Аԥсны Апарламент актәи аԥхьараҿы 2025 шықәсазтәи абиуџьет рыдыркылеит
16:00 30.12.2024 (ирҿыцуп: 19:00 30.12.2024)
© SputnikДокументы
© Sputnik
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 30 - Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент актәи аԥхьараҿы ирыдыркылеит 2025 шықәсазтәи абиуџьет.
Афинансқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо Владимир Делба адепутатцәа ирыдигалеит ихадоу ашәагазагақәа.
Аҳәынҭқарратә биуџьет ахашәалахәқәа рыла 17,35 миллиард мааҭ ҳәа ишьақәырӷәӷәан, ахарџьқәа рыла – 17,49 миллиард мааҭ ҳәа. Адефицит 132,5 миллион мааҭ ҟалоит. Адокумент инақәыршәаны, 2025 шықәсазы ареспубликатә биуџьет ахашәалахәы амҽхак 13,14 миллиард мааҭ, ахарџьқәа – 13,27 миллиард мааҭ инаӡоит.