https://sputnik-abkhazia.info/20241201/akhaaa-irykhshu-amshi-aashyshi-ryshsha-zhlar-rmeditsinany-1052988278.html
"Ахьаақәа ирыхәшәу": амшәи аашьышьи рышша жәлар рмедицинаҟны
"Ахьаақәа ирыхәшәу": амшәи аашьышьи рышша жәлар рмедицинаҟны
Sputnik Аҧсны
Ауаҩы игәабзиара еиӷьызтәуа амшә шшеи аашьышь шшеи жәлар рмедицинаҿы рхархәара зеиԥшроу атәы дазааҭгылоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ... 01.12.2024, Sputnik Аҧсны
2024-12-01T10:00+0300
2024-12-01T10:00+0300
2024-12-01T10:00+0300
аԥсны
аԥсны
жәлар рдоуҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0b/1c/1053009064_0:191:2962:1857_1920x0_80_0_0_948cf4b93a78b3be59953245c7845f6c.jpg
Агәабзиара иамоуп хаҿык, ачымазара шә-хаҿык. Идыруп, ауаҩы игәы анеиҟарам, хьаак данаргәамҵуа игәалаҟазаара шыҟам. Ари аҭагылазаашьаҿы агәкажьра ҟаумҵароуп, еицаҳдыруа ашәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа ишиҩуа еиԥш: "Ԥхьаҟа ацара ауанаҵы, ухьамҵан ушьҭахьҟа бзанҵы!" ҳәа уҽурӷәӷәароуп. Ачымазара иақәнагоу ахәшәтәра узаҭар, иахьца-иахьаа умбо "аҩ иҵалоит". Зны-зынла аԥсуаа ишырҳәо еиԥш "ухәшә уааҵраҿы" иҟазар ауеит, мамзаргьы абнатоураҿы иузыԥшызар.Ашша ахархәара жәлар рмедицинаҿыАбна аӡбахә баша иҳәамызт. Абна илоу агыгшәыгқәа инарылукаартә иҟоуп аашьышьи амшәи. Дара изреишәарыцо, ашьацҳәақәа ргыланы изыркуа, ауаҩы игәабзиара иазеиӷьу рышшеи ркәаци рзоуп. Аашьышьи амшәи рышша акыр ачымазарақәа ирыхәшәуп. Иаагозар, ишакәым ушьапы уҵашәазар, ихҳәацызар, аашьышь шша ахьушьыр (урысшәала "топленое нутряное сало барсука") иухәоит рҳәоит. Абаҩ хьааи абӷа хьааи идыргәамҵуа рҽырхәшәтәырц азы амшә ашша, ма аашьышь шша рхьыршьуеит. Ахәра уоузар, ирласны иӷьарацы иаакәыршан амшә ашша ахьыршьуан.Ахьҭалалареи аимҳәеи рыхәшәАуаҩы ӷәӷәала ахьҭа илаиҵазар, иҭаҵәахны ирымоу амшә ашша амцаҿы иаарӡыҭны ахьҭа злалаз инапқәа, игәышԥы, ибӷа иахьыршьуан. Аимҳәа ахәшәтәраан мҳаҵә хәыҷык азна аашьышь шша аџьмахш иаларӡыҭны, ишыԥхо иржәуеит.АимҳәацәгьаАимҳәацәгьа (урысшәала "туберкулез") зыхьыз ихәшәтәраҟны амшә шшеи ацхеи еиҟараны еиларҭәоит, нас акрырфаанӡа мышк хынтә мҳаҵә дук азна лбаардон. Аимҳәацәгьа змоу аџьмахш ааршны, цәыцак аҟны чаимҳаҵәк аашьышь шша лыхҵаны ижәыр, деиӷьхоит. АҵыхәтәажәаАхаҭа ажәа "ашша" хшыҩзышьҭра аҳҭап. Ауаҩы игәабзиара еиӷьызтәуа хыхь зыӡбахә ҳәаз ашша ахкқәа рыдагьы ахархәара рыман – ажә шша, аҳәашша, аџьмашша.Лымкаала ажә шша азеҭ аларҵәара ауаанӡа аҳәса рыкҿаҩраҟны афатә алаҟарҵон, аџьтәқәа аларџьуан. Иара убасгьы, аԥсуаа ражәаҳәаҿы иуԥылоит абри аҩыза аҿырԥштәқәа:Астатиа аиқәыршәараҿы хархәара азун С.М. Наҷҟьебиа лышәҟәы "Жәлар рмедицина алексика".
