Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: Аԥсны ахада иалхрақәа ррыцхә, Аконституциа Амш, Аԥсны аҩқәа Бордо

© SputnikКруглый стол на тему "Конституция Абхазии 1994 года: история, современность, перспектива".
Круглый стол на тему Конституция Абхазии 1994 года: история, современность, перспектива. - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.12.2024
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik есымчыбжьа иҟанаҵо ахҳәааҿы еиқәнаршәеит, абҵара 25 инаркны ԥхынҷкәын 1 аҟынӡа ареспубликаҿы имҩаԥысыз акыр зҵазкуа ахҭысқәа рыхҳәаа.
Аԥсны Аконституциа аиубилеи Амш шазгәарҭаз, ареспублика ахада заанаҵтәи иалхрақәа анымҩаԥысуа, апрокурор Хада аоппозициа ахара зрыдиҵаз, Франциа аԥсуа ҩы-хкқәа рӡыргара шымҩаԥысыз Sputnik аматериал аҿы.

Аконституциа Амш

30 шықәса ҵит атәыла азакәан хада – Аԥсны Аконституциа рыдыркылеижьҭеи. Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба ареспублика атәылауаа ари аныҳәа рыдиныҳәалеит, инаҵшьынгьы иазгәеиҭеит Аконституциа анрыдыркылаз амш аԥсуа ҳәынҭқарра аҭоурых аҿы акырзҵазкуа арыцхәқәа ируакны ишыҟалаз.
"Ҳҳәынҭқарра шҳаҭәашьахаз ҳазхәыцуны, ҳара азин ҳамам Азакәан хада ишахәҭоу еиԥш пату ақәымҵара, мамзаргьы уи аԥхьагылара агәрамгара. Аҵыхәтәантәи аамҭазы иҟалаз ахҭысқәа даҽазныкгьы иаадырԥшит Аконституциа иҷыдоу аҵакы шамоу. Убри ауп аҭагылазаашьа азакәан аҳәаақәа ирҭагӡаны аанкылашьа алзыршаз", - ҳәа аҳәоит адныҳәалараҿы.
Аконституциа – аԥсуа жәлар рмилаҭтә гәазыҳәарақәеи рмилаҭтә идеиақәеи џьарак реизакроуп, ҳәа иҳәеит Гәынба.
Аԥсны Апарламент аҿы лаҵарамза абҵара 26 рзы Аконституциа Амш иазкны астол гьежь мҩаԥысит. Уи рхы аладырхәит Ауаажәларратә палата алахәылацәа, Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩцәа, уажәтәии уаанӡатәии аҳәынҭқарратә усзуҩцәа.
Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба, Аконституциа адкылара хымԥаданы иҟазҵаз 1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы игаз Аиааира алҵшәақәа рышьақәырӷәӷәареи, жәларбжьаратәи аҩаӡараҿы исуверентәу ҳәынҭқаррак аҳасабала ҳаӡбахә дырдырреи роуп ҳәа иҳәеит .
1999 шықәса жьҭаара 3 азы жәлар рреферендум аҟны Аԥсны Аконституциа шьақәдырӷәӷәеит, еицҿакрыла иагьеицрыдыркылеит. Ииасыз ашықәсқәа рзы атәыла азакәан хада имаҷымкәа аиҭакрақәа алагалан, урҭ аконституциатә система ашьаҭа арӷәӷәаразы акырӡа рыҵаркуеит ҳәа ишьаны.
Аиԥылара алахәылацәа уи адагьы иргәаладыршәеит атәыла Аконституциа шаԥҵаз, ишрыдыркылаз, уи азы злагала дуу, аҵыхәтәантәи 30 шықәса ирылагӡаны иҟаз аҭагылазаашьақәа инарықәыршәаны, иарбан ԥсахрақәоу иалагалахаз, иарбан ԥсахрақәоу иахьазы иҟаҵатәны ишьоу.

Ахада иалхрақәа

Ареспублика Апарламент аҿы Аԥсны ахада заанаҵтәи иалхрақәа жәабран 15 рзы имҩаԥгазарц арыцхә азԥырҵәеит.
Аԥсны алхратә комиссиа Хада ареспублика ахада иалхрақәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи рзы ихадоу аусмҩаԥгатәқәа рымзартә план шьақәнарӷәӷәеит. Аԥшьгаратә гәыԥқәеи апартиақәеи рҭаҩра ԥхынҷкәын 17 рзы ихацыркхоит, ихыркәшахоит – 2025 шықәса ажьырныҳәа 6 азы.
Аҳәынҭқарра ахадарахьы акандидатцәа рҭаҩра мҩаԥысуеит 2025 шықәса ажьырныҳәа 16 рҟынӡа. Жәабран 5 инаркны Ацентртә алхратә Комиссиа алхыҩцәа рсиақәа адырразы рыларҵәара иалагоит, алхыҩцәа абжьыҭира ахьымҩаԥысуа аамҭеи аҭыԥи ртәы рыланаҳәоит.
ЦИК Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.11.2024
Аԥсны
Аԥсны АКХ ахада иалхрақәа разыҟаҵареи рымҩаԥгареи рзы рымзартә план шьақәнарӷәӷәеит
Алхратә ҭыԥқәа рҿы алхратә комиссиақәа абжьыҭиратә биуллетенқәа рыла еиқәдыршәоит жәабран 13-14 рзы.
Абжьыҭира амш ашьҭахь, 2025 шықәса жәабран 18 рзынӡа, алхрақәа рылҵшәақәа еихыршьаалоит, урҭ рзы аԥкаанҵа анапаҵыҩра мҩаԥгахоит, хымш рыҩныҵҟа икьыԥхьхоит. Аиҭабжьыҭира 14 мшы иацымкәа еиҿкаахар алшоит.

