https://sputnik-abkhazia.info/20241221/1053221150.html
Ихаау "ахьы": Гагра амандарина шырҭаара
Ихаау "ахьы": Гагра амандарина шырҭаара
Sputnik Аҧсны
Амандарина аазрыхуа атәылақәа рхыԥхьаӡараҿы Аԥсны иаарыху акыр ахә ҳаракуп уи иамоу ахаҭабзиаразы. Амандарина агьама иҿыҵәҵәы-ҿыхаауп, афҩы лаҳа-лаҳауеит... 21.12.2024, Sputnik Аҧсны
2024-12-21T16:21+0300
2024-12-21T16:21+0300
2024-12-21T16:21+0300
аԥсны
афотосахьақәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0c/15/1053221329_0:542:2047:1693_1920x0_80_0_0_42ac024bff670ac96900fe2ec6fc9112.jpg
Амандарина аазрыхуа атәылақәа рхыԥхьаӡараҿы Аԥсны иаарыху акыр ахә ҳаракуп уи иамоу ахаҭабзиаразы. Амандарина агьама иҿыҵәҵәы-ҿыхаауп, афҩы лаҳа-лаҳауеит. Раԥхьа иҿалоит цәыббра анҵәамҭа жьҭаара алагамҭазы. Уи аҭаара иалагоит ҭагалан иагьхыркәшахоит аӡын (ԥхынҷкәын мзазы). Аԥсуа мандарина егьырҭ ирылукаауеит аԥшрала, уи ишыԥсабаратәу инхоит, еиуеиԥшым ахәшәқәа ахьыршьуам. Амандаринақәа ауаҩы игәабзиара иазеиӷьуп, еиуеиԥшым авитаминқәа алоуп.Назаровы рҭаацәара Гагра инхоит, дара рцитрустә баҳчаҿы аус еилашоит, амандарина аҭаара иаҿуп. Аҽаҩрагьы бзиоуп, аахәаҩцәагьы азҵаауеит рҳәоит дара.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0c/15/1053221329_0:350:2047:1885_1920x0_80_0_0_064abe95f1854ccef38d9336ab955d0d.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
фото, афотосахьақәа, аԥсны
фото, афотосахьақәа, аԥсны
Ихаау "ахьы": Гагра амандарина шырҭаара
Амандарина аазрыхуа атәылақәа рхыԥхьаӡараҿы Аԥсны иаарыху акыр ахә ҳаракуп уи иамоу ахаҭабзиаразы. Амандарина агьама иҿыҵәҵәы-ҿыхаауп, афҩы лаҳа-лаҳауеит. Раԥхьа иҿалоит цәыббра анҵәамҭа жьҭаара алагамҭазы. Уи аҭаара иалагоит ҭагалан иагьхыркәшахоит аӡын (ԥхынҷкәын мзазы).
Аԥсуа мандарина егьырҭ ирылукаауеит аԥшрала, уи ишыԥсабаратәу инхоит, еиуеиԥшым ахәшәқәа ахьыршьуам. Амандаринақәа ауаҩы игәабзиара иазеиӷьуп, еиуеиԥшым авитаминқәа алоуп.
Назаровы рҭаацәара Гагра инхоит, дара рцитрустә баҳчаҿы аус еилашоит, амандарина аҭаара иаҿуп. Аҽаҩрагьы бзиоуп, аахәаҩцәагьы азҵаауеит рҳәоит дара.

Амандарина агьама иҿыҵәҵәы-ҿыхаауп, афҩы лаҳа-лаҳауеит.

Раԥхьа иҿалоит цәыббра анҵәамҭа жьҭаара алагамҭазы.

Амандарина аҭаара иалагоит ҭагалан иагьхыркәшахоит аӡын (ԥхынҷкәын мзазы).

Аԥсуа мандарина егьырҭ ирылукаауеит аԥшрала, уи ишыԥсабаратәу инхоит, еиуеиԥшым ахәшәқәа ахьыршьуам.

Амандаринақәа ауаҩы игәабзиара иазеиӷьуп, еиуеиԥшым авитаминқәа алоуп.

Асезон иалагазар Аԥсны Урыстәылаҟа 25 нызқь тонна амандарина дәықәнаҵахьеит.

Зынӡа Урыстәылаҟа 37 нызқь тонна амандарина нашьҭхоит ҳәа азгәаҭоуп, аиҳарак ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа ииагахоит.

Назаровы рҭаацәара Гагра инхоит, дара рцитрустә баҳчаҿы аус еилашоит, амандарина аҭаара иаҿуп.

Аҽаҩрагьы бзиоуп, аахәаҩцәагьы азҵаауеит рҳәоит дара.

Амандарина аарыхра аџьабаа ацуп, аха ифеидоуп.