https://sputnik-abkhazia.info/20240420/agabziara-iazeiu-amakhshi-ui-ialou-akhararei-1050790486.html
https://sputnik-abkhazia.info/20230806/akhra-zyro-akhyrbytsi-zhlar-rmeditsinei-1047322881.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0b/1c/1053009064_116:0:2847:2048_1920x0_80_0_0_63d4ed807971056cd258246f1f335686.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, жәлар рдоуҳа
"Ахьаақәа ирыхәшәу": амшәи аашьышьи рышша жәлар рмедицинаҟны
Ауаҩы игәабзиара еиӷьызтәуа амшә шшеи аашьышь шшеи жәлар рмедицинаҿы рхархәара зеиԥшроу атәы дазааҭгылоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Агәабзиара иамоуп хаҿык, ачымазара шә-хаҿык. Идыруп, ауаҩы игәы анеиҟарам, хьаак данаргәамҵуа игәалаҟазаара шыҟам. Ари аҭагылазаашьаҿы агәкажьра ҟаумҵароуп, еицаҳдыруа ашәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа ишиҩуа еиԥш: "Ԥхьаҟа ацара ауанаҵы, ухьамҵан ушьҭахьҟа бзанҵы!" ҳәа уҽурӷәӷәароуп.
Ачымазара иақәнагоу ахәшәтәра узаҭар, иахьца-иахьаа умбо "аҩ иҵалоит". Зны-зынла аԥсуаа ишырҳәо еиԥш "ухәшә уааҵраҿы" иҟазар ауеит, мамзаргьы абнатоураҿы иузыԥшызар.
Ашша ахархәара жәлар рмедицинаҿы
Абна аӡбахә баша иҳәамызт. Абна илоу агыгшәыгқәа инарылукаартә иҟоуп аашьышьи амшәи. Дара изреишәарыцо, ашьацҳәақәа ргыланы изыркуа, ауаҩы игәабзиара иазеиӷьу рышшеи ркәаци рзоуп.
Аашьышьи амшәи рышша акыр ачымазарақәа ирыхәшәуп. Иаагозар, ишакәым ушьапы уҵашәазар, ихҳәацызар, аашьышь шша ахьушьыр (урысшәала "топленое нутряное сало барсука") иухәоит рҳәоит. Абаҩ хьааи абӷа хьааи идыргәамҵуа рҽырхәшәтәырц азы амшә ашша, ма аашьышь шша рхьыршьуеит. Ахәра уоузар, ирласны иӷьарацы иаакәыршан амшә ашша ахьыршьуан.
Ахьҭалалареи аимҳәеи рыхәшә
Ауаҩы ӷәӷәала ахьҭа илаиҵазар, иҭаҵәахны ирымоу амшә ашша амцаҿы иаарӡыҭны ахьҭа злалаз инапқәа, игәышԥы, ибӷа иахьыршьуан. Аимҳәа ахәшәтәраан мҳаҵә хәыҷык азна аашьышь шша аџьмахш иаларӡыҭны, ишыԥхо иржәуеит.
Аимҳәацәгьа (урысшәала "туберкулез") зыхьыз ихәшәтәраҟны амшә шшеи ацхеи еиҟараны еиларҭәоит, нас акрырфаанӡа мышк хынтә мҳаҵә дук азна лбаардон.
Аимҳәацәгьа змоу аџьмахш ааршны, цәыцак аҟны чаимҳаҵәк аашьышь шша лыхҵаны ижәыр, деиӷьхоит.
Ахаҭа ажәа "ашша" хшыҩзышьҭра аҳҭап. Ауаҩы игәабзиара еиӷьызтәуа хыхь зыӡбахә ҳәаз ашша ахкқәа рыдагьы ахархәара рыман – ажә шша, аҳәашша, аџьмашша.
Лымкаала ажә шша азеҭ аларҵәара ауаанӡа аҳәса рыкҿаҩраҟны афатә алаҟарҵон, аџьтәқәа аларџьуан.
Иара убасгьы, аԥсуаа ражәаҳәаҿы иуԥылоит абри аҩыза аҿырԥштәқәа:
Иԥсылоу аԥсаса ма ашьамаҟа ирзырҳәоит "маҿак ашша ақәуп" ҳәа.
Иҟалаз ахҭыс, аҭагылазаашьа аӡәы ианизыфеидоу, данеигәырӷьо "игәы ашша кыдлеит" рҳәоит.
Аимак-аиҿак, аусқәа зегьы рыӡбара, рырманшәалара иазҟазоу ауаҩы изырҳәоит "зегьы ашша ахьишьуеит" ҳәа.
Астатиа аиқәыршәараҿы хархәара азун С.М. Наҷҟьебиа лышәҟәы "Жәлар рмедицина алексика".