Азиндырратә мчыбжьы

I Аԥсны азиндырратә мчыбжьы абҵара 25 рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысит. Уи Аԥсны Аконституциа ашьақәгылара 30 шықәса ахыҵра иазкын, иалахәын ареспублика азиндырыҩцәа рымацара рыдагьы Урыстәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟынтәи асасцәагьы.
Ареспублика аконституциатә Ӡбарҭа ахантәаҩы Диана Ԥлиаԥҳа иазгәалҭеит, аконституциатә Ӡбарҭеи аԥсуа телехәаԥшреи Аԥсны аконституциа адкылара аҭоурых иазку адокументалтә фильм еицҭырхит ҳәа.
Аконституциа атәылаҿы аҳәынҭқарратә мчра аиҿкааразы адемократиатә модель шьақәнаргылеит, амчрақәа реихшара апринцип ҳасаб азуны, ҳәа азгәалҭеит Ԥлиаԥҳа.
Аконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсны аконституциатә Ӡбареи Тибилов ихьӡ зху Аахыҵ Уаԥстәылатәи аҳәынҭқарратә университети аусеицуразы амеморандум рнапы аҵарҩит.
Азиндырратә мчыбжь аҳәаақәа ирҭагӡаны, иара убас атемақәа "Аҳәынҭқарратә мчра: ашьақәгылареи аусуреи рыпроблемақәеи" "Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа – 30 шықәса: алкаақәа, аусдҵа ҿыцқәа, аҿиара аԥеиԥшқәа" рыла аҭҵаарадырра-практикатә конференциақәа мҩаԥган.
Аусмҩаԥгатә аконституциатә Ӡбарҭа еиҿнакааит, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи рыцхыраарала.

"Еиҭамҵуа амазара акадастр азы" азакәан

Аԥсны Апарламент адепутатцәа "Еиҭамҵуа амазара акадастр азы" азакәан апроект аҩбатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьарала ирыдыркылеит абҵара 28 рзы.
Азакәан адкыларазы аԥсахрақәа рылагалан Ашьаустә кодекси административтә зинеилагарақәа рзы акодекси ҳәа иҳәеит адепутат Резо Занҭариа.
Иара иажәақәа рыла, азакәан атәылаҿы еиҭамҵуа амазаразы азинқәа рҭаҩреи ашәҟәы рҭагалареи уи азы аинформациа аҵәахреи рсистема аҟамзаареи еиҭамҵуа амазара акадастр зынӡагьы иахьыҟами инарымаданы ихымԥадатәиуп.
Акадастр аныҟәгара аԥҟара, уи аҟынтәи адыррақәа рыҭара уҳәа убас егьырҭ апроцедуратәи атехникатәи аҟазшьа змоу азҵаарақәа азакәанԥҵараеиҵаҟәшақәа рыҩаӡарала иҭышәныртәалахалоит.

Апрокуратура хадаҿы ауаа реизара

Аҟәа ақалақь, Аԥсны апрокуратура Хада ахыбра азааигәара, абҵара 25рзы гәыԥҩык атәылауаа еизеит. Урҭ апрокурор Хада Адгәыр Агрба ишидгыло рҳәеит. Агрба атәыла ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба апрокурор Хада иаҭаразы ақәыӷәӷәара изыҟарҵоит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит.
Иара иажәақәа рыла, адепутат Кан Кәарҷиа Гәынба адҵа ииҭоит Адгәыр Агрба прокурор Хадас икандидатура Аԥсны Жәлар Реизарахь инаимышьҭырц.
Агрба ишазгәеиҭаз ала Кәарҷиа дмақарит, мамзар “ауаа еиҭах аџьабаа дырбатәхоит” ҳәа.
Апрокурор Хада Адгәыр Агрба имаҵуратә ҿҳәара ԥхынҷкәын 12 рзы инҵәоит.

