https://sputnik-abkhazia.info/20241216/amaining-ferma-rshaait-aa-naae-imay-iou-aekstraktt-zauad-akhybray-1053170332.html
Амаининг ферма рԥшааит Аҟәа Наӡаӡе имҩаҿы иҟоу аекстракттә зауад ахыбраҿы
Амаининг ферма рԥшааит Аҟәа Наӡаӡе имҩаҿы иҟоу аекстракттә зауад ахыбраҿы
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, ԥхынҷкәын 16 - Sputnik. Амаининг ферма рԥшааит Аҟәа Наӡаӡе имҩаҿы иҟоу аекстракттә зауад ахыбраҿы ҳәа аанацҳаит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра... 16.12.2024, Sputnik Аҧсны
2024-12-16T23:20+0300
2024-12-16T23:20+0300
2024-12-17T00:23+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/01/14/1037226255_0:151:3102:1896_1920x0_80_0_0_7aff017d439be05401c4fdf6215ebd61.jpg
АҞӘА, ԥхынҷкәын 16 - Sputnik. Амаининг ферма рԥшааит Аҟәа Наӡаӡе имҩаҿы иҟоу аекстракттә зауад ахыбраҿы ҳәа аанацҳаит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура. Зынӡа акриптовалиута арҳаразы амаининг аппаратқәа 34 рбеит, урҭ еизакны 149 кВт-сааҭ инареиҳаны афымцамч нырхуеит. Аппаратқәа Леонид Осиа итәуп, урҭ Аҳәынҭстандарт ашьҭаҵарҭахь инаргеит. Аҟәа ақалақьтә еизара ахантәаҩы Дмитри Осиа асоциалтә ҳақәа рҿы иазгәеиҭеит иаб иитәыз аппаратқәа азауад аҿы ишықәыргылаз Аԥсны амаининг закәанла ианалшоз аамҭазы. Уи анаԥырх ашьҭахь, "Амшынеиқәафымцамч" иферма официалла амҳәыр аадырхеит. "Убринахыс аппаратқәа ырцәан. Ҳара ҳобиект аҿы атрансформатор ахаҭаҿы афымцамчԥхьаӡага ықәгылоуп, дарбанзаалак аелектрик еиликаауеит уи афымцамчԥхьаӡага уавсны даҽа цәаҳәак шузымҩанымго. Уи адагьы, Аҳәынҭстандарт аусбарҭа ахаҭарнакцәа зегь гәарҭеит, шаҳаҭра руит уи ус шакәыз. Иагьа иуҭаххаргьы, уи афымцамчԥхьаӡага уаҩсны амаининг узаҿакӡом", — ҳәа аҳәамҭаҿы иазгәеиҭеит Осиа. Иара инаҵшьны иҳәеит азауад ахь агәаҭаразы ианнеиз, амаругақәа аус шырымуаз.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/01/14/1037226255_187:0:2916:2047_1920x0_80_0_0_46157165306ecd2de36b49d3024d7d54.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
АҞӘА, ԥхынҷкәын 16 - Sputnik. Амаининг ферма рԥшааит Аҟәа Наӡаӡе имҩаҿы иҟоу аекстракттә зауад ахыбраҿы ҳәа аанацҳаит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.
Зынӡа акриптовалиута арҳаразы амаининг аппаратқәа 34 рбеит, урҭ еизакны 149 кВт-сааҭ инареиҳаны афымцамч нырхуеит.
Аппаратқәа Леонид Осиа итәуп, урҭ Аҳәынҭстандарт ашьҭаҵарҭахь инаргеит. Аҟәа ақалақьтә еизара ахантәаҩы Дмитри Осиа асоциалтә ҳақәа рҿы иазгәеиҭеит иаб иитәыз аппаратқәа азауад аҿы ишықәыргылаз Аԥсны амаининг закәанла ианалшоз аамҭазы. Уи анаԥырх ашьҭахь, "Амшынеиқәафымцамч" иферма официалла амҳәыр аадырхеит.
"Убринахыс аппаратқәа ырцәан. Ҳара ҳобиект аҿы атрансформатор ахаҭаҿы афымцамчԥхьаӡага ықәгылоуп, дарбанзаалак аелектрик еиликаауеит уи афымцамчԥхьаӡага уавсны даҽа цәаҳәак шузымҩанымго. Уи адагьы, Аҳәынҭстандарт аусбарҭа ахаҭарнакцәа зегь гәарҭеит, шаҳаҭра руит уи ус шакәыз. Иагьа иуҭаххаргьы, уи афымцамчԥхьаӡага уаҩсны амаининг узаҿакӡом", — ҳәа аҳәамҭаҿы иазгәеиҭеит Осиа.
Иара инаҵшьны иҳәеит азауад ахь агәаҭаразы ианнеиз, амаругақәа аус шырымуаз.