Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Адгәыр Ҳаразиа идепутаттә кьымсра ихыхуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАдгур Харазия
Адгур Харазия - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.12.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 21 - Sputnik. Адгәыр Ҳаразиа идепутаттә кьымсра ихыхуп.
Аӡбамҭа рыдыркылеит Аҧсны Жәлар Реизара адепутатцәа еицҿакны изаамҭанытәим аилатәараҿы.
Абжьыҭара иалахәын 28-ҩык адепутатцәа.
Ԥхынҷкәын 19 рзы Апарламент аҿы иҟалаз ахысраан дшьын адепутат Вахтанг Гәаланӡиа, дхәын адепутат Кан Кәарҷиа.
Адгәыр Ҳаразиа иҟаиҵаз аумҭа Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 99 ахәҭа 2 апункт "е", ахәҭаҷ 29 ахәҭа 2 рыла иазԥхьагәаҭоу ацәгьоурақәа — гәҭакрала азеиԥшшәарҭаратә уаҩшьреи азеиԥшшәарҭаратә уаҩшьра аҽазышәареи ирыҵанакуеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0