Адезертири УкрАШәМ адгылаҩи аанкылоуп

Аԥсны Аҳәынҭқарратә Шәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа иааныркылеит Украина Ашәарҭадаратә маҵзура адгылаҩи арра иацәыбналази.
Урыстәыла атәылауаа Павел Копцеви Владислав Лисови аанкылоуп Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭан. Аусбарҭа адыррақәа рыла Урыстәыла атәылауаа Павел Копцеви Владислав Лисови ашьауӷатә шьҭазаара рҽацәырыхьчарц, аԥаршеи шәҟәқәа рхы иархәаны ареспубликахь иааит.
Анаҩс дара Қырҭтәылаҟа ииасырц рыгәҭакын ареспублика атәылауаҩ ицхыраарала.
Наручники - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.11.2024
Аԥсны
Аԥсны иааныркылеит УАшәМ адгылаҩи арра иацәыбналази

Иалкаау рыгәҭа

Аҟәеи Гагреи ԥхынҷкәын мзазы аамҭа рацәала аԥсшьаразы иалырхуа еиҳа еицырдыруа аҭыԥқәа жәаба рхыԥхьаӡараҿы иҟан.
Амаҵзура Tvil излаанацҳауа ала, Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы уахык абжьаратәи ахәԥса 3109 мааҭ, Гагра – 3680 мааҭ. Абас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьаҿы, атуристцәа фбаҟа ҵхы раҟара рҭыԥ ааныркылоит.
Ареитинг аҿы актәи аҭыԥ ааннакылоит Железноводск, уаҟа уахык 2832 мааҭ узырханы уԥсы ушьар улшоит.
Еиҳа зыхә еиҵоу аҭыԥ Евпаториа ауп, уаҟа уахык 2308 мааҭ шәатәуп, Иалта зегь реиҳа зыхә цәгьоу акәны иԥхьаӡоуп, уахык 4722 мааҭ ушәоит.

"Акаҷыҷи" "аӷбажьи" Бордо

Европа ацәыргақәҵаҿы раԥхьаӡа акәны аԥсуа жьхкқәа ирылху аҩқәа наргеит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит Аԥсны ажьаарыхцәеи аҩыҟаҵацәеи Рассоциациа акреативтә директор Лаура Тарнааԥҳа.
Лара лажәаәқа рыла ацәыргақәҵа аҭааҩцәа — аенологцәа, аҩыҟаҵаҩцәа, акритикцәа, аҩыҟаҵаратә ҵараиурҭақәа рстудентцәеи роушьҭымҭацәеи.
"Ҳара аԥсуа жьқәа ржәытә-шьагәыҭтә сортқәа цәыраагеит. Арҭ аҩқәа ргьама европатәи асортқәа иреиԥшым, убри азы ирызџьышьатәын. Аҽазныкгьы ари ишьақәнарӷәӷәеит ҳажьхкқәа аԥеиԥш шрымоу, абри ахырхарҭала аҿиара шаҭаху", - ҳәа лҳәеит лара.
Ацәыргақәҵа аҽалархәра ахықәкы хадақәа иреиуоуп европатәи аҩқәа акырӡа иреиԥшым аҭыԥантәи аԥсуа ажьхкқәа "Акаҷыҷ", "Аӷбажь" ирылҵыз аҩқәа ргьама аҟазацәа дырбара. Тарнааԥҳа иазгәалҭеит аԥсуа ҩқәа аинтерес ду шцәырыргаз.

Аҟәа ацәыргақәҵа

Агалереиа AUADA аҿы абҵара 27 азы астудиа "Акакаҷ" аалыҵ – аԥсуа-адыга жәытәԥаратә техника ахархәарала еиҿкааз аалыҵқәа рколлекциа ацәыргақәҵа аатит.
Астудиа "Акакаҷ" ашьаҭаркыҩцәа – аҟазараҭҵааҩ Лена Лабахәуаԥҳа, адизаинер Стелла Саӡԥҳа, асахьаҭыхыҩ Мактина Гогьиаԥҳа рнапала иҟарҵоит араӡынрахәыц иалху арҩачагақәа, аԥсуа-адыга ԥара еиқәырханы ҳаамҭа иақәшәо аидиақәа алагаланы.
Астудиа "Акакаҷ" аколлекциа ацәыргақәҵа аус ауеит ԥхынҷқәын 4 рҟынӡа.

ВИЧи агепатити рҿагылараз акциа

Ареспубликатә цәа-дермотологиатә диспансери СПИД Ацентри атәылауаа ВИЧ-инфекциеи агепатит В, С рзы ргәаҭара иазку акциа мҩаԥыргеит.
Аҟәа ақалақь аҿы 41-ҩык ВИЧ-инфекциеи агепатит В, С рзы анонимтә гәаҭарақәа рхыргеит, ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит Ареспубликатә цәа-дермотологиатә диспансери СПИД-и рцентр адиректор Наҭелла Топуриаԥҳа.
Заанаҵтәи адыррақәа рыла алахәылацәа ԥшьҩык агепатит С рыман, даҽаӡәы агепатит В иман. Ииашаҵәҟьаны ари ашьақәырӷәӷәаразы урҭ ршьа изыцҵоу аҭҵаараз инашьҭхоит.
Аусмҩаԥгатә СПИД аҿагылара Адунеизегьтәи Амш иақәыршәан, агәаҭарақәа хәыда-ԥсада имҩаԥысуан.
Топуриаԥҳа иацылҵеит, еиҭаҵуа алабораториа мызкахьы ԥшьынтә Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи рахь ишнеиуа, арыцхәқәа заанаҵы ишрыларҳәо.
Ажәабжьқәа зегьы
0