Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны акультуратә афиша: Ашықәс ҿыци амандаринатә ӡынреи

© Sputnik / Томас ТхайцукНовогоднее настроение
Новогоднее настроение - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.12.2024
Анапаҵаҩра
Ҳазҭалаз амчыбжь беиоуп акультуратә хҭысқәа рыла – Аԥсны араионқәа зегьы рҿы имҩаԥгахоит аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа, ажьырныҳәа 3 рзы ихацыркхоит афестиваль "Амандарина".
Ԥхынҷкәын 30 инаркны ажьырныҳәа 5 рҟынӡа Аԥсны имҩаԥысраны иҟоу акультуратә усмҩаԥгатәқәа рафиша. Шәаԥхьа, шәыԥсшьарамшқәа заа шәрызхәыц.
Sputnik

Ашықәҿыцазтәи аусмҩаԥгатәқәа

Гагра
Ԥхынҷкәын 30 асааҭ 15:00 рзы Баӷрыԥсҭа ақыҭа имҩаԥысуеит анимациатә программа.
Гәдоуҭа
Ԥхынҷкәын 30 рзы Акультура ахан аҟны имҩаԥысуеит аныҳәатә концерт.
Афон ҿыц
Ажьырныҳәа 1 асааҭ 01:00 аԥсаӡ хадаҟны имҩаԥгахоит аныҳәатә концерт.
Аҟәа
Ԥхынҷкәын 30 асааҭ 15:00 рзы аԥсаӡ хадаҟны имҩаԥгахоит ашколхәыҷқәа рықәыргыламҭа.
Ажьырныҳәа 1 асааҭ 01:00 рзы — афеиерверк, адискотека "Аҵх нашана".
Ажьырныҳәа 2 инаркны 15 рҟынӡа асааҭ 19:00 рзы — Ахақәиҭра ашҭаҿы ашықәсҿыцазтәи афильмқәеи амультфильмқәеи дырбара.
Ажьырныҳәа 4 асааҭ 19:00 амузыкатә усмҩаԥгатә "Караоке".
Гәылрыԥшь
Ԥхынҷкәын 30 асааҭ 15:00 рзы аԥсаӡ хадаҿы — ахәыҷтәы концерт.
Новогоднее настроение - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.12.2024
Аԥсны
Аныҳәа ааигәахоит: аҟәатәи ашықәсҿыцазтәи агәалаҟазаара
Очамчыра
Ажьырныҳәа 1 асааҭ 00:30 рзы ақалақь агәаны — аныҳәатә дискотека.
Тҟәарчал
Ԥхынҷкәын 30 асааҭ 18:00 рзы Акультура ахан апарк аҟны иаадыртуеит аԥсаӡ, имҩаԥысуеит аконцерт, асалиут.
Ԥхынҷкәын 31 асааҭ 22:00-24:00 – адискотека.
Ажьырныҳәа 1 асааҭ 01:00 - 04:00 – адискотека, аныҟәарақәа.
Гал
Ԥхынҷкәын 31 асааҭ 18:00 - 24:00 – Леуан Ҭодуеи авокалтәи ахореографиатәи аконцерт, асалиут.

️Аԥсуа драматә театр

Ԥхынҷкәын 30 асааҭ 11:00, 13:00, ажьырныҳәа 2-5 асааҭ 12:00 рзы – ахәыҷтәы спектакль "Мириа", арежиссиор Ҭемыр Кәакәасқьыр.

Аԥснытәи аҿар ртеатр

Ԥхынҷкәын 30 асааҭ 12:00 – ахәыҷтәы спектакль "Акаҷбеира ахәшә" - Аҳәынҭфилармониа.

РУСДРАМ

Ԥхынҷкәын 30 асааҭ 12:00, 15:00, ажьырныҳәа 2, 3, 4, 5 асааҭ 12:00 рзы – ахәыҷтәы спектакль "Жәаҩа мза".
Ԥхынҷкәын 31 асааҭ 17:00 рзы – аспектакль "Оскар".
Ажьырныҳәа 2 асааҭ 19:00 – аспектакль "Евгени Онегин".
Ажьырныҳәа 3 асааҭ 19:00 – аспектакль "Примадонны".
Ажьырныҳәа 4 асааҭ 19:00 – аспектакль "Аклиникатә хҭыс".
Ажьырныҳәа 5 асааҭ 19:00 –аспектакль "Ацынҵәарах".

Амандарина афестиваль

Аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгахоит аҭыԥантәи аалыҵқәеи анапкымҭақәеи рџьармыкьа, сахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵа, амастер-классқәа уҳәа уб. иҵ.
Иахьымҩаԥысуа аҭыԥқәа: Аетнопарк "Аԥсны", аҟәатәи аплиаж Marnero, ацитрустә совонхара.
Ажәабжьқәа зегьы
0