Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аҩӡба аԥсуа чыс Сҭампыл аӡыргара иазкыз апроект азы: иаднаԥхьалаз рацәаҩхеит

Аҩӡба аԥсуа чыс Сҭамԥыл аӡыргара иазкын апроект азы: иаднаԥхьалаз рацәаҩхеит
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи афатә аалыҵқәа рпроект ӡырган Сҭампыл. Ишԥалыршахеи уи аиҿкаара, насгьы аумҩаԥгатә шԥамҩаԥыси, уи хықәкыс иамааз, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу ахаҭарнак Ибрагим Аҩӡба.
Апроект аԥшьган иҳамеижьҭеи акрааҵуан, уи алыршахеит Аԥсны ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палатеи Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнакреи еицымҩаԥыргаз аусура иабзоураны ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Аҩӡба.
"Дараа ибзианы имҩаԥысит. Аусмҩаԥгатә еизнагеит зыхьӡ нагаз ауаа. Аԥсуа чыс агьама рбаратәы иҟаҳҵеит. Иҵегьы Аԥсны аекономика ашьҭыхразы абизнесуаа ҳтәыла аӡбахә раҳарцаз еиҿаҳкааит. Идырбан афильм Аԥсны еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аинвестициақәа ралагаларазы иҟоу алшарақәа ртәы дзырдырыз. Аԥсны ицаны избар зҭаххаз дҟалеит. Уажәнатә аицәажәарақәа мҩаԥаҳгеит. Убраантәи абизнес арахь аагаразы, убри зегьы ираҳаратәы иҟаҳҵеит", - ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Аҩӡба.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0