https://sputnik-abkhazia.info/20241216/gablia-kavkaz-aryshba-izkny-seigyron-dakhasyuaz--1053167133.html
Габлиа Кавказ Аҭрышба изкны: сеигәырӷьон дахьаԥсыуаз
Габлиа Кавказ Аҭрышба изкны: сеигәырӷьон дахьаԥсыуаз
Sputnik Аҧсны
Иахьа Ҭырқәтәыла наунагӡа абзиараз ҳәа иарҳәеит адипломат, 1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Кавказ Аҭрышба. Асахьаҭыхҩы... 16.12.2024, Sputnik Аҧсны
2024-12-16T16:28+0300
2024-12-16T16:28+0300
2024-12-16T16:54+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0c/10/1053166969_0:0:1280:721_1920x0_80_0_0_0bf320e0360b98cb9919cdf02625f468.jpg
Габлиа Кавказ Аҭрышба изкны: сеигәырӷьон дахьаԥсыуаз
Sputnik Аҧсны
Габлиа Кавказ Аҭрышба изкны: сеигәырӷьон дахьаԥсыуаз
Иахьа Ҭырқәтәыла наунагӡа абзиараз ҳәа иарҳәеит адипломат, 1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Кавказ Аҭрышба. Асахьаҭыхҩы Руслан Габлиа аибашьраан Кавказ исахьа ҭихит. Уи ахҭыс шыҟалаз атәы, насгьы Кавказ Руслан игәалашәараҿы дшаанхаз атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит.Игыларагьы, иԥшрагьы, унапы анааникылалакгьы иџаџаӡа, угәы даахәаратәы иҟаз хаҵан ҳәа иҳәеит Габлиа аинтервиу аҿы."Кавказ иеиԥш иҟаз ауаа дуқәа, аибашьцәа, ижәҩахырқәа ҟьаҟьаӡа, аибашьраҿы ианубалак, угәы иазҳауан. Иҭысхуаз рыбжьара данызба, Кавказ дсыздырӡомызт, сҵааит, ианеилыскаа, убысҟак сиеигәырӷьеит, сиҳәеит дсызтәарцаз. Уамак сыгәра мгакәа дақәшаҳаҭхеит", - ҳәа игәалаиршәоит Габлиа.Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.1992-1993 шықәсқәа рзы иара Ҭырқәтәылантәи Аԥсны дааит иԥсадгьыл ахьчаразы. Аҭрышба Владислав Арӡынба инапынҵақәа ҷыдала иназыгӡоз агәыԥ напхгара аиҭон.1995 шықәсанӡа иара Аԥсны раԥхьатәи ахада ихьчаратә маҵзураҿы дыҟан.2021 шықәса мшаԥымза инаркны Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны Ахаҭарнакраҿы аусура далагеит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0c/10/1053166969_141:0:1280:854_1920x0_80_0_0_1d3e6e279a43cc67a22577985ba854f8.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Иахьа Ҭырқәтәыла наунагӡа абзиараз ҳәа иарҳәеит адипломат, 1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Кавказ Аҭрышба. Асахьаҭыхҩы Руслан Габлиа аибашьраан Кавказ исахьа ҭихит. Уи ахҭыс шыҟалаз атәы, насгьы Кавказ Руслан игәалашәараҿы дшаанхаз атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит.
Игыларагьы, иԥшрагьы, унапы анааникылалакгьы иџаџаӡа, угәы даахәаратәы иҟаз хаҵан ҳәа иҳәеит Габлиа аинтервиу аҿы.
"Кавказ иеиԥш иҟаз ауаа дуқәа, аибашьцәа, ижәҩахырқәа ҟьаҟьаӡа, аибашьраҿы ианубалак, угәы иазҳауан. Иҭысхуаз рыбжьара данызба, Кавказ дсыздырӡомызт, сҵааит, ианеилыскаа, убысҟак сиеигәырӷьеит, сиҳәеит дсызтәарцаз. Уамак сыгәра мгакәа дақәшаҳаҭхеит", - ҳәа игәалаиршәоит Габлиа.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
1992-1993 шықәсқәа рзы иара Ҭырқәтәылантәи Аԥсны дааит иԥсадгьыл ахьчаразы. Аҭрышба Владислав Арӡынба инапынҵақәа ҷыдала иназыгӡоз агәыԥ напхгара аиҭон.
1995 шықәсанӡа иара Аԥсны раԥхьатәи ахада ихьчаратә маҵзураҿы дыҟан.
2021 шықәса мшаԥымза инаркны Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны Ахаҭарнакраҿы аусура далагеит.