi-abzhasi-iryzku-aiyrshraa-1052615871.html
https://sputnik-abkhazia.info/20201122/Azhys-akhneiua-amshra-iatup-astei-asaatei-irykhaau-zhlar-razgaaraa-1031324331.html
https://sputnik-abkhazia.info/20240330/amsh-asha-zbazi-akhaa-zbazi-a-akha-a-ala-ikhyrkshou-azhaaa-1050596316.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102928/67/1029286763_71:0:1850:1334_1920x0_80_0_0_2c9f1198af88103e5c657d57a4a47b91.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
жәлар рдоуҳа, аԥсны
"Абга анырк, сыбгахәыҷуп аҳәон": агыгшәыг ирыхҳәаау ажәаԥҟақәеи реилыргақәеи
Сусанна Ҭаниаԥҳа
Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ
Агыгшәыгқәа ирыхҳәаау ажәаԥҟақәеи урҭ реилыргақәеи шәрыԥхьарц шәылшоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал аҟны.
Агыгшәыгқәа ирыхҳәаау ажәаԥҟақәеи урҭ реилыргақәеи шәрыԥхьарц шәылшоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал аҟны.
Аԥсабара иашаз абнатә ԥстәқәа шоит ихадоу ҩ-гәыԥкны: ашәарахқәеи агыгшәыгқәеи ҳәа. Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо иуԥыло гыгшәыгқәоуп: абга, абгалаџ, абгахәыҷы, аашьышь, ацыӷ, амшә уҳәа убас егьырҭгьы. Зкәацгьы зышшагьы хәшәу амшәи аашьышьи назлакым, агыгшәыгқәа ржьы аԥсуаа ирчысхәмызт.
Аԥсуаа рҟәышра, рдунеихәаԥшра иалҵшәоу ажәаԥҟақәа реилазаараҿы ирацәоуп зыхьӡ ҳамоу агыгшәыгқәа ирыхҳәааугьы. Ҳарзааҭгылап урҭ хьыӡҳәала.
Абга ижьышуа ԥстәуп, шәарыцаралоуп ахы шнықәнаго. Абга абна илҵны ауаа реиланхарақәа ианырзааигәахалак, аԥхасҭа ӷәӷәа арҿиоит. Амала абга зымшьҭа бзиоу ԥстәуп ҳәа агәаанагара ыҟоуп, "бга иԥылеит" рҳәоит зусқәа маншәалахаз ауаҩы изы.
Абга ажьыхәҭа шҟәыннашьоз, ашьахәаргьы амаӡеит. Иуқәнагоу, иухәҭоу, узыԥсоу ала иухәаԥшны иурҭо анҟәнушьалак, иануаҭәаумшьалак, абас рҳәоит.
Абга асыс рыцҳанашьан, ахыхшьых ннажьит. Ауаҩы хәымга иҟаиҵаша аныҟаиҵалак, ииуз ацәгьара дахьхәызшәа ҟаиҵоит, аиакум ззиуз дрыцҳаишьазшәа иҽыҟаиҵоит. Азгәаҭа ("ахыхшьых" – ашьтәа иацәынхаз арҳәарахқәа, урысшәала иуҳәозар "потроха").
Абга анырк, сыбгахәыҷуп аҳәон. Ахәымгара ҟазҵо, ауаа аиакәым иақәзыршәо, амчымхара данақәшәалак ахырқьиара иҽазикуеит, дызлаҟаҵәҟьоу акәымкәа, иҵагьы иҽрыцҳатәны, цәгьара дук ҟаимҵаӡакәа ихы уирбоит.
Ацыӷ (урысшәала "куница"). Атәылақәа жәпакы рҿы ацыӷ ацәа ахә ҳаракны иршьоит, ахылԥақәа, ахамқәа, акьаҿқәа алырхуеит. Ацыӷ ацыгәқәа рҭаацәара иаҵанакуа ԥстәуп, убри аҟнытә аԥсуаа амшьҭа цәгьоуп, умҩа еихнаҵәар уманшәалахом ҳәа азырыԥхьаӡоит.
Ацыӷ аҵла иқәцаланы ахә ршьон. Уус уалгаанӡа, инаугӡаанӡа, иалҵуа убаанӡа алҵшәа уалацәажәо, заанац ахә ушьо уалагар, абас рҳәоит.
Ацыӷ, хәҿа аагара ицаз, ахәыжәгьы азаамгеит. Ауаҩы бзиа даныҟоу анизымдыр, имоу-ихӡу ҳаҭыр анизақәымҵа, еиӷьу данашьҭала, имоугьы ицәыӡуеит.
Амшә зымч-зылша дуу гыгшәыгуп. Бна бызшәала "шьапажә" ҳәа азырҳәоит. Рацәак ахьҭеи аси аныҟам аӡынрақәа раан зҭыҩраҿы ицәоу амшәқәа заа иҿыхар алшоит, ус иҟоу амшә амла иакуеит, ауаа рызгьы ишәарҭахар алшоит.
Амшә ахьӡ иадҳәалоу ажәаԥҟақәа инарылукаауеит:
Амшә ахаҳә ақәшәан имбыбит, амҿыхә ақәшәан имбыбит, аҭәыц анақәшәа абыбра иалагеит. Ауаҩы акы-ҩба ичҳаргьы, ҭаха ааиумҭаӡар, амаҷ азы ичҳара хышхыҵәар алшоит.
Амшә абна ишылаз ацәа рҭииуан. Ауаҩы иус изыҟаҵо-изыҟамҵо изымдыруа, заанаҵ уи алҵшәа далацәажәо даналагалак, абас рҳәоит.
Амшә абгахәыҷы ашьҭа анаба, иџьанашьон. Ауаҩы иара дызлаҟоу гәамҭаӡакәа, даҽаӡәы иԥшра-исахьа, илеишәа, ихымҩаԥгашьа џьеишьо далагар, абас ихырҳәаауеит.
Абгахәыҷы аԥсабара иаланаҵаз аԥшӡареи агызмалреи еибакапануеит. Акәытҵарақәа рҭалара иазҟазоуп. Абгахәыҷқәа абнаҿы иааҟәымҵӡакәа еибарҳәҳәозар, амшҵәгьа иатәуп рҳәон абыргцәа.
Ажәаԥҟақәа рганахьала уазааҭгылозар:
Абгахәыҷы ахазы ԥхыӡ бааԥс абаӡом. Ауаҩы хәымга ак сыхьып, аиакәым иҟасҵо аӡәы сахьирхәып ҳәа дыҟаӡам. Убри атәоуп ажәаԥҟа иҳанаҳәоугьы.
Абгахәыҷы анԥсуаз схы акәытҵарахь ишәырха аҳәон. Ацәгьоурақәа ирышьцылаз ауаҩы ашәарҭа данҭагылоугьы, аԥсра ахықә данхықәгылоугьы, ибааԥсрақәа изкажьуам.
Абгахәыҷы, кәтыжь уфарыма анырҳәа, ачча иакуан. Ауаҩы еснагь ихы-игәы иҭоу, имазарц ииҭаху уалацәажәар, аӡбахә уҳәар, ма иусҭап ҳәа иоуҳәар, деигәырӷьоит.