Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Кәарҷиа 130-ҩык рышәҟәы аҩра шыҟалаз иазкны

Хра злоу ахҭысқәа: Кәарҷиа 130-ҩык рышәҟәы аҩра шыҟалаз иазкны
Анапаҵаҩра
"130-ҩык рышәҟәы" аҩра шыҟалази, иара иацааиуаз ахҭысқәеи арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, академик, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Ахьтәы Парламент адепутат Валери Кәарҷиа.
1970-1980 ашықәсқәа рзы ҳмилаҭтә хақәиҭратә қәԥара иахыҵхырҭоуп Аԥсуа институт, аҳәынҭқарратә музеи, асахьаҭыхыҩцәа реидгыла уҳәа акультуратә хәышҭаарақәа, ҳәа игәалаиршәоит Кәарҷиа уи аамҭа.
"Аԥсуа адгьыл иоурцаз, Қарҭ дцаны азин ылихырц акәын. Ауаа хырҵәаны Аԥсныҟа нхара раагаразы ақәҵара рыдыркылеит Қырҭҭәыла. Ус ирацәаны аԥсуаа иаҳҿагылаз ахҭысқәа рацәахеит. Гәыԥ-гәыԥ еидгыло иалагеит ҳҵараауа, изларылшо ала иаҿагылон, аха аҵыхәтәаны ҳҭоурых еиҭазҳәо, ҳгәаҟрақәа зныԥшуа ашәҟәы ҩны Москваҟа ашьҭра ҳгәы иҭаҳкит", - еиҭеиҳәоит Кәарҷиа.
Валери Кәарҷиа игәалаиршәеит ашәҟәы знапы аҵазыҩуаз шырыԥшаауаз, уахынла мацара аус шыруаз.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0