Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Косилов ашықәсҿыцтәи аныҳәақәа рзы Аԥсны аԥсшьара аҭаххаразы: аизҳара бзиа азгәаҳҭоит

© Sputnik / Томас ТхайцукСергей Косилов
Сергей Косилов - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.12.2024
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи атуристтә еилахәыра аԥснытәи ахырхарҭа анапхгаҩы Сергеи Косилов ашықәс ҿыц азы заанаҵтәи аԥсшьарҭаҿаҵарақәа ртәы далацәажәеит.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 3 - Sputnik. Афон ҿыц аԥсшьараз ахәқәа ахьымариоу ҳәа иалыркаауа еицырдыруа жәа-ҭыԥк рхыԥхьаӡара иалашәеит. Уаҟа уахыктәи аԥсшьара абжьаратә ахәыԥса 2900 мааҭ ыҟоуп ҳәа аанацҳауеит амаҵзура Tvil.ru.
Урыстәылатәи атуристтә еилахәыра аԥснытәи ахырхарҭа анапхгаҩы Сергеи Косилов иҳаҩсыз ашқәсазтәи арбагақәа ирҿырԥшны Аԥсны аԥсшьаразы заанаҵтәи аҿаҵарақәа рымҩаԥгара далацәажәеит.
"Ҳара макьаназ аизҳара бзиақәа аабоит – 40 процент рҟынӡа. Ари иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы аус зуаз асасааирҭақәеи сынтәа ицәырҵызи аотельқәагьы аҵанакуеит. Аполитикатә ҭагылазаашьа иахҟьаны абҵарамзазы аҭирақәа ирнырыз ашықәс ҿыц азы анырра ҟарҵом", - ҳәа азгәеиҭеит Косилов.
Ауаа ашықәсҿыцтәи аныҳәақәа рзы аԥсшьара хдыррала иалырхуеит, еилыркаауеит атәылазы макьаназ иҟазшьарбагоу ҭынчымрақәак ыҟазар шалшо. Убри аҟнытә ауаа Аԥсныҟа ицоит цәгьара шыҟамло агәра ганы ҳәа иҳәеит Сергеи Косилов.
Ажәабжьқәа зегьы
0